Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәак ишашьҭоу изыршо: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара

© Foto / из архива Екатерины БебияЕкатерина Бебия
Екатерина Бебия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 20 рзы 65 шықәса лхыҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апорфессор Екатерина Бебиаԥҳа. Убри инамаданы ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьа иҳадигалоит аҵарауаҩ лыҿцәажәара.
– Мшыбзиақәа Екатерина Гьаргь иԥҳа!.. Иахьа бара ибирамшуп, аиубилеи ҳәаҵәҟьа узазымҳәозаргьы, уи иазааигәоуп!.. Бареи сареи рацәак ҳабжьаӡам қәрала, иуҳәар ҟалоит, абиԥарак ҳатәуп ҳәа, убри азы, шьҭарнахыс ҳаиҿцәажәараҿы, баб ихьӡ сымҳәаргьы, исанабыжьып сгәахәуеит!.. Сара ибзиан исгәалашәоит ҳарҭ ҳанқәыԥшқәаз алитературатә кружокқәеи асеминарқәеи ҳшеицрылахәыз, уимоу, бара исзаабышьҭхьеит сара сзы хәы змаӡам фотосахьак, Иван Константин-иԥаҬарба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла данахагылаз, Аҟәа имҩаԥгаз Аԥсны иҩуа аҿар зегьы злахәыз асеминар. Уаҟа раԥхьаӡа акәны ҳажәеинраалақәа ҳрыԥхьеит, ҳаргәаԥхеит, уи ашьҭахь, усҟан Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум ахантәаҩы Баграт Шьынқәба дахьтәазгьы ҳнаргеит. Уажәшьҭа иацу бара ибгәалабыршәар сҭахуп!..
– Бзиара збаша, ҳаҭыр ду зқәысҵо Анатоли Ианкәа-иԥа! Аиашазы, абас еиԥш иҟоу анҵамҭақәа рыла еиҳагьы ҳаизааигәахеит. Ари раԥхьатәиим. Уара сырҿиара иазкны имҩаԥугахьоу аҿцәажәарақәа, ақәгыларақәа, уи моу исзукхьоу ажәеинраала уҳәа рзы иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Сара даараӡа пату ақәсҵоит ажәа, еиҳаракгьы, ианахәҭоу, ианаамҭоу иҳәоу ажәа хатәра. Насгьы, даараӡа исгәаԥхоит, имырхьаацәакәа, аформалтә ҟазшьа амҭакәа, угәы аҟынтә иаауа азҵаарақәа рыла ҳахьеицәажәо. Иалухуа аиҿцәажәаратә форма акырӡа ауаҩы даанартуеит, иимҳәашагьы иҳәандаз ҳәа агәаҳәара инаҭоит. Ажәакала, узнеишьа рманшәалагоуп, мҩақәҵагоуп. Узҵаарахь схынҳәуазар, иҵабыргны уареи сареи, насгьы арҿиара знапы алаку усҟантәи аҿар раԥхьатәи ҳаиқәшәара ахьыҟалаз мшуп аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аҿар ҳзы асеминар анымҩаԥыргоз.Усҟан узыԥхьаз ажәеинраалақәа еизаз зегьы иднардырит апоет, ашәҟәыҩҩы агылара ушаҿыз. Иудкылан ирҳәаз ажәақәа зегьы урҵабыргит. Хаҭала сеигәырӷьоит ухатәран, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны уҵәатәы шьаҟаны уахьаҵагылоу. Зегьы ирыцкны, убаҩхатәра еиԥш ууаҩрагьы ахьҳараку. Ауаҩра зцым абаҩхатәрагьы, адипломгьы акгьы иаԥсам ҳәа сҳәалоит ирлас-ырласны. Рыуаҩрагь ҳаракын, рбаҩхатәрагьы убас усҟан 70-тәи ашықәсқәа рзы ҳара ҳаизызгаз раԥхьа идыргылоз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Кумф Ломиа, Владимир Ҵнариа уҳәа сара усҟан ауп раԥхьа лабҿаба ианызбаз. Исгәалашәоит, усҟан шаҟа иҳаигәырӷьаны ажәа ԥхақәа ҳарҳәаз арҭ ахатәрақәа. Ари асеминар аҟынтә афотосахьақәа маҷымкәа исымоуп, иреиӷьу архивтә ҭыхымҭақәангьы срыхәаԥшуеит.
