https://sputnik-abkhazia.info/20240108/ibragim-chkadua-sara-ialskhit-iauz---ikayz-ama-1049725042.html
Ибрагим Ҷкадуа: сара иалсхит иауз - икьаҿыз амҩа
Ибрагим Ҷкадуа: сара иалсхит иауз - икьаҿыз амҩа
Sputnik Аҧсны
Ажурналист, Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит 2023 шықәса анҵәамҭазы Фазиль Искандер ипремиа иаԥсахаз арежиссиор, афотоҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа... 08.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-08T09:25+0300
2024-01-08T09:25+0300
2024-01-08T09:42+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/02/1031042204_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_f23988f0525d1a2fc3f77091dd01ce8c.jpg
Агәахәа зцу ажәабжь ааҳалаҩҩит ииасыз ашықәс ахыркәшамҭаз. Асценарист, арежиссиор, афотоҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа Фазиль Искандер ипремиа даԥсахеит. Автор уи аицлабрахь ишьҭит ажәабжьқәа хԥа еидызкылоз ишәҟә хәыҷы. "Аӷбаду" (Азаандал) захьӡу Ҷкадуа ишәҟәы еиднакылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аазырԥшуа: "Аӷбаду" (Ковчег), "Ишьхныԥсылаз ампыл" (Застывший мяч), "Аԥа иргьежьра", (Возвращение сына) захьӡу ажәабжь кьаҿқәа. Ибрагим Москвантәи илауреатра зыршаҳаҭуа ашәҟәы иманы даныхынҳә ашьҭахь дазааит аинформациатә маҵзура .Sputnik Аԥсны асаит азы аинтервиу сыҭара. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәа ҳҽалагӡаны ҳаицәажәеит иареи сареи. Уи иалҵыз уажәы ишәыдызгалоит.- Ибрагим, иудаҳныҳәалоит иугаз аиааира.- Иҭабуп.- Уазыԥшызма аԥхьахә аиура ҳәа суазҵаауам, избанзар, игәаӷьны аицлабрахь уажәабжьқәа анушьҭ, хымԥада агәыӷрагьы ыҟан?- Сара аицлабра аихшьаалақәа реизыркәкәа (шорт-лист - Е.К.) сшалашәаз анызба, уи иааираны исыдыскылеит. Аха, адебиут азы аиааира хаҭа азыԥшра - уи ԥхамшьароуп.-Адебиут ануҳәа, ҳара иаҳдыруан уара акино, афотоқәа шҭухуаз, асценари шыуҩуаз, аха апроза унапы аналоукыз анбыкәу?- Анкьа зны сара агазеҭ аредакторс сыҟан, автортә колонкақәа сыҩуан, сфильмқәа рысценариқәа уҳәа зегь зыҩуаз сара сакәын. Зны сазхәыцуан апроза маҷ напы аркра, уи сара исформатуп, бзиа избоит.- Алықьса Гогәуа иҳәахьеит аформа маҷқәа ишраамҭоу иахьа.- Ааи, ароман дуқәа иахьа уамак ирыԥхьом. Убри азоуп иара зметраж кьаҿу акиноқәагьы зҭысхуа. Абарҭ сажәабжь кьаҿқәа рызхәыцра жәабаҟа шықәса раԥхьа салагеит. Ацәыблагәқәа (черновики - Е.К.) сыман урҭ рзы, аха еиҳарак асценартә планқәа иреиԥшын. "Аӷбаду" захьӡу сажәабжь сценариҵасгьы исымоуп. Аха, акино аиҿкаареи, аҭыхреи, уи иаҭаху аԥареи санрызхәыцуаз, еилыскаауан уи иахьатәи аамҭа ишысзаламыгӡо. Убри аҟынтә, сазхәыцит арҭ атемақәа ус ибжьаӡыр ишыгәнаҳароу. Иҩбахаз, арҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп. Ари аамҭа бзиоуп аибашьра иазку апроза аҿиаразы. Нас, аковид анцәырҵ, аҩны сыҩнанакит, убасҟан сазхәыцит аамҭа хәарҭарала ишысхызгашаз. Аҩра акуп, аҭыжьрагьы иацуп акәамаҵама. Схатә