Гәнаҳала иҳацәдырӡыз ауаа абаҟа рыззыргылаз: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара - II ахәҭа
© Foto / предоставила Екатерина Бебиа Екатерина Бебиа презентовала книги о жертвах политических репрессий
© Foto / предоставила Екатерина Бебиа
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ианиҵаз ажурналист, апоет, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара иацаҳҵоит. Ишәыдаагалоит аинтервиу аҩбатәи ахәҭа.
Sputnik
... Харада ахара зду рыхьӡқәа наӡаӡазтәуа аҩбатәи ашәҟәы акьыԥхь ахь ианназга, иит абас еиԥш иҟаз ажәеинраала:
Быжь-қыҭак рҵеицәа шәҟәык иҭагӡоуп,
Шәҟәык еиднакылаз быжь-ныхак.
Ах, урҭ рымҩа акырӡа ихьанҭоуп,
Ауаз ажәа ацуп иагәыҵак.
Аҭоурых мца ашьҭа араҟа ишьҭаҵоуп,
Шаҟаҩы рынасыԥ шьаҽузеи?
Аԥсҭазаара арахәыцқәа араҟа иԥыҵәҵәоуп,
Шаҟаҩы харада ишьузеи?
Еҳ, ираби, ирхаразеи, ҳажәлар нырҵәоуп,
Иреиӷьыз иреиӷьӡақәаз ракәын.
Акызаҵәык, рыхьӡқәа абраҟа еиқәырхоуп,
Абиԥара еимырдар – иҳақын!
Ишыжәдыруа еиԥш, аҩбатәи ашәҟәы зызку роуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Очамчыра араион ақыҭақәа Тамшь, Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада иалган идырӡыз, иршьыз, ихырҵаз. Арҭ абжьқыҭак рҟынтәи арепрессиа зызуз рхыԥхьаӡара наӡоит 194-ҩык. Иааизакны арҭ аҩшәҟәык рҟны ирзааҭгылоуп харада ахара зыдҵаз 381 аӡәҩык рыԥсҭазаарақәа. Урҭ рҟынтә изыхнымҳәӡеит 274-ҩык.
Арҭ ахаҿсахьақәа рыциит сара сыстудентцәа-ажурналистцәа, избанзар уаха зыӡбахә ақьаад ахь зыхьӡ иназгоз рҭоурых адырҩаҽны алекциаҿы ирзеиҭасҳәон… Убас маҷ-маҷ урҭ аҿар рҿаԥхьа рыԥсы ҭалон аамҭа иаҵәахны иамаз ахаҿсахьақәа. Иҵабыргны, арҭ ашәҟәқәа рҟны ицәыргоу ахаҿсахьақәа рыцзаауеит ҿыц игылоу абиԥарақәа. Усҟан 40 шықәса раԥхьа ари аполитикатә репрессиа атема напы анасыркуазгьы исыдгылан сыстудентцәа, архив аҟны напыла исыцхырҩылаауан адокументқәа. Иахьагьы аҿар исырҭоит адоуҳамч ари аусԥшьа анагӡараҿы. Зегьы ирыцкны арҭ ари атема рыдыркылоит рхы-ргәаҿы инаганы. Еиҵаҳааӡо астудентцәа акырӡа исзааигәоуп, сааигәа иҟоуп, сус сгәы азҭарҵоит, исҿырҵаауеит, иагьеиҭарҳәоит сара есымша исҳәо ажәақәа: "Ианҵоу ыӡӡом, зыԥсы ҭоу баҟоуп".