Екатерина Бебиа презентовала книги о жертвах политических репрессий - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Аԥсны
Гәнаҳала иҳацәдырӡыз ауаа абаҟа рыззыргылаз: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара - I ахәҭа
– Сара ибзиан исгәалашәоит шәара гәыԥҩык астудентцәа М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟынтәи Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь шәшиаргаз. Шәеилазаараҿы шәыҟан, сгәы самжьозар, Гарри Дбари, Зураб Аргәыни, бареи. Усҟан ҳара актәи акурсаҿ аҵара зҵозгьы ҳаашәыҵашьыцит, аха ҳарҭ ҳацәхәыҷқәан қәрала, ԥышәала, убри азы ҳҽааиқәаҳкит!.. Насгьы, Қарҭ аҵаразы ацарагьы агәаӷьра аҭахын, усҟан иалагахьан ҩнуҵҟалатәи аиҿыхарақәа, Аԥсны еиҳа иаԥшәымоу, раԥхьа ари адгьыл иқәнагалаз, иаборигенцәоу ҳауа изусҭцәада ҳәа!.. Аԥшәма дызусҭаз дара ибзиаҵәҟьан ирдыруан, аха аҵәыршы ҳаларҵон… Екатерина, урҭ ашықәсқәа ирыцыз ауадаҩрақәа маҷк бырзааҭгылар сҭахуп, избанзар, иахьатәи ҳҿар уи зегьы ззымдыруа рацәаҩуп…
– Иҵабыргны, аибашьра аԥхьатәи ашықәсқәа рзы ақырҭцәеи аԥсуааи ҳмилаҭтә еибарххарақәа даара ирацәан. Усҟан истудентцәаз ҳаргьы ҳажәлар ҳрылагылан иқәдыргылоз азҵаара хадақәа рынагӡараҿы ҳацхырааҩцәаны, ҳақәԥаҩцәаны. Акы ҳацәшәомызт, акы ҳацәыԥхашьомызт, ҳажәлар рҭахрақәа ҳхы рықәаҳҵон. Арҵаҩратә институт астудентцәеи аԥсуа милаҭ иреиуаз арҵаҩратә еилазаареи рҿахәы ҳәо сара сықәгылахьан Едуард Шеварднаӡе иҿаҧхьа, жәлар реизарақәа рҿы – Лыхнашҭа, Ԥақәашь, Аҟәа Ленин ихьӡ зхыу ашҭаҿ, аинститут азеиԥш нхарҭаҿ уб.иҵ. Аамҭаказ "астудентцәа зырбунтуа" роуп ҳәа Зинон Аҩӡбеи сареи аинститут ҳаҭцара азҵаарагьы ықәдыргылахьан, аха ус ишырҭахызгьы ҳгәыҵасра рылшомызт, аҵараҿы ҳҿырԥшыган, ажәеинраалақәа ҳаҩуан, исахьаркны ҳаԥхьон… Нас ауп азҵаара анықәгыла Қарҭҟа ҳаигара. Сара асиа сахьанырҵаз ақырҭуа арҵаҩцәагьы еигәырӷьеит, ргәы иаанагоз "абри аԥсуа студентцәа дрылгазар, нас иҭынчрахоит" ҳәа акәын. Аха усҟантәи аԥсуа студентцәа зегьы патриотцәан, схала аусакәхыз. Қарҭ еиҳагьы еицәан аԥсуаа ҳахь рзыҟазаашьа. Аха ҳара уахь ирышьҭыз аполитика ҳаламлакәа ҳхы ақәырԥсны аҵара ҳҵон. Иахьаҳԥырхгаз ыҟан, аха ҳаиааиуан ҳдыррала. Сара "адиплом ҟаԥшь рцәызгароуп ҳаӷацәа" ҳәа хықәкыс сҿаԥхьа иқәсыргылеит. Нас адиплом ҟаԥшь ансоу еиҳа имариахеит аспирантура аҭалара. Қарҭ ауп акандидаттә диссертациа ахьысыхьчаз. Уи ахьчараан аибашьра аҟынӡа ҳнеит. Изакәытә еибашьраз иҟаз ашаҳаҭцәа сымоуп: Борис Гәыргәлиа, Шоҭа Салаҟаиа, саб Гьаргь Бебиа (урҭ рдунеи рыԥсахгәышьеит), Валентин Кәаӷәаниа. Уи ҭоурых дууп, даҽазны сазыхынҳәып.