харџь ала иҭсыжьит сышәҟә хәыҷы, ииашоуп уаанӡа сҩызцәагьы сыцхраауан акиноқәа анҭысхуаз, аха ари аус аҿы аӡәгьы дысмыргәамҵит. Ахаан жәабжьк смыҩыцызт, шәсыцхраа ашәҟәы аҭыжьразы ҳәа аӡәгьы сызидымгылеит. Ашәҟәы анҭсыжь, сҩызцәа ирзысшарц сыӡбеит иалҵыз аилкааразы. Избан Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа аиуразы сышәҟәы зысышьҭыз? Уажәы иааҳакәыршан аибашьрақәа цоит, уа иҭахо ауаа рхыԥхьаӡара убысҟак идууп, ҳара иаҳцәыӡыз аҵанарӡуа. Ҳара иаҳцәыӡыз ҳара ҳзы ихлымӡаахуп, аха Сектор Газа иахьа ҽнак иҭахоит ҳаибашьраҿы зынӡа иҳацәҭахаз раҟара. Иааҳакәыршан иҟоу адунеи азын, ҳаибашьра иацыз аԥсҭбарақәеи аҵаки бжьаӡыр ауеит. Абри зхысҳәаауа, ҳаибашьра иазку асахьаркыратә ажәа усҟакгьы ирацәам, ҳтәыла анҭыҵгьы ицәыргалатәуп урҭ асиужетқәа.-Асиужет ануҳәа, ажәабжьқәа рыхԥагьы срыԥхьеит. Суазҵаарц сҭахын, урҭ ирымоума аԥсҭазааратә шьаҭа, мамзаргьы ихыҭҳәаау?- Ажәабжьқәа рыхԥагьы ршьагәыҭ ахатә нысымҩатә, автобиографиатә ҟазшьа рымоуп. Еиҳаракгьы актәи, нас, аҩбатәи адесант иазку уҳәа афабула зегь аԥсҭазаараҿы иҟалаз ауп. Даҽакала исҳәозар, ажәабжьқәа адокументалтә ҟазшьа рымоуп.- Ааи, аха ашәҟәыҩҩы асиужет имхәыцуеи?- Бахәаԥш, актәи "Аӷбаду" аҿы сҭатәан схаҭа, нас уи иақәсыртәеит сперсонажцәа, аҩбатәи - "Ишьхныԥсылаз ампыл" аҿы игылаз аҩны иҩнасҵаз амордовец Федиа, ихьӡгьы сымԥсахӡеит, иахьагьы дыҟоуп иара, аԥхын Аԥсны дыҟан. "Федиа, сажәабжь аперсонажс уҟасҵеит", - ҳәа иасҳәеит. Ахԥатәи "Аԥа игьежьра" уи дазусҭоу сгәалашәом, аха аӡәы исзеиҭеиҳәеит. Иара аҭоурых шынҵәазгьы цкьа схаҿы инымхеит, аха 30 шықәса схы иҭакны исыман, акалашәа исхьысит аҭоурых.- Ажәакала, иҟаҵәҟьаз аҭоурыхқәа ирцәыхарам усиужетқәа. Рыхԥагьы еидызҳәало ахронологиа ыҟоуп - аибашьра алагамҭа, аилгамҭа, ианеилга иҟалаз хҭысқәоуп. Иааидкыланы иаҳҳәозар, ҳара ҳаибашьра аҭоурых аадырԥшуеит.- Акомпозициа хәыцын ҳәарада. Исҭахын алагамҭа, аибашьра ахаҭа, нас аиааира аасырԥшырц. Дара афабулақәа зегьы абиблиатә (Аԥшьаҩыратә ҭоурыхқәа) шьаҭас ирымоуп (Ажәытә ҩыреи Аҿыци).- Ааи, уажәабжьқәа ирныԥшуеит уара аҭоурыхдырра ушазҟазоу, ишузанааҭу.- Ааи, сара исҵәахӡом занааҭла сышҭоурыхдырҩу. Жәабжьк аҿы фырхаҵак дахьиоу - сара сҭоурыхдырҩуп ҳәа ахьиҳәо ыҟоуп. Сара скурстә усумҭақәа руак иахьӡын – аматематикатә метод аҭоурых аҭҵаараҿы.,- Иуцәызӡом, сара уажәабжь "Аԥа ирхынҳәра" санаԥхьаз, Фазиль Искандер ипремиа аиура ушеиҩаӡоз сыздыруамызт. Еиҭазгарцгьы агәаҳәара соуит. Сгәы иаанагоит, уанлауреатха уи сазхәыцит ҳәа угәы ишаанамгаз. Ушԥазыҟоу уара аԥсшәахь уеиҭагара аҽазышәара?- Сара ԥхамшьак сами... Сыԥхамшьакәа иҭсыжьит сышәҟәы, нас аицлабрахь исышьҭит. Аиҭагаразы аҳәара сзыгәаӷьуамызт, аха даара исҭахын аԥсуа ажәаҳәа иԥнашәарц сҩымҭа. Ҳәарада, егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭаргар, сгәы иаахәоит, аха даара исҭахын аԥсуа еиҭагаҩи ҳаԥхьаҩцәеи хшыҩзышьҭра арҭарц.