Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Апоет диуеит- аха уи дыԥсуам": Леонти Лабахәуа диижьҭеи 111 шықәса ҵит

© Foto / иааиҭиит Анатоли ЛагәлааЛеонти Лабахуа
Леонти Лабахуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2023
Анапаҵаҩра
Ҳаԥсуа литератураҿы иҟоуп ишқәыԥшӡаз зыԥсҭазаара ҿахҵәаз апоетцәа ҿарацәа маҷҩымкәа. Урҭ дыруаӡәкуп ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа ззикыз апоет Леонти Лабахәуа.
"Самсон даҳцәызфаз уафеит "абга",
Џьаҳаным иҭарблит иаргьы…"
Баграт Шьынқәба
Харак имаӡамкәа, дахьаԥсуаз, абаҩхатәра ахьимаз, аиаша ахьиҳәоз, амыцхә ижәлар бзиа дахьырбоз азы мацара дыршьит Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа. Уи ихааныз ирацәаҩны изларгәаладыршәо ала, иаӡазҭгьы, даара акыр дрыхьӡон, акыр еилеигӡон, иаԥиҵараны дыҟан арҿиамҭа ссирқәа. Апоет ақьаад дамыхәаԥшӡакәа сааҭла ажәеинраалақәа дрыԥхьар илшон, уи иарбан залзаалакгьы иаразнак инапахьы иааигон, исатира ихнахуан, иарччон, иархәыцуан, иагьарҵәуон… Уи дшыҷкәынӡаз ажәа амч агьама икит, ибеит аԥсы ахьҭаз, амҵәыжәҩақәа инаҭеит, дышьҭнарԥрааит, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа бзиа дырбо, иԥхьо, изыӡҩруа дҟалеит… Уи рхы рыхнахит иара иҵашьыцуази, иара зҭыԥқәа рҿы днеир ҳәа ишәози, ақырҭуа милаҭеилыхҩцәеи… Иара дпоетын, иара уи зегьы изгәаҭаӡомызт, амуза ахы дҭарԥаны дагахьан, ивараҿ ашәарҭа ду ааины иштәаз ибаӡомызт…
Дом Константина Амичба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2021
Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи
Уажәы ҳазхьаԥшып апоет иаазыркьаҿӡоу ибиографиа:
Лабахәуа Леонти Бахәа-иԥа диит ԥхынҷкәынмза 26, 1912 шықәсазы Очамчыра араион Река ақыҭа. Аҵара иҵон Рекатәи алагарҭатәии Очамчыратәи быжь-шықәсатәи ашколқәа рҟны. 1928-1932 шш. раан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум дҭан. 1936 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Аинститут аҟны ԥшьы-шықәса напхгара зиҭоз алитературатә кружок еиҿикааит. 1938 шықәсазы харада ахара идҵаны ддырӡит.
Иҩымҭақәа икьыԥхьуан 1932 ш. инаркны. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реиҳарак иԥсы анҭаз икьыԥхьын аизга "Раԥхьатәи ашьаҿақәа" (Аҟәа,1934) аҟны. Апоет дандырбаандаҩы нахыс ҩажәа шықәса рҟынӡа иҩымҭақәа џьаргьы иркьыԥхьӡомызт, уи азы азингьы ыҟамызт. Акьыԥхь зымбацыз иажәеинраалақәагьы рыламкәа иҟаларымызт инапылаҩырақәа аныӡуаз. 1958 шықәсазы раԥхьаӡа хазы шәҟәны иҭыжьын "Иҩымҭақәа". Уи иацын Ш.Д.Инал-иԥа иаԥхьажәа. Абри ашықәс азы В.Микушевич, А.Чивилихин, И.Вронски еиҭаргаз иажәеинраалақәа агәылалеит Москва урысшәала иҭыжьыз "Аԥсуа поезиа антологиа". Иҩымҭақәа рнылон ажурнал "Алашара", икьыԥхьуп "Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) аҟны.
Абраҟа иаазгар сҭахуп хымԥада уаҵәы еиҵагыло ҳҿар ибзианы ирдыруазарц шрыхәҭоу Леонти Лабахәуа изку апоет Гьаргь Гәыблиа ибзианы иҭиҵааз фактқәак:
"Леонти Лабахәуа даадырбуамызт, избан акәзар, ақырҭуа нацианолисттә-шовинисттә политика даҿагылан. Дазыразымызт аԥсуа школқәа ақырҭуа ҵарахьы риагара, аԥсуа алфавит аиҭакра, 1937 шықәсазы алатинтә графика иҳамаз мап ацәкны ақырҭуатә ахь ииаргаз. Уи ала " Анбан шәҟәы" анҭыҵ агәынамӡара имаз имӡеит. Уи ашықәсан, маи мзазы Аԥсны имҩаԥыргон Илиа Ҷавҷаваӡе ииубилеи. Апоет Л. Лабахәуа иҩит "Ақырҭуа поетцәа рахь" захьӡу ажәеинраала, дагьаԥхьеит аиубилеитә хәлԥазы аҟны. Ақырҭқәуа рус хәымгақәа рҿы ирыдкылан ирымаз ацәгьаҳәаҩцәа ажәеинраала "Ақырҭуа поетцәа рахь" ишакәымыз иахцәажәо иалагеит.