– Сара изласгәалашәо ала, Қарҭ аҵара балган банаа ауп анасыԥ баналала!.. Ахаан исхашҭуам акы: афилалогиатә факультет астудентцәа Аҳабла ҿыц аҿы бҩызцәеи бареи мчыла шәзҩналаз жәаф еихагыла иҟаз аҩны! Ҳара, Енвер Ажьибеи сареи, уи аҩны шәара шәыхьчараз адәахьала иакәшан игылаз аԥсуаа ҳашрылагылаз акараҳәа иааҳаршеит!.. Убри ахҭыс иахьауажәраанӡагьы ибасымҳәаӡацт, аха анцәа иҟынтә ашаҳаҭ дыҟоуп!..
– Аҵарақәа ҳрылган ҳааит, аха ҳахьынхоз ахыбра ҳамамызт, анхара акәым, ҳахьҽҭаҳаҩуаз ҳамазма? Ақырҭцәа руадақәа қьырала ҳрыҩнан аԥсуаа шамахамзар зегьы. Убысҟан иҳаӡбеит ақырҭцәа зыргылара иаҿыз аҩны мчыла инаҳкыларц. Ома ҳгәыӷьит, ҳҭаркыр ауан, закәанс иҟаз зегьы еилаҳгеит. Аха ҳақәԥахаҭеит, ҳариааит, аҩны рцәаҳгеит, избанзар, уареи Енвери реиԥш, аԥсуаа ҳахьчаразы шәгылеит. Ҳанеидгыла, ақырҭцәа ҳацәшәеит, даргьы закуанда идыргылозаарын. Уи рцәаҳгеит, аха ирыдыркылеит даҽа қәҵарак – шықәсык ала аҩнқәа ҩба рыргылара. Уазхәыц, шаҟаҩы аанагоз урҭ рыҩбагьы дыргылар? Аха урҭ дыргылаанӡа аибашьра ҟалеит. Ус шаҟа рыла ргәахәтәы иахьымӡазеи? Акәты ашьыга ашьаԥхыц иҵнахуеит ҳәа "ршьыга" рнапала иҟарҵеит, даргьы ықәнагеит. Ус акәымкәа, аибашьра ҟарымҵазҭгьы, уажәшьҭа Аԥсны ишырҭахыз рнапаҿы иҟазаауан, иаҳхыҵәахьазаарын. Аха анцәа дҳаман абраҟа, иҭахаз роуп акәымзар, Аԥсны мыцқьахеи?! Ах, шаҟа пату ҳзақәымзеи иахьа Аԥсны иамоу ахақәиҭреи ахьыҧшымреи. Шаҟаҩы ршьацқьала иҿыхузеи Аԥсны! Џьанаҭ гыларҭас ирауааит, ҳара ҳаибаҭаххартә, ҳаидгылартә амч-алша, аддырра, агәаҭа ҩаԥхьа анцәа иҳаиҭааит.