- Уара устиль ажәамыцхә алам, даара акраҵанакуеит уҳәоуртәашьа аиқәырхара. Иалҵуа ҳбап, алитературатә журнал аредакторцәа ахә ршьар ианырҵашт сеиҭагамҭа.- Сара даара исҭахын ахԥатәи ажәабжь "Аԥа иргьежьра" еиҭагазарц, избанзар актәи аҩбатәи автобиографиатә ҟазшьа рымоуп, ахԥатәи еиҳа иаԥсыуоу жәабжьуп. Еиҳа актуалра амоуп – уи аконфликт амоуп, ара иҟоуп аԥсуа аурыс культурақәа реиҿагылара. Аҭаҳмада Урыстәылаҟа дцоит, ишьа иалҵыз аурыс ҭыԥҳа илыхшаз иԥшаара.- Ас еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа рацәан аибашьра ашьҭахь. Аҭынч ԥсҭазарааҿы уамак ирыдрымкылоз ахҭысқәа, аибашьра анеилга, рԥа заҵәқәа анҭаха, урҭ ирхылҵыз дыҟазар ҳәа Апсны анҭыҵ ирышьҭалон аҭаацәа.- Уа иара иҭахаз данырҵәыуоз иарба́н абду, абду иаб, Актәи аҩбатәи адунеитә еибашьрақәа ишрыхәхаз. Уи иаанарԥшуеит аԥсуаа 20-тәи ашәышықәсазы ишырхыргаз егьырҭ амилаҭқәа знысыз зегьы.- Иҟалома ҳаԥхьаҟа уара усиужетқәа ирыцу?- Раԥхьа анапы аркра акыр иуадаҩуп. Даара ҭакԥхықәрала сазыҟоуп сара алитература. Иахьагьы иџьасшьоит иахьысгәаӷьыз. Аҩбатәи ашәҟәы аҩра еиҳагьы иуадаҩуп, избанзар, апремиа исоуз анаҩс - сҟәаҟәа иқәҳаз аидара еиҳагьы ихьанҭоуп.- Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы ԥҟарақәас иҟоузеи? Иудыруеи уара?- Сара ҩынтәуп уи салахәуижьҭеи. Раԥхьа адокументалтә фильм асценари ажанр аҿы сыҟан. Аха, аиааира сзымгаӡеит, аванс аҳасабла аҳаҭыртә диплом сырҭеит ауп. Сынтәа апроза ажанр сҽаласырхәит.- Еилукаауазар акәхап Урыстәылатәи алитературатә гәыԥқәа рҿы, аҭыԥантәиқәа ирыҿҳарԥшуазар, уамак ишгәаармыгӡо уара узԥоу, ҭынхас иумоу, амчраҿ иҟоу бзиа урбоу урымбоу. Сгәанала, урҭ зыхә ршьо аусумҭа ауп.- Ҳәарада, урҭ аусумҭа ауп зыхә ршьо. Пен-клуб ақәра змоу, аҩымҭақәа абырҵкал икылызхуа еиҿкаароуп. Ӡбаҩцәас иҟоугьы акыр ҳаҭыр зқәу уаауп. Абӷа имоуп ззырҳәо уа иухәом. Хымԥада, Аԥснынтәи инеиуа аусумҭақәа зегь икылкааны ирыхәаԥшуеит, избанзар Исканер иџьынџьуаа роуп. Аха, уа афинал ахь ицәырҵыз хра злоу арҿиамҭақәа аԥызҵаз роуп, убри аҟынтә, лахь иаԥшны акәацшара уа иалҵуамызт. Сахьаиааиз азы аҳаҭыртә шәҟәы ансырҭоз, аӡбаҩцәа рхантәаҩы Евгени Попов сеизга ҳамҭас исҭеит. Схы арҽхәара сзалагом, аха, уи иҳәеит ҩынтә, хынтә дшаԥхьаз, џьара акала исыцрасит ҳәа саҭеикит.- Урысшәала иҩуаз егьырҭ апрозаикцәа урыҿсырԥшуазар, исҳәарц сылшоит ухатә стиль шышьҭухыз, упроза даара ауаҩы игәы аҵанӡа иныруа акакәны избоит. Ауаа зегь ирзеиԥшу аҭоурыхқәа ааурԥшит, ҳара ҳаибашьра иазкызаргьы.- Аиаша басҳәоит, уи баша иҟамлеит. Сара абиблиатә фабулақәа залазгалазгьы - урҭ иуниверсалтәу ҭоурыхқәоуп адунеи зегь азын. Адунеитә литератураҿы 18 сиужет рҟынӡа еикәшоит, аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ атемақәа еиҭаацәырҵуеит, авторцәа рхатә интерпретациа азыруеит. Ус иҟоуп абиблиатә, антикатә ҭоурыхқәа ирхылҵыз асиужетқәа рӷьырак. Сара аӡәгьы дсыршанхарц сашьҭамызт. Аибашьра иуниверсалтәу ҭагылазаашьоуп, аха иара иамоуп ахатә ԥштәқәа. Урҭ рыԥшаара ауп акыр ихадоу. Аԥсуа ҟазшьа ззырҳәо аасырԥшырц сҭахын сажәабжьқәа рҿы.