— Ашықәс еиқәаҵәақәа раан ҳажәлар ирхыргаз аиашаҵәҟьа бара документла ишьҭыхны ҳаԥхьа иқәыбҵеит. Ҳара ҳҭоурых аҿы урҭ ашықәсқәа ирылацәажәахьеит, аха абасҵәҟьа инарҭбааны хәыц-хәыц макьана аӡәгьы ҳнапы иааганы иаимыркыцт. Ус анакәха, абри ашәҟәы ашьҭра инықәланы, асценари бзиа алхны, иҩтәӡами адрама атеатр азы, иҭыхтәӡами ателефильм, егьа агаргьы?.. Ҳара аԥсуаа ари аҩыза ахьаа ӷәӷәа ахаан иаҳхымԥсаароуп, иаҳхаҳмышҭыроуп, мамзар, уаҵәы игыло ҳҿар рзы итәымхоит. Ааи, итәым хьаахоит, агәхашҭра ацәқәырԥақәа идырхәашоит… Баргьы бхы шьҭымхӡакәа абри аҟара џьабаа дуӡӡа зыббаз убри азами, даҽазнык убри ашәарҭара ҳажәлар рааигәа имааирц… Убри мацарагьы азхаӡом… Сгәанала, ашәҟәы аҟынтәи ҳажәлар агәаҟра бааԥс ирхыргаз аҭыԥқәа ӷәӷәаны иахьҳәоу алхны, ҳашколқәа рҟны ҳҭоурыхтә рҵагатә шәҟәқәа ирынҵатәуп, маҷк аҟара "иарбылтәуп" ҳхәыҷқәа, уи аԥхьаҟа ирмыхәозар, ирԥырхагаӡам… Амала, бара автортә зин рыбҭар… Быхьӡ арбаны, атекстқәа бара ишыбтәу рынҵаны… Убри инаԥшьны, ҳаԥсуа телехәаԥшрақәа аҩбагьы рҿы мчыбжьык, ма ҩымчыбжьа рахьтә знык, ашәҟәы аҟынтәи атекстқәа аалхны ирыԥхьалатәуп, ҳҭоурых ҳажәлар рҿы инагалатәуп… Ихиоуп, имазеиуп, ахархәашьа ҳақәшәар…
— Лхаа идырӡыз ирызку ашәҟәы аԥхьажәа зҩыз Иакуб Лакоба иқәгыларақәа руак аҟны иҳәахьан арҭ ахҭысқәа ирызкны афильмқәа аԥҵатәуп ҳәа. Сара агәра згоит иахьакәымзаргьы, уаҵәы ус еиԥш ишыҟало. Арҭ ашәҟәқәа иргәылаҵәаху ахҭысқәа аҵабырг иахылҿиааит, егьа афантазиа змоу ашәҟәыҩҩы изыӡбом, усҟантәи аамҭазы иҟалоз ахҭыс бааԥсқәа закәыз. Убарҭ ахҭысқәа аҭоурых аҿы инхарц, имыӡырц азы ауп саргьы ас еиԥш иҟаз ашәҟәқәа рыҩра, рҭыжьра хықәкыс изышьҭысхыз. Аха зны-зынла анаукатәи апублицистикатәи ажәа сызхомызт, сгәы ҭызшьаауаз ахҭысқәа ақьаад аҟны рнагаразы. Исызцәырҵуаз сцәаныррақәа анхышхыҵәоз, ԥсеиқәырхагас исымаз апоезиа акәын. Урҭ руак абас иҟоуп:
Аишәа чысаҿ, ацәгәа, абзиаҿ.
Иҟан иркуаз ныҳәаҿак.
Агәаҟцәа ныҳәаз, рыԥсаҭа бзиаз,
Ражәа иалан иантәалак.
Ирҳәон уи, рыбжьы ныҵак,
Рыбжьы ныҵак зегьы ирмаҳартә.
Раҵәца ларҟәны наҟ инцәыҵак,
Инхырҭәалон уаҩы имбартә.
Агәаҟцәа ныҳәаз, ҳлымҳа иҭаҩуан,
Агәаҟцәа зусҭцәаз ҳазҵаауан.
– Шәра ишәусым, шәрыламцәажәан!
Уи иаҭакны иҳаҳауан.
Ашықәсқәа цон еишьҭала,
Агәаҟцәа рныҳәаҿа еиқәтәон.
Уи ԥсаххон даҽакала,
Агәаҟ иуаз ара иҿахҵәон.
– Ҳаҵәахуазаап аԥсабара,
Ҳуаз аныӡаауеит адәы.
Ҳзыхдырҟьада, ҳажәа зҳәада?
Слымҳа иҭаҩуан ргәынқьыбжьы.