Екатерина Бебиа презентовала книги о жертвах политических репрессий - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2023
Аԥсны
Гәнаҳала иҳацәдырӡыз ауаа абаҟа рыззыргылаз: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара - II ахәҭа
– Сара Аԥсны даҽа ԥсуа журналистк дсыздырӡом бара баҟара шәҟәы бзиа ҭзыжьхьоу, аибашьраҿы ҳашьцәа аибашьцәа брывагыланы иҭыбхыз мацара абанаӡо… 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирызкны зҭыжьра баҿу ашәҟәқәа урҭ зынӡа хәы рымаӡам… Уажәы аҵыхәтәан иҭбыжьыз аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан Гәдауҭаҟа амца иалҵны ашьагәаӡа зыхьшны инеиуаз асалам шәҟәқәа еидызкыло ашәҟәы ахала аӡбахә уҳәозаргьы, ахаан хашҭшьа амоума, ԥсра зқәым баҟоуп… Урҭ абӷьыцқәа анеидыбкылоз сара иахьеиԥш исгәалашәоит, усҟан бареи сареи аибашьраан Аԥсуа радио аҿы Гәдоуҭа аус еицаауан…
– Иҵабыргуп иуҳәо, Анатоли! Аибашьраан Аԥсуа радио аҟны аус еицаҳуан. Уџьабаа рацәоуп. Анатоли Алҭеибеи уареи еицаԥышәҵоз ашәақәа мацара абанӡанеиуеи? Иахьеиԥш исгәалашәоит уара уажәақәа ирылху ашәаҿ: "Қеҭевани уитәу, Иосилиани уитәу, уи сара исыздырӡом…" ҳәа Анатоли Аԥсуа радио аредакциаҿ агитараҿ раԥхьа ари ашәа анынаигӡоз шаҟа ҳшанханы ҳшәыхәаԥшуаз, шаҟа ҳгәы иахәоз. Игәышьҭыхган иаԥуҵоз ажәеинраалақәа, игәышьҭыхган аефир иазурхиоз уажәа. Усҟан Аԥсуа радио иаиуаз анапылаҩыратә шәҟәқәа ирызку ашәҟы аҭыжьра адагьы, урҭ ирылхны афильмқәа хәба аԥысҵеит сынтәа. Ателеканал "Абаза-ТВ" ала ателехәаԥшцәа ирбеит. Абри ҳаицәажәара схы иархәан Руслан Мкан-иԥа Ҳашыг иҭабуп ҳәа иасҳәоит сдокументалтә фильмқәа ауаа рацәа ирбаратәы аҭагылазаашьа ахьсиҭаз. Зыӡбахә умоу ашәҟәы акәзар, схатә харџь ала иҭсыжьит. Знык-ҩынтә Аԥсны аиҳабыра рлымҳа иҭысшьит, снеит, сааит, Даур Наҷҟьебиа дсыцхраарц иҭахын, аха "сымч ақәхом" иҳәеит. Аӡәгьы гәыбӷан исҭом, аха, уара иудыруеит ашәҟәы аҩра шаҟа џьабаа ацу, уи азмырхакәа автор ихарџь ала аҭыжьра аниқәшәо, рыцҳарами, аха… 450 000 мааҭ ақәсхарџьит. Аха ашәҟәы бзиахеит, ауаа ирыдыркылеит иргәаԥханы. Иахьанӡагьы ажәа ԥхақәа рыла исыдырныҳәалоит, сырныҳәоит, исеихырхәоит. Уи зегьы сханаршҭуеит. Ажурналистцәа рконкурс ахь ирысҭеит ари ашәҟәы. Уи аҵакы еилызкаауа ажиури алахәылацәа шԥаҟамлари ҳәа сгәыӷуеит…
– Екатерина, сара бара бышәҟәқәа зегьыҵәҟьа сымамзар ҟалап аха, аԥсышәалагьы урысшәалагьы иҭбыжьхьоу рыбжеиҳарак сымоуп!.. Урҭ соуп зҳәо библиотекак абжа ыҟоуп!.. Иҟалап, иааҳаԥхьаӡаҵәҟьар, шаҟа шықәса бхыҵхьоу аҟара шәҟәы ҭбыжьхьазар!.. Уи насыԥуп, разҟуп, избанзар, бара бышәҟәқәеи бтельефильмқәеи ҳажәлар ирылиааит, ирдацуп ирԥашәуп, рфырхацәа зегьы аԥсуаа роуп!.. Уаҟа иуԥылоит аибашьҩы инаиркны, иахьаԥсуааз мацаразы иршьуаз аӡҟцәа рҟынӡа… Зҭоурых здырырц зҭаху зегьы рыҩнқәа ирыҩназар ауп урҭ ашәҟәқәа… Урҭ арӷәӷәоит, аҵла адацқәа ишдырӷәӷәо еиԥш…
– Иҭабуп, Анатоли, сышәҟәқәа абас иҳаракӡаны уахьрыхцәажәо. Сара агәра згоит, абыржәтәи аамҭазы иаҳаҩуа, рыцҳарала иҭҳажьуа ашәҟәқәа еиҳагьы рыхә аншьахо, ҳџьабаа анеилкаахо ҳара ҳаныҟам шакәу. Сара агәра згоит еиҵагыло абиԥара знымзар зны ишырҳәо: "Оума рылшеит!" ҳәа. Уи сара схазы мацара исҳәаӡом, зегьы ҳааидкылан арҿиара знапы алаку иҳазкуп. Ҳхы иагырха, ҳаԥсы иагырха, ҳаԥсы ҭкәқәаа аусура ҳаҿуп, арҿиара ҳаҿуп. Урҭ зегьы уаҵәтәи, уаҵәашьҭахьтәи амш иатәуп. Иахьагьы ҳаилызкаауа ауҟахым, аха уаҵәы еиҳа ауаҩы ибарҭахоит ҳалша, акалам зку зегьы ҳалша, избанзар, ианҵоу ауп иаанхо, егьырҭ зегьы адунеи аҟны имҩасуеит. Ианҵоу – зыԥсы ҭоу баҟоуп!