Самсон Чанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Ҳажәлар рыхшыҩ аҿы ахааназ иҟоу: Самсон Ҷанба изы ажәа
Ииуль мза, 1337 шықәсазы, ауаа анҭаркуаз, атәылаҿы амца анакуаз, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, аԥсуа сектор аҿы аилатәара мҩаԥысуан Самсон Ҷанба ихантәаҩрала. Инханы иҟоуп апротокол. Ари атәы инарҭбааны иҳәоуп Михаил Лабахәуа ишәҟәы "Апоет диуеит, аха дыԥсӡом" аҟны.
Лабахәуа дҭаркуеит ианар 1938 шықәсазы. Февраль 16 рзы Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы акоммисариат аҿы "Троика" излаӡбаз ала, Л. Лабахәуа ашьра иқәҵан.
Ашьҭахь, 50-тәи ашықәсқәа раан еилкаахеит мцышаҳаҭла аусқәа шеиқәырҽаҽаз. 30-тәи ашықәсқәа раан залымдыррала идырӡыз, ареабилитациа анырзыруаз, Леонти Лабахәуа акгьы шихарамыз ала ашәҟәы роуит иҭаацәа".
Иҟоуп агәаанагара, Леонти Лабахәуа иҭархара, чарҳәара изура, иалахәын иара ҩызцәас иишьоз литераторцәақәакгьы ҳәа. Урҭ иаахтны рыхьӡ шимҳәоугьы, иҟарҵаз агәымгара иажәеинраалак аҿы дахцәажәоит апоет Мушьни Лашәриа:
Агыгшәыг ҭанархом агыгшәыгҵәҟьа,
Иубаӡом уи ашьаӡа аҿашы.
Апоет дырҭиуан…
Аӡыхәашь анлеиуаз аҽны…
Иуа Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Зашәақәлацәа ирылагылоу апоет: Иуа Қоӷониа изы ажәа
Апоет данҩыҵшәа инаркны ибызшәеи ижәлари ргәыбылра ду икхьан, дазҿлымҳан иҭоурых, дашьҭан аиаша, уи аарԥшразы ихгьы-иԥсгьы деигӡомызт. Уи аамҭа ҿыц дызныз иҽақәиршәар иҭахын, идыррақәа ирҭбаауан, агәаӷь бзиа змаз ауаа ҩызцәас ишьҭихуан, иахьаҭахыз аҭыԥ аҿы есымша игәҭыха аартны иҳәон. Ишәгәаламшәо, усҟангьы иахьагьы ахаангьы ԥсра зқәым иажәеинраала "Аиаша". Абраҟа иаазгоит ԥшь-цәаҳәазаҵәык шәхаҿы ҿыц еиҭаажәгарц азы:
Сзыргәаҟуа, имцабз-қьоуқьадха,
Исыцроуп, ицәарц иҟалом.
Саԥхьа иқәу абарҭ ақьаадқәарҿ
Аиаша аҳәарцаз скалам!..
Леонти Лабахәуа даара апатриотизмра злаз, згәы былуаз, есымша абзиа иадгылоз, зыжәлар уахь ихьазрыԥшуаз, арҿиаҩцәа гәымшәақәа дреиуан. Уи иажәеинраалақәа аԥсыԥха рхан, рбызшәа цқьан, рҵара мариан, ажәлар ирзааигәан, ажәлар ирылҵит. Ишәгәаламшәои ԥсра зқәым уи иҩымҭақәа, усҟантәи аамҭа шаҟа аҿахәы рҳәаз, иаҳҳәап абарҭ реиԥш иҟоу: "Октиабр ажәохә шықәса ахыҵра", "Иҟоузеи Река ажәабжьс", "Аԥсны".
Леонти Аԥсны аҭоурых есымша дазҿлымҳан, урҭ ахҭысқәа поезиатә рҿиамҭала есымша ҳажәлар рахь ииаигон, иргәалаиршәалар иҭахын хашҭшьа змамыз ахҭысқәа, раԥхьаҟа есымша ргәы рҽанызааларц азы. Убас, ажәеинраала "Аԥсны" 1933 шықәсазы ииҩыз аҟны иаҳәоит:
Иҟәиҭӡа иӡырҩуан ашьхақәа,
Рылахь еиқәҵаны иџьабон.