Амҩа сықәлеит, рышьҭа схыларц,
Иӡхьоу ршьамҩа сыԥшаауан.
Ақәыԥсычҳабжь сгәы ааннакылартә,
Иааҟәымҵӡакәа исаҳауан.
Шьеи, лабжыши, иашеи, гәымхеи,
Еиларҩашьахеит ара.
Аҵарауаҩ, амалуаҩ, ахымхәеи,
Иаҿын, иаҿын рҭархара.
Аҵәаӷәа рхьыршьит, рыбла ҭырхит,
Рлымҳа ҿырҵәеит ҳаӷеиҭа.
Ауа-аҭынха ражәа рҿырхит,
Рыбз хҵәоушәа иԥхьаӡа.
Оо, ҳаӷеимшхара ианхалаз,
Хара здымыз ндырҵәаӡеит.
Аԥсуа ида Аԥсны инхарцаз,
Раҳәа ццышәқәа ара ирҟьаӡеит.
Ҳҵеицәа рыцҳа ршьа анпыҟҟала,
Ҳадгьыл иқәыԥсоуп рҟәых.
Урҭ ихарадаз хьыӡҳәала,
Рыхьӡ анхалап аҭоурых.
Исабаԥуп ҳшьапы ҳнықәгыл,
Иаҳгәалаҳаршәап индырҵәаз.
Иҳақ усуп ҳҽынеидкылан,
Иаҳҳәагәышьап агәаҟцәа руаз.
— Усҟантәи Асовет Еидгыла ареспубликақәа зегьы рҿы иҟан ари арыцҳара, ажәлар рықәгара, рырӡра, аха уи апроцесс акырџьара иԥсыҽын, уалбагас акәын ишымҩаԥыргоз. Амцаҵәҟьа ахьакуаз ҳара ҳҿы Аԥсны акәын… Ара Сталини Бериеи хықәкы хадас ирыман "Аԥсуа ида Аԥсны" аҟазаара, ажәлар атыҟә аҟынӡа рнагара, иреиӷьӡаз, ҵарак змаз, акыр злыҵраны иҟаз зегьы раԥыхра, рнырҵәара, рхәыҷқәа шыҿааҿаауаз рыҩнқәа ирдәылган иргон… Избанзар, иҭаркран иҟаз рхыԥхьаӡара нарыгӡар акәын, нас уаҳа ахаан изымҿио, аӡәык-ҩыџьак аанхаргьы, иқәыргоз рҭыԥ аҿы индырхоз ақырҭуа милаҭ ирылаӡыртә, рхы изымҩахартә, рбызшәа рхашҭыртә… Уиҵәҟьа иалымҵгәышьеит, аха шаҟа иаҳныԥши, шаҟа ирцәыцәгьахеи уинахыс ҳажәлар ашьапақәгылара?.. Урҭ ирзынамыгӡаз нас Шеварднаӡегьы далагеит, убраҟагьы закәытә ҵеироузеи иҳацәҭадырхаз, ахаан ҳгәы иҭнымҵәо, ҳалаԥш ихымҵуа… Зегьакоуп, аԥсуа итәы иагеит, наҟ-наҟгьы иагоит, аха убарҭ атрагедиақәа зегьы ҳажәлар иҵегьы идырхәыцрами, идырҟәышрами, шьаҿак аныҟарҵо убри иазхәыцрами?..
— Ашьа ахала аҽадыруеит ҳәа рҳәоит аԥсуаа. Усҟан 30-40-тәи ашықәсқәа рзы ирӡыз ауааԥсыра рҭынхацәа, рыхшара, егьа ауадаҩрақәа рхыргазаргьы рхы еиқәдырхеит, иаиааит агәырҩа, ахьаа, ирзааргоз аларҟәра, амчыдара, арыцҳара… Иаиааит, избан акәзар иуаа ӷәӷәақәан рабацәа, ршьа-рда цқьан, рдунеи цқьан… Изҭиуаз роуп аԥсҭазаара иаҵахаз, шьаҭанкыла иқәнагаз, забиԥарақәа мыҿиаз… Уи лабҿаба иарҵабыргит 40 шықәсатәи ҳаҭҵаарақәа. Аӡәырҩы рҟынтәи иҳаҳаит, лабҿаба иаҳбеит – идырӡуаз рҭаацәарақәа шеиҵыҵыз, изырӡуаз рыҩнаҭақәа шқьаԥҭахаз.
