Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афырџьан ахжәыла: ахәырма арҩаразы ишдырхио

Анапаҵаҩра
Аԥсны уажәааны ахәырма арҩара иашыкьамҭоуп. Есҭагалан ақыҭауаа ацитрус шәырқәа реингалара анаҩс, ирҭаауеит ахәырмагьы.
Жәытә аахыс аԥсуаа аӡынхә ҳәа еиуеиԥшым ашәырхкқәа аҵәа, аҳа, ахәырма, алаҳа зҳәаз реиԥш ирҩаны ирҵәахон. Арҭ ашәыр рҩақәа пату рзақәын, имҩахыҵыз асас ихәы дырхиаанӡа иԥхеи-ԥхеиуа ажьахь уаҭка хжәылагаз иавадыргылон.
Ирацәаҩуп иахьа ахәырма ҿыхны иаразнак изҭиуа, аха Лыхны инхо Шьаҟрылаа рҭаацәа ахәырма ирҩаны ауп ишырҭиуа. Арҭ аҭаацәа ахәырма "бычье сердце" ҳәа изышьҭоу ахкы ауп ирымоу.
Сафарбеи Шьаҟрыл иԥшәмаԥҳәыс Мимоза Ҳаразиаԥҳаи, ԥшьҩык рыхшаареи ҩ-тоннак рҟынӡа ахәырма ҭааны, ицәырԥссаны идырҩоит. Усҟан ахәырма 70% рҟынӡа акьыла иагхоит, аха ус акәзаргьы, аҭиразы еиҳа ифеидоуп.
Сынтәа ахәырмарҩа рыԥхрак 300-350 мааҭ иаԥсоуп. Аџьармыкьаҿы иара рацәоуп, аха аԥсшьаҩцәагьы азҿлымҳауп.
Шьаҟрылаа рҭаацәара рыҩны аҩбатәи аихагыла абарҵа ахәырмарҩа арыԥхрақәа рыла иҭәуп, уаҟа аԥша бзианы иалышәшәоит, ақәа ақәымшәо ихшьуп.
Ҩымз рышьҭахь ахәырмарҩа мазеихоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0