- Арҭ асиужетқәа ирылхны акино аҭыхра угәы иҭоума?- Аиаша басҳәоит, сыхԥароушәа иалҵуеит, аха гәҭакыс исымоу апиеса аԥҵароуп, уи апрозеи акинои ишырцәыхароугьы. "Аӷбаду" апиеса алысхыр цәгьа избом. Ииашоуп, уи ажанр сара истәу акәынгьы избом, акинои алитературеи еиҳа исышьашәалоуп, аха усгьы... Ибдыруама ас сызхәыцуа? Амамзаара иахҟьоит уи. Акино ҭысхрын, аха алшарақәа сымам усҟак. Аҩбатәи ажәабжь еиҳа ипсихологиатәуп, аҽҟьарҭақәа маҷуп, аха актәи "Аӷбаду" акино бзиа алҵуан. Иҟалап, ателеверсиа еиҳа исзымариахар аҭыхра. Аӷба амшын ихҵаны аҭыхрақәа рымҩаԥгара акыр иуадаҩуп. Ателеспектакль еиҳа исзалҵыр ҟалап. Уи сара сфантазиа ауп, иалҵуа аҳәара уадаҩуп. Исабжьызго рацәаҩуп, иҵегь ажәабжьқәа ҩны, ҿыц еиҭаҭсыжьырц ашәҟәы. Раԥхьатәи сышәҟәы 200 екземплиар роуп иҟоу. Аха, ҿыц исыҩуагьы аҩаӡара бзиа рымазароуп, раԥхьатәиқәа ирыҵамӡуа.- Иумоума агәаҳәара Урыстәылатәи аԥхьаҩцәа уҩымҭақәа рыдгалара?- Уажәы Урыстәылагьы алитература ала ахныҟәгашьа ыҟам, адетективқәа умыҩуазар. Даҽа хыҵхырҭақәак умазароуп, алитература мацара уаҿызарц азын.- Урыстәылаа ашәҟәы иаԥхьо ракәу џьысшьоит сара?- Усҵәҟьа акәым, иаԥхьоит ҳәарада, аха асовет уаа реиԥш иаԥхьом. Аурыс литература адунеитә литература иамазкуа литературоуп. Адунеитәқәа рацәам, иаҳҳәап афранцызтә, англызтә, америкатәи, иара убас аурыс литература роуп аҳра зуа.- Ибрагим, Аԥсны алитературатә еицлабра далахәызҭгьы, 18–тәи аҭыԥгьы иоуамызт ҳәа алаф иухысҳәааз шԥаудукылои?- Аиашаҵәҟьа, сара Фазиль Искандери Даур Занҭариеи илырхыз амҩала сцарц сҭаххеит. Ҳара ҳҿы бзиа ирбоит анҭыҵынтәи аиааира ганы иаауа. Уи амилаҭ маҷқәа ирфеноменуп. Блаф ҳазыгьежьуазар, сара Урыстәыла аҽалархәра еиҳа исзымариан ара аасҭа. Аиаша басҳәоит, ҳара ҳҿы наҟ џьара аиааира зго бзиа ирбоит. Сара иалсхит иауз - икьаҿыз амҩа. Урыстәылантәи арахь аҭалара еиҳа имариоуп, ара ушиашоу акәымкәа. Аноменантцәа аԥхьахәқәа ҳарҭон Москва Тургенев ихьӡ зху абиблиотекаҿы. Аквартет инанагӡон аклассикатә музыка. Апафос рацәамызт, аха даара аԥхарра зҵаз аҭагылазаашьа ыҟан. Сара Москваҟа иансыԥхьоз исарымҳәаӡеит аиааира шызгаз. Уа шорт-лист ҳәа изышьҭоу аҿы быжьҩык аноменантцәа ыҟан. Раԥхьа аџьшьаратә шәҟәқәа ршеит, нас иаиааиқәаз. Ԥшь-номенациак ыҟан зынӡа. Аматематика хәыҷык сымдыруеи, ԥшьҩык ҳанынха сара аиааира згаз сышрылашәаз еилсыргеит. Ҽааны дара ироуеит апрезиденттә грант, убри аҟынтә амҽхак еиҳагьы иҭбаахоит уи аицлабра…