Сышәҟәқәа цәаҳәа ҟаԥшьны иргәылсуеит – ацәгьа ҟазҵаз ацәгьара шизыԥшу, хара здымыз ишьаҽра шзалымшо. Ари ахшыҩҵак зырҵабыргуа, иагьышьақәзырӷәӷәо ауп иахьа Аԥсны иреиӷьу абиԥара рхыԥхьаӡараҿы иахьыҟалаз забацәа дырӡыз ауаа: Лыхны ала ҳалагозар, ҳашәҟәы ацәа асахьа ҭызхыз Баҭал Џьапуа, иан, арҵаҩ нага Арда Махаз-иԥҳа Лакоба, аҵарауаа Еммеи Артури Аншбақәа, аҵарауаа Владимир Арушьан-иԥа Касланӡиа, Раисеи, Гьаргьи Гәыблиаа, Галина Черқьезиа, Татиана Еснат-иԥҳа Канџьариа, Владимир Антипа-иԥа Ԥлиа, Лиудмила Аргәын, Алықьса Чычба, Леила Николаи-иԥҳа Ачба, Нелли Ҭарба, ашәҟәҭыҵра иахьымӡаз, аха аматериал аизгараҿы зџьабаа сыду, заб дҭакыз Оҭар Лакрба, убас ирацәаҩны. Рыхьӡ сҳәоит аҵыхәтәантәи ашәҟәаҿы згәалашәарақәа алагалоу, аха ашәҟәы ҭыҵаанӡа ааигәаӡа зыԥсҭазаара иалҵыз Руслан Иасон-иԥа Арӡынба, Виачеслав Арӡынба, Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба.
Идырӡуаз рмаҭацәа — иахьа ҳаԥсҭазаара иагәыцә хадақәоу роуп, ихьӡырҳәагақәоу роуп! Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадри Гәынба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Кама Гогьиа, Аԥсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба, арежиссиор Мадина Аргәын (уи лабду иашьа дырӡын), ҳҵарауаа ргәыцә Арда Ашәба, ҳаԥсуа культуратә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа иалагылоу Ельвира Арсалиа, Аԥсуа тележурналистика ахыҵхырҭаҿы игылаз ируаӡәку Руслан Гәыблиа, урҭ рабиԥара иатәу аминистрцәа реилазаара аппарат аиҳабы Давид Сангәлиа, Жәлар Реизара иадепутатыз Леонид Чамагәуа, ажурналист Мадина Ҳагба, архитектор Мирон Ҳагба, апоет Енвер Ажьиба, аҩыҟаҵаҩ ду Ника Ачба, акәашаҩ ҟаза Вахтанг Возба, Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр иарежиссиорцәоу Валерии Адгәыри Қаҩаа, Лев Нурбеи-иԥа Шамба, Ҭамара Аҩӡба, Алексеи Ломиа, Арзамеҭ Ҭарба, Фазлыбеи Аҩӡба, Диана Ахба, иара ҳаиԥылара аиҿкаара ахыҵхырҭаҿы игылоу Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
— Екатерина, бара аџьабаа дуӡӡа адыббалеит абри ашәҟәы, аха даарагьы ибзианы иҭбыжьит!.. Абри аҟара ахарџь зқәырӡу ашәҟәы ҳмилаҭ зегьы ирызхартә аҭыжьра цәгьагәышьоуп, аха аинтернет ианҭарҵалак, уантәи иаԥхьо рацәаҩхашт… Егьа ус иҟазаргьы, ԥсыуа қыҭацыԥхьаӡа, раионцыԥхьаӡа, ашколқәа рҿы, акультуратә ханқәа рҿы, ауаа рнапы ахьнеиша иҟалозар акәхап… Уи аҳәынҭқарразы рацәак итәаӡом, иадгылартә иҟоуп… Уи зегьы зхысҳәаауа, иазҵаауа рацәаҩуп, изҭаху зегьы ирыхьӡартә атираж ыҟоума, ашәҟәыҭирҭақәа зегьы рҿы инаргахьоума, мамзаргьы ахыԥхьаӡара ацҵара азҵаара ықәгылоу?