Агенерал имагә ашьхәақәа,
Аԥсна азы еснагь ичаԥон.
Дзадз Дарсалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Аԥсны
Зыжәлар ирзааигәаӡаз ашәҟәыҩҩы: Ӡаӡ Дарсалиа изы ажәа
Ҳсахьаркыратә литератураҿы иалкааӡоу аҭыԥ ааннакылоит Леонти Лабахәуа исатира. Ҿыӷәӷәала иуҳәар ауеит Дырмит Гәлиа ишьҭахь иара иоуп ҳәа асатираҿы инарҭбааны аус зуз. Уи дырхыччон, илафитәуан, иҿаԥиҽуан ажәлар ирылачоз, изырҳәуаз, иатәазымбоз, аус зымуаз, иӷьычуаз, ахзымдырҩцәа, абарбарцәа, аимҵәаҩцәа. Ишәгәаламшәои ажәеинраала ссир "Мазлоу зегьы злоу?!"
Ара Мазлоу, ана Мазлоу,
Сыҟаӡамхааит зегьы злоу!..
Иахьа уҽеим, уара ухәарҭам,
Ҳара ҳусмоу, уус ахаҭам!
Ус шәҳәеит ҳәа сара сҭынхадам,
Иҳәан ддәықәлеит ҽыла дкәаруа,
Инацәкьыс ркьакьо ирмақаруа!..
Убарҭқәа зегьы рзы игәаӷ рыман апоет, усҟантәи аиҳабырагьы, еиҳарак Қарҭаа, урҭ рымаҵ зуаз ҳара ҳԥаршеицәагьы. Аҭоурых иазынхеит, 1951 шықәса раахыс жәашықәса Қырҭтәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла еиҳабыс иамаз, аламысгьы абаҩхатәрагьы змаз, аԥсуаагьы ибзиан иаҳзыҟаз Георги Леониӡе иҳәамҭа. Уи усҟан иқәыԥшӡаз апоет Гьаргь Гәыблиа изеиҭеиҳәеит: " 1937 шықәсазы, Қарҭ ақалақь аҿы, нас уи анҭыҵгьы имҩаԥысуаз аԥсуа литература амшқәа ртәы, Самсон Ҷанба зхадараҿы дыҟаз уи агәыԥ иалахәын- Леонти Лабахәуа, Гьаргь Гәлиа, Баграт Шьынқәба, абырзен шәҟәыҩҩы Фиодор Конаниди, Николаи Миқава уҳәа, - иԥсы ӡаны, ибжьы аӡәы иаҳар ҳәа акәын, Самсони Леонтии рыӡбахә шиҳәауаз. – Рҩымҭақәа урыԥхьахьоума? - ҳәа дсазҵааит, аха урҭ ҳара иаҳзырбодаз, иаҳцәыҵәахын, "ажәлар раӷацәа" ҳәа лахь зырҭаз рҟәыхк убар ҟалозма?.. Сара урҭ рҩымҭақәа сырмыԥхьацызт, исыздыруам ҳәа аниасҳәа иааџьеишьеит. Ҷыдала уи дихцәажәон Леонти Лабахәуа. " Быжьшәҩы-аашәҩы ахьтәаз З. Пальиашьвили ихьӡ зхыз аопереи абальети ртеатр аҿы ԥсышәала ажәеинраала данаԥхьоз, амҵ ԥыруазар иуаҳауан, ишьхныԥсылеит уҳәарын изыӡҩруаз ауаа. Магиатә мчык илан, уаҳа сзақәҵом сара, уажәгьы сихәаԥшуашәа сгәы иабоит, тетрад цәиаҵәак еиҩырҿа икны, асцена агәҭахьы дааскьаны ажәеинраала данаԥхьоз. Знык данаԥхьа, адруҳәа еицҿакны рнапқәа еинырҟьеит, абызшәа змаҳауаз ракәын еиҳарак азалаҿы итәаз, аха дықәрыжьуамызт асцена, дықәҵны данцагьы, ҩаԥхьа дааганы дадырԥхьон. Сара схәыцуан, илази убри ауаҩ мчыс ҳәа?! Егьа хшҩзцара схаҿы иааиргьы, сазкылсуан акызаҵәык, уи апоезиа амч акәын, аҟазара амч акәын…"
Вечер памяти Ивана Папаскир - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Аԥсны
Миллионла аԥхьаҩцәа змаз аԥсуа шәҟәыҩҩы: Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкны
Шәара шәазхәыц, аԥсуа жәлар ҳазҭахымыз амилаҭ зал дуӡӡак азна ауаа ахьтәаз, аӡәы ишьҭыбжь мыргаӡакәа иӡҩӡа изыӡҩруан аԥсуа поет!.. Уи уаҟа дзыԥхьоз ҳара иахьа ибзиаӡаны иаадыруа "Тҟәарчал абжьы" аҟынтә ацәаҳәақәа роуп:
Гәырр агәақь,
Арирахьтәи акәакь,
Гәырр агәақь,
Анирахьтәи акәакь,
Аҵықь, аҵықь, аҵықь,
Инымхо шьанҵак, дацк,
Апҟаҩ, апҟаҩ, апҟаҩ,
Уеиҵамхан ԥхьаҟа аӷьеҩ!