https://sputnik-abkhazia.info/20231221/fazil-iskander-iakhakh-iasakhaz-rykha-oup--1049547310.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220331/aforma-maa-raama-alysa-gogua-iymaa-rny-aibashra-atema-shaarshu-1037833461.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231210/akino-bzia-abiuet-bzia-amazaroup-arezhissior-naur-garmelia-itsazhara-1049388415.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230306/1044467927.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210613/Azhanr-maa-raama-asotsialt-aei-ashi-reindalara-iazkny-1032601091.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/02/1031042204_137:0:2868:2048_1920x0_80_0_0_cd7e992acb6b44254f8fe61b71d95d53.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Агәахәа зцу ажәабжь ааҳалаҩҩит ииасыз ашықәс ахыркәшамҭаз. Асценарист, арежиссиор, афотоҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа Фазиль Искандер ипремиа даԥсахеит. Автор уи аицлабрахь ишьҭит ажәабжьқәа хԥа еидызкылоз ишәҟә хәыҷы. "Аӷбаду" (Азаандал) захьӡу Ҷкадуа ишәҟәы еиднакылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аазырԥшуа: "Аӷбаду" (Ковчег), "Ишьхныԥсылаз ампыл" (Застывший мяч), "Аԥа иргьежьра", (Возвращение сына) захьӡу ажәабжь кьаҿқәа. Ибрагим Москвантәи илауреатра зыршаҳаҭуа ашәҟәы иманы даныхынҳә ашьҭахь дазааит аинформациатә маҵзура .Sputnik Аԥсны асаит азы аинтервиу сыҭара. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәа ҳҽалагӡаны ҳаицәажәеит иареи сареи. Уи иалҵыз уажәы ишәыдызгалоит.
- Ибрагим, иудаҳныҳәалоит иугаз аиааира.
- Уазыԥшызма аԥхьахә аиура ҳәа суазҵаауам, избанзар, игәаӷьны аицлабрахь уажәабжьқәа анушьҭ, хымԥада агәыӷрагьы ыҟан?
- Сара аицлабра аихшьаалақәа реизыркәкәа (шорт-лист - Е.К.) сшалашәаз анызба, уи иааираны исыдыскылеит. Аха, адебиут азы аиааира хаҭа азыԥшра - уи ԥхамшьароуп.
-Адебиут ануҳәа, ҳара иаҳдыруан уара акино, афотоқәа шҭухуаз, асценари шыуҩуаз, аха апроза унапы аналоукыз анбыкәу?
- Анкьа зны сара агазеҭ аредакторс сыҟан, автортә колонкақәа сыҩуан, сфильмқәа рысценариқәа уҳәа зегь зыҩуаз сара сакәын. Зны сазхәыцуан апроза маҷ напы аркра, уи сара исформатуп, бзиа избоит.
- Алықьса Гогәуа иҳәахьеит аформа маҷқәа ишраамҭоу иахьа.
- Ааи, ароман дуқәа иахьа уамак ирыԥхьом. Убри азоуп иара зметраж кьаҿу акиноқәагьы зҭысхуа. Абарҭ сажәабжь кьаҿқәа рызхәыцра жәабаҟа шықәса раԥхьа салагеит. Ацәыблагәқәа (черновики - Е.К.) сыман урҭ рзы, аха еиҳарак асценартә планқәа иреиԥшын. "Аӷбаду" захьӡу сажәабжь сценариҵасгьы исымоуп. Аха, акино аиҿкаареи, аҭыхреи, уи иаҭаху аԥареи санрызхәыцуаз, еилыскаауан уи иахьатәи аамҭа ишысзаламыгӡо. Убри аҟынтә, сазхәыцит арҭ атемақәа ус ибжьаӡыр ишыгәнаҳароу. Иҩбахаз, арҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп. Ари аамҭа бзиоуп аибашьра иазку апроза аҿиаразы. Нас, аковид анцәырҵ, аҩны сыҩнанакит, убасҟан сазхәыцит аамҭа хәарҭарала ишысхызгашаз. Аҩра акуп, аҭыжьрагьы иацуп акәамаҵама. Схатә харџь ала иҭсыжьит сышәҟә хәыҷы, ииашоуп уаанӡа сҩызцәагьы сыцхраауан акиноқәа анҭысхуаз, аха ари аус аҿы аӡәгьы дысмыргәамҵит. Ахаан жәабжьк смыҩыцызт, шәсыцхраа ашәҟәы аҭыжьразы ҳәа аӡәгьы сызидымгылеит. Ашәҟәы анҭсыжь, сҩызцәа ирзысшарц сыӡбеит иалҵыз аилкааразы.