— Аҩшәҟәыкгьы атираж 500-500 цыра ыҟоуп. Излаҭыжьу ақьаад иреиӷьу ауп. Ашәҟәқәа рыҩбагьы ԥштәы рацәала еиқәыршәоуп. Аиқәыршәашьа, аиҿкаашьа аҟынгьы акгьы агхар сҭахымызт. Исазҳәаз ыҟоуп аԥштәы рацәа ҟамҵакәа иҭбыжьыр еиҳа ахә маҷхоит ҳәа. Аха сара аҭакс ирысҭеит: "Арҭ зызку ҳҵеицәа иреиӷьыз ракәын, рдунеи ԥштәыдан иҟарҵеит, идырлашьцеит, ианамуӡах рыхьӡ наӡаӡазтәуа ашәҟәқәа рҟны аԥштәы рацәа рыцзааит, ашәҟәы лашазааит, егьа ҳцәагаргьы" ҳәа. Сџьабаа, саамҭа, сгәабзиара инарҷыдангьы арҭ ашәҟәқәа ирыхҭынҵоуп сара хаҭалатәи сыҟәрышьгьы. Ари ҳақ усуп, шәынтә инеиҳаны гәабзиарала сҭаацәа ишрыцло здыруеит, саргьы ажәала ҳәашьа змам доуҳамчк сыланаҵоит.
Аха абраҟа ихьӡ сҳәарц ахәҭоуп – сашьа Леонид Гьаргь-иԥа Бебиа, схатә ҟәрышь аласҵартә еиԥш аҭагылазаашьа сызҭаз, ибизнестә усура ахәҭак аҟны сҭаацәеи сареи ҳназгаз. Ҳарҭ аинтеллигенциатә ҭаацәара ҳуалафахәы хәыҷқәа инархыҳәҳәан даҽа аагарҭак анҳау, иазыҳаԥхьаӡеит адоуҳа аизырҳарахь иҳашьҭырц, еиҳа иҳаракыроуп, еиҳа иҳашьашәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Ишәымбои, араҟагьы анцәеи ауааи ҳацхрааит. Арҿиаҩы ихныҟәгара инахыҳәҳәан ԥарак иоур, хымԥада ирҿиара ахь ишьҭуеит, избанзар ирҿиара, иҭҵаара еиҳау акы ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡаӡом. Убарҭ среиуоуп саргьы, убас ихәыцуеит сҭаацәагьы.
Уи аума, сыԥшәма Ҭырқьба аибашьра ашьҭахь аибашьра атема санагацәа, дааҟәымҵӡакәа исеиҳәон: "Бебиаԥҳа, бызҿу зегьы бзиоуп, аха арепрессиа ашықәсқәа ирхаану ауаа уажәшьҭа иҟам, бархив ахь бхынҳәы, ари атема аус бара иадыбмулар, иахьахәҭоу аҳаракыраҿы инабымгар, уахь баннеиуа бнарышьҭӡом, аҳақ баҵамгылан!" ҳәа иҳәон акыршықәса. Саргьы амхылдыз сакызшәа аибашьра атема, ҳҵеицәа иҭахаз ирызку ашәҟәқәа, нас сдоктортә диссертациа, слекциақәа, афильмқәа уҳәа рҟәыҵшьа сақәшәомызт, сзыхынҳәуамызт ари атемахь. Аха 60 шықәса анысхыҵуаз сынҭагылан ҭоуба зуит арепрессиа атема ада даҽакы сшаламго ала. Хәышықәса ирҭагӡаны ҩ‑шәҟәык ҭсыжьит. Аус адулара саҿуп ахԥатәи. Еиқәсыршәахьеит Ԥақәашь, Ҷлоу, Аҭара ирылган идырӡыз ирызку ахқәа. Абыржәтәи аамҭазы аус адулара саҿуп Абӷархықә иалган идырӡыз рҭоурыхқәа. Аматериал зегьы сымоуп, акьыԥхь разырхиара ауп иаҭаху. Аха убри аан 40 шықәса раԥхьа еизызгахьаз зегьы даҽазнык сышьҭрақәлан еиҭагәасҭоит, еиҭаҭысҵаауеит, џьара ҩашьарак ҟамларц азы.