Апоет ифилософиатә жәеинраалақәа рҿы акәын иара иаӷацәа еиҳараӡакгьы дыздыргашаз, аҽыԥныҳәа ахьирҭашаз иахьашьҭаз. Абар уи ицәаҳәақәа шаҟа усҟан ҳажәлар рхьаа рныԥшуаз, раԥхьатәи аварианти, нас ирыԥсахыз аварианти ҳшәызрыԥхьоит:
Сгәырҩом ҳәа шәасҳәар шәызжьап,
Ахәыцрақәа ԥсҭҳәоушәа исхатәоуп.
Усыцхраа, уабаҟоу, сашьа,
Аидара сызҵоу хьамҭоуп...
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит
Асеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа иахьатәи аԥсуа советтә поет иҩыр ҟалома рҳәан, ианҭыҵ ашьҭахь, акритика ӷәӷәа азыруит дызҭахымыз, аиҭаҭыжьраан абасгьы ирыԥсахит:
Схәыцуам ҳәа шәасҳәар шәызжьап,
Ахәыцра исымоу рацәоуп.
Усыцхраа, уабаҟоу, сашьа,
Ашәак сызҳәозар ҳәа стәоуп.
Ахаҭа злаԥсаху ацәаҳәақәа даара иԥсыҽуп, апоет ахаангьы урҭ рҩызцәа рҩра ихы иаҭәеишьаӡомызт, аха нас наҟ-наҟ аҽыԥныҳәа ӷәӷәа изҭарц зҭахыз, убас акы рхәыцлар акәын…
Леонти Лабахәуа аԥсҭазаара пафос дула ашәа азиҳәон, иахьырџьбаратәыз ирџьбарон, иахьҵәылхтәыз иҵәылихуан, иахьышьҭыхтәыз ишьҭихуан, агәырҩа ахьаҵазгьы иаартны иҳәон, аҵәаԥшь аҿишьӡомызт, уи ариторикеи аформальизмреи иԥырхагаӡамызт. Аха рыцҳарас иҟалаз, уи хәба-фба шықәса роуп арҿиаратә ԥсҭазаараҿы дахьеилашуаз, иашәақәа ахьаԥиҵоз, нас зынӡа акгьы ихараӡамкәа ддырӡгәышьеит. Уи атәы шыҟалаз иҵегь инарҭбаан аԥхьаҩ иԥылоит иара иашьа иԥа, аҵарауаҩ Миха Лабахәуа ишәҟәы "Апоет диуеит аха дыԥсӡом" аҟны инарҭбааны.
Дырмит Гәлиа даара дзықәгәыӷәуаз апоетцәа ҿарацәа дреиуан Леонти Лабахәуа. Убри азоуп, апоет ду игәалашәарақәа руак аҿы уи иҭархара аамҭа акыр анҵы ашьҭахь изиҩуа: Сара еснагь убри сизхәыцуеит, избан акәзар, егьырҭ ҳара зегьы ҳаасҭа, иара илан, иагьеилеигӡон… аграждантә темперамент дуи, иуаажәлари ихатә литературеи рыбзиабара дуи".
Иахьа апоет ицәгьа ҳәаны, изаҟразаалак харак идымкәа дзырӡыз ауаа зегьы ирхашҭхьеит, ианыӡаахьеит, аԥхыӡ бааԥсеиԥш аӡәгьы игәалаиршәар иҭахӡам… Аха иара Леонти Лабахәуа, апоет лаша, апоет гәлымҵәах, дхаакәакәараӡа ашьыжьтәи амреиԥш зегьы ргәы дҭаԥхоит, иажәеинраала ссирқәа абиԥарацыԥхьаӡа инеимда-ааимдо иааргоит… Уи еиҳау насыԥ ыҟаӡам Апоет изы!..
Ажәабжьқәа зегьы
0