Избан Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа аиуразы сышәҟәы зысышьҭыз? Уажәы иааҳакәыршан аибашьрақәа цоит, уа иҭахо ауаа рхыԥхьаӡара убысҟак идууп, ҳара иаҳцәыӡыз аҵанарӡуа. Ҳара иаҳцәыӡыз ҳара ҳзы ихлымӡаахуп, аха Сектор Газа иахьа ҽнак иҭахоит ҳаибашьраҿы зынӡа иҳацәҭахаз раҟара. Иааҳакәыршан иҟоу адунеи азын, ҳаибашьра иацыз аԥсҭбарақәеи аҵаки бжьаӡыр ауеит. Абри зхысҳәаауа, ҳаибашьра иазку асахьаркыратә ажәа усҟакгьы ирацәам, ҳтәыла анҭыҵгьы ицәыргалатәуп урҭ асиужетқәа.
-Асиужет ануҳәа, ажәабжьқәа рыхԥагьы срыԥхьеит. Суазҵаарц сҭахын, урҭ ирымоума аԥсҭазааратә шьаҭа, мамзаргьы ихыҭҳәаау?
- Ажәабжьқәа рыхԥагьы ршьагәыҭ ахатә нысымҩатә, автобиографиатә ҟазшьа рымоуп. Еиҳаракгьы актәи, нас, аҩбатәи адесант иазку уҳәа афабула зегь аԥсҭазаараҿы иҟалаз ауп. Даҽакала исҳәозар, ажәабжьқәа адокументалтә ҟазшьа рымоуп.
- Ааи, аха ашәҟәыҩҩы асиужет имхәыцуеи?
- Бахәаԥш, актәи "Аӷбаду" аҿы сҭатәан схаҭа, нас уи иақәсыртәеит сперсонажцәа, аҩбатәи - "Ишьхныԥсылаз ампыл" аҿы игылаз аҩны иҩнасҵаз амордовец Федиа, ихьӡгьы сымԥсахӡеит, иахьагьы дыҟоуп иара, аԥхын Аԥсны дыҟан. "Федиа, сажәабжь аперсонажс уҟасҵеит", - ҳәа иасҳәеит. Ахԥатәи "Аԥа игьежьра" уи дазусҭоу сгәалашәом, аха аӡәы исзеиҭеиҳәеит. Иара аҭоурых шынҵәазгьы цкьа схаҿы инымхеит, аха 30 шықәса схы иҭакны исыман, акалашәа исхьысит аҭоурых.
- Ажәакала, иҟаҵәҟьаз аҭоурыхқәа ирцәыхарам усиужетқәа. Рыхԥагьы еидызҳәало ахронологиа ыҟоуп - аибашьра алагамҭа, аилгамҭа, ианеилга иҟалаз хҭысқәоуп. Иааидкыланы иаҳҳәозар, ҳара ҳаибашьра аҭоурых аадырԥшуеит.
- Акомпозициа хәыцын ҳәарада. Исҭахын алагамҭа, аибашьра ахаҭа, нас аиааира аасырԥшырц. Дара афабулақәа зегьы абиблиатә (Аԥшьаҩыратә ҭоурыхқәа) шьаҭас ирымоуп (Ажәытә ҩыреи Аҿыци).
- Ааи, уажәабжьқәа ирныԥшуеит уара аҭоурыхдырра ушазҟазоу, ишузанааҭу.
- Ааи, сара исҵәахӡом занааҭла сышҭоурыхдырҩу. Жәабжьк аҿы фырхаҵак дахьиоу - сара сҭоурыхдырҩуп ҳәа ахьиҳәо ыҟоуп. Сара скурстә усумҭақәа руак иахьӡын – аматематикатә метод аҭоурых аҭҵаараҿы.,
- Иуцәызӡом, сара уажәабжь "Аԥа ирхынҳәра" санаԥхьаз, Фазиль Искандер ипремиа аиура ушеиҩаӡоз сыздыруамызт. Еиҭазгарцгьы агәаҳәара соуит. Сгәы иаанагоит, уанлауреатха уи сазхәыцит ҳәа угәы ишаанамгаз. Ушԥазыҟоу уара аԥсшәахь уеиҭагара аҽазышәара?