Абыржәы, уареи сареи ҳанеицәажәо амш азы аредактор Гәында Аӡынҧҳа илысҭеит анаҩстәи, 52-тәи сышәҟәы аза снапҩымҭа. Ирызкуп аибашьраҿы иҭахаз аишьцәа Зураби Анзори Ҭраԥшьааи урҭ ран Бабусиа Чамагәуеи. Убри аҟара игәыхьуп абри ашәҟәы, аҩра саҿнаҵы сгәы аангылар ҳәа сшәон. Зураби Анзори ирыҩуаз ажәеинраалақәа, ажәаԥҟақәа, насгьы рфырхаҵара рҭынхеит, уаҳа акгьы. Бабусиа урҭ абыда илааӡеит. Аҩныргылара иаҿын, ишаалгалак аҭаацәара алалара ргәы иҭан. Аҩны ргылан ианаалга аибашьра ҟалеит. Иахьа урҭ рыҩны қьаԥҭаха Аҷандара игылоуп. Сгәы алабжыш ҭаԥсоит урҭ рҭоурых анаасгәалашәалак. Аишьцәа ирызкны ашәҟәы зҩырц аҳәара сызҭаз абрыла раҳәшьцәа Саидеи, Аидеи, Иринеи Ҭраԥшьаа роуп. Рашьцәеи дареи еибамбаӡацызт. Еибамбаӡакәа имҩасит, аха рашьцәа рыхьӡ анаӡаӡатәра рҭаххеит, дара рхарџь ала иҭрыжьуеит изҩыз ашәҟәы. Ари шаҟа ауаҩра аҵоузеи? Убас акьыԥхь азырхиара саҿуп ашықәс еиқәаҵәақәа ирызку ахԥатәи сышәҟәы. Ари атом еиднакылоит: Ԥақәашь,Ҷлоу, Аҭара, Абгархықә, Оҭҳара, Калдахәара,Бзыԥҭа ақыҭақәа ирылган идырӡыз ауаа рҭоурыхқәа. Уигьы гәыхьуп, агәыхь зласмыхьыц џьасшьоит.
Презентация новой книги Екатерины Бебиа Письма, написанные кровью прошла в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Шьала иҩу асаламшәҟәқәа" аӡыргара мҩаԥысит
-Екатерина, бара Аԥсны мацара акәымкәа анҭыҵгьы еицырдыруа ҵарауаҩуп, профессоруп, журналиступ, шәҟәыҩҩуп, ибымоуп бхатә студиа, адунеиаҿы бныҟәахьеит ирацәаны, иббахьоу ибаҳахьоу даара ирацәоуп… Бгәы иҵхоит ҳаԥсадгьылаҿ ҳажәлар рхыԥхьаӡара амаҷра, рбызшәа ахьысҳара, иааҳакәыршан адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа бааԥсқәа быжәлар рцәыхьчазар бҭахуп… Бгәы ишԥаанагои, ҳара аԥхныгеиԥш ҳзеилаҵәар, ҳаихӡыӡаар, ҳаилибакаар, ҳаибахьчар, ҳагхақәа еицҳарҽеир, ҳаԥсқәа цәгьамхар, уаҵәы игыло аҿар ҳрызхәыцыр, убриак ами ҳаиқәзырхо, мҩас иҟоу…