Узҵаара аҭак ҟаҵо, иаартны исҳәарц сҭахуп, ашәҟәқәа ҳамҭас ауаа рызшара шиашам. Ус азнеира ҳџьабаа аларҟәра ауп иаанаго. Адунеи аҟны зегьы рыхә рықәуп, ашәҟәы аума ахә зқәым?! Ауааԥсыра аҳаршьцылеит ԥарада ашәҟәқәа рыҭара, уи ала ҳџьабаагьы, ҳашәҟәқәагьы раҳаҭыр лаҳарҟәит. Ԥасагьы уажәгьы сара шамахамзар ашәҟәы аӡәгьы ҳамҭас исҭаӡом. Урҭ рыла сбеиахоит ҳәа акәым, аха зхатә ҟәрышь хәыҷы ахҭнызҵо еиҳа агәыбылра изацлоит иааихәаз ашәҟәы. Насгьы изҭахыҵәҟьоу роуп иаазхәо. Аха убри аан ашәҟәқәа ӡыргатәуп, зыӡбахә ҳәоу ауаа рлымҳа аҟынӡа инагатәуп, иреилыркаатәуп рабшьҭра аҭоурых азы ари ашәҟәы иаҵанакуа. Сара сышәҟәқәа анҭыҵлак ашьҭахь мызкы-ҩымз рҟынӡа ауаажәларра рырдырразы аус зуеит иааиԥмырҟьаӡакәа, иаазхәогьы рсиа ҟасҵоит, иахьынӡаԥхьогьы сашьклаԥшуеит, ргәаанагарақәа сарҳәарцгьы срыҳәоит. Ашәҟәқәа шаархәои, урҭ рзы иҟарҵо акомментарии, ҭелла, салам шәҟәыла исарҳәои, арецензиақәа, астатиақәа ирыҩуеи рыла гәахәарыла исҳәарц сылшоит: ҳаилазаараҿы даара аҳаҭыр ду рықәуп ашәҟәқәа ҳәа.
Абиԥарала, жәла-жәлала, қыҭала, ҳаблала иаауеит сара сышҟа сышәҟәқәа раахәаразы. Иҟоуп ауаа изыԥсоу ахә инахыҳәҳәан инзыжьуа. Урҭ, шамахамзар, абас рҳәоит: "Сабду изқәаҭыԥ ахьыҟоугьы ҳаздыруам, ихьӡала сыкәмалк хырымҵаӡеит, шәҭыкгьы џьара ишьҭаҳамҵаӡеит… Ари ашәҟәы иагьиԥсхәроуп, ихьӡ наӡаӡазтәуа баҟоуп. Ҟәрышь хәыҷык ахьахҭнаҳҵо исабаԥуп…" ҳәа.
Иҟоуп ауаа зқыҭа ашколқәа рзы, ма абиблиотекақәа ираҳҭарц, мамзаргьы зымч ақәымхо ауаа рзы иаазхәо. Аа, абыржәы, ҩымш раԥхьа Саид Радион-иԥа Ҭаркьыл иқыҭа Дәрыԥшь абыргцәа нагақәа рзы иааихәеит ашәҟәқәа хәба, даҽа ҩба — Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ азы. Ауниверситет аректор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа 15 шәҟәы рыхә рхишәааит ауниверситет абиблиотекеи акафедрақәа русзуҩцәа гәыԥҩыки рзы. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ацхыраара сиҭеит аҭоурыхҭҵааҩцәа, нас анаукеи, акультуреи хәышҭаарақәа рҟны шәҟәык-шәҟәык рызназгарц азы. Аҷандара ақыҭа ахада Родик Ахба ихатә харџь ала жәа-шәҟәык аахәан, иқыҭа ишаны ириҭеит. Аџьаа, Ахаа, Қаҩаа, Ҭраԥшьаа, Ԥалауанӡиаа… Абас жәла-жәлала ахԥатәи абиԥара ааны, ашәҭқәа сыркны, снапы рӷәӷәаны инкылан, уаҩы игәы иахәаша ажәа ԥхақәа саҳәан ицоит. Уамашәа избоит аҿар иҟарҵо, ашәҟәқәа шрыдыркыло. Рабдуцәа рбазшәа, иргәыдырӷәӷәалан икны ауп сашҭа ишҭыҵуа. Ақәыԥшцәагьы, абыргцәа реиԥш, сырныҳәоит, сара сзы уи разҟ дууп… Иразҟуп иара убас зажәа ҿахырҵәаз ауаа руаз ажәа сызҳәазар, ирымбац рмаҭацәа исызраҳәазар рабдуцәа зеиԥшраз, рабдуцәа рҭоурых.