- Сара ԥхамшьак сами... Сыԥхамшьакәа иҭсыжьит сышәҟәы, нас аицлабрахь исышьҭит. Аиҭагаразы аҳәара сзыгәаӷьуамызт, аха даара исҭахын аԥсуа ажәаҳәа иԥнашәарц сҩымҭа. Ҳәарада, егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭаргар, сгәы иаахәоит, аха даара исҭахын аԥсуа еиҭагаҩи ҳаԥхьаҩцәеи хшыҩзышьҭра арҭарц.
- Уара устиль ажәамыцхә алам, даара акраҵанакуеит уҳәоуртәашьа аиқәырхара. Иалҵуа ҳбап, алитературатә журнал аредакторцәа ахә ршьар ианырҵашт сеиҭагамҭа.
- Сара даара исҭахын ахԥатәи ажәабжь "Аԥа иргьежьра" еиҭагазарц, избанзар актәи аҩбатәи автобиографиатә ҟазшьа рымоуп, ахԥатәи еиҳа иаԥсыуоу жәабжьуп. Еиҳа актуалра амоуп – уи аконфликт амоуп, ара иҟоуп аԥсуа аурыс культурақәа реиҿагылара. Аҭаҳмада Урыстәылаҟа дцоит, ишьа иалҵыз аурыс ҭыԥҳа илыхшаз иԥшаара.
- Ас еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа рацәан аибашьра ашьҭахь. Аҭынч ԥсҭазарааҿы уамак ирыдрымкылоз ахҭысқәа, аибашьра анеилга, рԥа заҵәқәа анҭаха, урҭ ирхылҵыз дыҟазар ҳәа Апсны анҭыҵ ирышьҭалон аҭаацәа.
- Уа иара иҭахаз данырҵәыуоз иарба́н абду, абду иаб, Актәи аҩбатәи адунеитә еибашьрақәа ишрыхәхаз. Уи иаанарԥшуеит аԥсуаа 20-тәи ашәышықәсазы ишырхыргаз егьырҭ амилаҭқәа знысыз зегьы.
- Иҟалома ҳаԥхьаҟа уара усиужетқәа ирыцу?
- Раԥхьа анапы аркра акыр иуадаҩуп. Даара ҭакԥхықәрала сазыҟоуп сара алитература. Иахьагьы иџьасшьоит иахьысгәаӷьыз. Аҩбатәи ашәҟәы аҩра еиҳагьы иуадаҩуп, избанзар, апремиа исоуз анаҩс - сҟәаҟәа иқәҳаз аидара еиҳагьы ихьанҭоуп.
- Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы ԥҟарақәас иҟоузеи? Иудыруеи уара?
- Сара ҩынтәуп уи салахәуижьҭеи. Раԥхьа адокументалтә фильм асценари ажанр аҿы сыҟан. Аха, аиааира сзымгаӡеит, аванс аҳасабла аҳаҭыртә диплом сырҭеит ауп. Сынтәа апроза ажанр сҽаласырхәит.
- Еилукаауазар акәхап Урыстәылатәи алитературатә гәыԥқәа рҿы, аҭыԥантәиқәа ирыҿҳарԥшуазар, уамак ишгәаармыгӡо уара узԥоу, ҭынхас иумоу, амчраҿ иҟоу бзиа урбоу урымбоу. Сгәанала, урҭ зыхә ршьо аусумҭа ауп.
- Ҳәарада, урҭ аусумҭа ауп зыхә ршьо. Пен-клуб ақәра змоу, аҩымҭақәа абырҵкал икылызхуа еиҿкаароуп. Ӡбаҩцәас иҟоугьы акыр ҳаҭыр зқәу уаауп. Абӷа имоуп ззырҳәо уа иухәом. Хымԥада, Аԥснынтәи инеиуа аусумҭақәа зегь икылкааны ирыхәаԥшуеит, избанзар Исканер иџьынџьуаа роуп. Аха, уа афинал ахь ицәырҵыз хра злоу арҿиамҭақәа аԥызҵаз роуп, убри аҟынтә, лахь иаԥшны акәацшара уа иалҵуамызт. Сахьаиааиз азы аҳаҭыртә шәҟәы ансырҭоз, аӡбаҩцәа рхантәаҩы Евгени Попов сеизга ҳамҭас исҭеит. Схы арҽхәара сзалагом, аха, уи иҳәеит ҩынтә, хынтә дшаԥхьаз, џьара акала исыцрасит ҳәа саҭеикит.