– Абзиара ззыҟалаша, Анатоли! Иуҳәо зегьы ахьы иаҩызами. Ҳара ҳаидымгылар ада ԥсыхәа ҳамаӡам, уи еилкаау усуп! Ҳбызшәагьы ҳара иаҳмыхьчар, аӡәгьы иаҳзихьчаӡом. Аха убарҭ зегь раасҭа исзышьҭымхуа апату ахьаҳзеиқәымҵо ауп. Аиаша уасҳәап, даара игәкылҵәагоуп Аԥсны иаахагылалак изы раҳәақәа ҭԥааны иахьиҿагыло, даацәажәар рымуа иааҟәымҵӡакәа аҳәынҵәа ахьиқәырҭәо. Ус иҟан, сара сызхаану Борис Адлеиба инаиркны иахьа уажәраанӡа. Арахь дара Аԥсны иреиӷьу ҳҵеицәа роуп. Аԥсны ахада имацара ауиакәху, иара ицу игәыԥ инадыркны, зегьы рцәа рхырхуеит. Ус ҟалома? Ааигәа аминистрцәа руаӡәк иҿы сыҟан, имӡакәа иҳәеит: "Саамҭа нҵәаны Аԥсны салҵны сцандаз ҳәа сыҟоуп" ҳәа. Иреиӷьу ҳҵеицәа аус даҳмырур, Аԥсны иалҵны ицар, анҭыҵ иҟоу ааҳамгар, иара усгьы ҳмаҷуп, зынӡа ҳаныӡаауеит. Аидгылара, аибачҳара, аихаҵгылара, агәцаркра, аицхыраара ҳзыҟамҵар, ҳмилаҭ рыцҳахоит, зегьы ҳцәыӡуеит. Иара усгьы аибашьрақәа рхықәаҿ ҳгылоуп… Аԥсуаа дара-дара анеицәҳауа ҳдақәа ҳалыԥсаауеит, ҳашьуеит… Аха аҟәыӷара, ахачҳара, аԥсуара аиааира ргоит ҳәа сақәгыӷуеит. Уи адагьы сара сгәы ҭызго ҳҿар роуп. Астудентцәа срылагылоуп 43 шықәса. Есымшагьы аҿар бзиа ҳаман, аха абыржәтәи аҿар даҽа аамҭанык иузадкылом. Аҟәыӷақәа, аԥшӡақәа, аилыххақәа ҳәа сҳәалоит ирлас-ырлас. Убарҭ рыгәцаракра, ирзымдыруа дырҵара, рааигәа агылара сара сышәҟәҩра иавасыргылоит. Аҿар, еиҳарак еиҵагыло ажурналистцәа сара даара сгәы ҭыргоит, сгәы рызҭоуп, сышықәсқәа ирыцырҵоит. Рааигәа аҟзаара – разҟуп сара сзы!
- Сара хаҭала, иахьатәи ҳаиҿцәажәара даара агәахәара снаҭеит, сархәыцит, сыгәгьы арыӷәӷәеит… Анкьа аԥсуаа анхара ианалагоз, аҩны ааигәа иеиҭарҳауан иандухалак иӷәӷәахоз аҵлақәа; ахьаца, амжәа, аҵәаҵла… Урҭ ашәшьырагьы ҟарҵон, аԥшаӷьгьы ааныркылон… Саргьы убас сызхәаԥшуа ауаа ҟәышқәа, ауаа ӷәӷәақәа, зымҽхак ҭбаау, зажәа акралнадоу, ианаҭаххогьы ацәқәырԥа иаҿало, аҵеира зааӡо, ашәҭ еиҭазҳауа, ауаҩ иуаҩра аԥхьа изыргыло, збызшәа зхы ақәызҵо, аҵх ашара иааимнахаанӡа зыжәлар рӡыргараз ажәак ишашьҭо изыршо, аха, урҭ раҟара насыԥ змоу аӡәгьы дшыҟам анудыруа, уанырзааигәоу, ршьап џьара икыдҟьар ҳәа уаншәо, убри - баша имыӡыз ԥсҭазаароуп!..
- Иҭабуп, сҩыза бзиа Анатоли, иҭабуп, аамҭа ԥшааны, абри даԥсоуп, лажәа ажәлар ираҳандаз ҳәа агәцаракра ахьысзыҟауҵо. Ианҵоу ажәа иацназго акы ыҟам ҳәа сахәаԥшуеит. Уи иаҳҭынхо ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0