Абри исҳәо ахшыҩҵак иахылҿиааз жәеинраалак сымоуп:
Шәажәа сызҳәама, шәашәа сызҳәама,
Здунеи ҿахырҵәаз, изхырхыз зыԥсы?
Шәыдгьыл шәаҟәыган, атәымдгьыл шәагама,
Аԥшатлакә ахьықәу, аҵаа, асырҳәы?
Шәгәаҟра заҳада, шәгәыӷра зҵәахыда,
Шәыԥсымҭаз шәуасиаҭ адәышкәаӷьаз иагоу?
Шәыбаҩ ҭынхада, ишьҭыхны изгада,
Нышәнапык амаӡа баша икаԥсоу?
Шәыԥс рыцҳа хлаҳәада, игәеигәеиуа излада,
Иарбан кәакьҭоу аҽкыдкыл иахьтәоу?
Ацәымза азыркыда, сыкәмалк хызҵада,
Уи адунеиаҿгьы шәеиҭымны шәынхоу?
Ацәгьара збада, уи аанкылара зылшада,
Анцәа арыцҳара имбазшәа ҟаиҵоу?..
Оо, шаҟа гәнаҳажәла араҟа илазҵада,
Агәнаҳа ахылҿиаашт адгьыл еиҟәжәо.
Иҟан, иҟоуп ацқьақәа шәҳақгьы,
Ирықәшәеит шәа шәҳақ знапала шәҭархоу.
Аԥсҭазаара егьаџьара аҽкыдҟьо ицаргьы,
Ацәгьаршҩы ацәгьоуп илахь иазшоу.
— Даара иҭабуп ҳәа басҳәоит, Екатерина, ҳажәлар зегьы рхьаа атәы зҳәо бышәҟәы бзиаӡа азы!.. Ари баҟоуп, ари ус баша иаабац шәыҟәӡам. Абаҟа рхабыргылеит Ашықәс еиқәаҵәақәа иҳацәрылаӡыз, хара змаӡамыз, иахьаԥсыуааз мацара зхарахаз ҳажәлар… Бара акырынтә ҳбыргәырӷьахьеит бышәҟәқәа рыла, урҭ зегьы ҳажәлар ирызкуп, ҳҭоурых рҳәоит, хыԥхьаӡаралагьы ҩынҩажәижәаба ирзынаԥшуеит!.. Зны-зынла уаҩы игәы иаанагоит, дызларыхьӡоузеи абри аԥҳәызба абри аҟара ҳәа!.. Аха абаҩхатәра бызҭаз Анцәа ду амчгьы былеиҵеит, избанзар, бара зегь раԥхьа ибыргылоит быжәлар рахь ибымоу абзиабара, агәбылра, уи уанагәаԥха, алаԥш ануқәшәа, анарха бзиа змоу аҽыццышә унаган уақәнартәоит!.. Ҳара, баԥхьаҩцәа, зегьы агәра аагоит, ари ашәҟәы иацҵан 37-тәи ашықәс иазкны ибҩырц ибҭаху егьырҭ ашәҟәқәа зегьы (иахьынӡаздыруа урҭ зегьы хә-томк ҟалоит), рыҩра бшаҿу. Аӡыргараан атеатр аҿы ибҳәеит, урҭ рыҩра сара сзахьымӡаргьы сыстудентцәа ахьӡоит ҳәа!.. Мап, ҳара агәра аагоит бара бызлагаз аус шынабыгӡо, уаҟа ибыцхраауеит, макьана зҭоурых аабмыртыц ҳҵеицәа хазынақәа… Аԥсны, 8 қыҭак ирылҵыз, зыԥсҭазаара иахырбааз рыхьӡқәа бырхынҳәит ҳгәалашәарахь, урҭ уажәшьҭа ҳаԥсҭазаара иалаӷьоит, иаҳхашҭӡом… Ус анакәха, ҳара агәра аагоит Анцәа даҽа мыч ҿыцк шбиҭо бызқәылаз ацҳа аҵыхәанӡа бықәсыртә, инхаз ақыҭақәеи араионқәеи бырхысыртә!.. Ажәа алԥха бымазааит, Екатерина!..
— Даараӡа иҭабуп, сҩыза бзиа Анатоли! Даара иҳаракыз ажәа ԥхақәа сзукит, гәыкалагьы ишуҳәо агәра згоит. Зегьы ҳрыхьӡоит, зегьы ҳалшоит, ҳаԥсадгьылгьы ԥхьаҟа ицоит аидгылара, аизыразра ҳаур ҳаԥсуа жәлар. Сажәа ахыркәшамҭаз, убри аидгыларада ԥсыхәа шҳамам аазырԥшуа даҽа жәеинраалакгьы узеиҭасҳәарц сҭахуп, азин суҭозар. Хымԥада, иара уигьы ахьынтәаауа арепрессиа ашықәсқәа исеилдыркааз алкаа аҟынтәи ауп:
Аҳаҳаира, шәа шәабаҟоу?
Шәа шәабаҟоу, уи дҳаԥыст.
Ишьа кәапеила иҭитарц дашьҭалт,
Аџьныш Нестор ду даҳцәишьт.
Иаагазҽазит ҳаԥхьа, ҳашьҭахь,
Амҟәыл каҳаит Аԥсынра.
Амшын дәықәлеит Нестор ишьҭахь,
Хаҳәи-мҿыхәи еибарга.
Оо, избахьада, изаҳахьада,
Хара здымыз еизыҳәҳәа.
Иреиӷьӡаз ҳҵеицәа рыхьӡ зҳәада,
Иалагада рҭархара?
Аӡиас хыҵит, ҳӡиас ҳажәлеит,
Шьала иҭыӡсеит Кәыдырҭа.
Ишқәыԥшыз анацәа аршлеит,
Аԥшқа дҭаршьит амгәарҭа.
Оо, шәаангыл ҳәа разҳәауада,
Оо, иқәышәхит ҳа ҳахәҵәы.
Бырги-ҿари ҿааҳәрада,
Иқәыргаӡеит еибаркы.
Ахара зхароу, ихароу иарбан?
Аџьныш ииӡбо рацәоуп.
Аԥсны ҭацәны знык ироур,
Нас ргәыхәтәы мыжда наӡоуп.
Зегь реиҳа иагьыгәнаҳауп,
Иагьрыцҳароуп зегьы ҳзы.
Ҳаӷа ииҭахыз ҳнапалоуп
Ишаҳирҟаҵаз игәаӷьны.
Рыцҳашьарада аибацәымӷра,
Аҳра шьҭнахит, ҳгәы хәашьуп.
Аибаҭира, аиҵашьыцра,
Ҳанаҟәымҵӡа жәантәгьы ҳшьуп.
Иақәым ҳгәаҟра ҵыхәаԥҵәара,
Ҳхы иазааҳгеит ҳа ҳгәырҩа.
Ҳҵеицәа иреиӷьыз ршьацқьала,
Иаҳкәабагәышьеит ҳ-Аԥсынра!
Абри аамҭа ҳа ҳзы ирхәыцгоу,
Иаҳнарҟаҵап акымкәа алкаа.
Еидгылароуп бџьарс иҳамоу,
Хеиқәырхагасгьы – иара!
Еидгылароуп бџьарс иҳамоу,
Хеиқәырхагасгьы – иара!