- Урысшәала иҩуаз егьырҭ апрозаикцәа урыҿсырԥшуазар, исҳәарц сылшоит ухатә стиль шышьҭухыз, упроза даара ауаҩы игәы аҵанӡа иныруа акакәны избоит. Ауаа зегь ирзеиԥшу аҭоурыхқәа ааурԥшит, ҳара ҳаибашьра иазкызаргьы.
- Аиаша басҳәоит, уи баша иҟамлеит. Сара абиблиатә фабулақәа залазгалазгьы - урҭ иуниверсалтәу ҭоурыхқәоуп адунеи зегь азын. Адунеитә литератураҿы 18 сиужет рҟынӡа еикәшоит, аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ атемақәа еиҭаацәырҵуеит, авторцәа рхатә интерпретациа азыруеит. Ус иҟоуп абиблиатә, антикатә ҭоурыхқәа ирхылҵыз асиужетқәа рӷьырак. Сара аӡәгьы дсыршанхарц сашьҭамызт. Аибашьра иуниверсалтәу ҭагылазаашьоуп, аха иара иамоуп ахатә ԥштәқәа. Урҭ рыԥшаара ауп акыр ихадоу. Аԥсуа ҟазшьа ззырҳәо аасырԥшырц сҭахын сажәабжьқәа рҿы.
- Арҭ асиужетқәа ирылхны акино аҭыхра угәы иҭоума?
- Аиаша басҳәоит, сыхԥароушәа иалҵуеит, аха гәҭакыс исымоу апиеса аԥҵароуп, уи апрозеи акинои ишырцәыхароугьы. "Аӷбаду" апиеса алысхыр цәгьа избом. Ииашоуп, уи ажанр сара истәу акәынгьы избом, акинои алитературеи еиҳа исышьашәалоуп, аха усгьы... Ибдыруама ас сызхәыцуа? Амамзаара иахҟьоит уи. Акино ҭысхрын, аха алшарақәа сымам усҟак. Аҩбатәи ажәабжь еиҳа ипсихологиатәуп, аҽҟьарҭақәа маҷуп, аха актәи "Аӷбаду" акино бзиа алҵуан. Иҟалап, ателеверсиа еиҳа исзымариахар аҭыхра. Аӷба амшын ихҵаны аҭыхрақәа рымҩаԥгара акыр иуадаҩуп. Ателеспектакль еиҳа исзалҵыр ҟалап. Уи сара сфантазиа ауп, иалҵуа аҳәара уадаҩуп. Исабжьызго рацәаҩуп, иҵегь ажәабжьқәа ҩны, ҿыц еиҭаҭсыжьырц ашәҟәы. Раԥхьатәи сышәҟәы 200 екземплиар роуп иҟоу. Аха, ҿыц исыҩуагьы аҩаӡара бзиа рымазароуп, раԥхьатәиқәа ирыҵамӡуа.
- Иумоума агәаҳәара Урыстәылатәи аԥхьаҩцәа уҩымҭақәа рыдгалара?
- Уажәы Урыстәылагьы алитература ала ахныҟәгашьа ыҟам, адетективқәа умыҩуазар. Даҽа хыҵхырҭақәак умазароуп, алитература мацара уаҿызарц азын.
- Урыстәылаа ашәҟәы иаԥхьо ракәу џьысшьоит сара?
- Усҵәҟьа акәым, иаԥхьоит ҳәарада, аха асовет уаа реиԥш иаԥхьом. Аурыс литература адунеитә литература иамазкуа литературоуп. Адунеитәқәа рацәам, иаҳҳәап афранцызтә, англызтә, америкатәи, иара убас аурыс литература роуп аҳра зуа.
- Ибрагим, Аԥсны алитературатә еицлабра далахәызҭгьы, 18–тәи аҭыԥгьы иоуамызт ҳәа алаф иухысҳәааз шԥаудукылои?
- Аиашаҵәҟьа, сара Фазиль Искандери Даур Занҭариеи илырхыз амҩала сцарц сҭаххеит. Ҳара ҳҿы бзиа ирбоит анҭыҵынтәи аиааира ганы иаауа. Уи амилаҭ маҷқәа ирфеноменуп. Блаф ҳазыгьежьуазар, сара Урыстәыла аҽалархәра еиҳа исзымариан ара аасҭа. Аиаша басҳәоит, ҳара ҳҿы наҟ џьара аиааира зго бзиа ирбоит. Сара иалсхит иауз - икьаҿыз амҩа. Урыстәылантәи арахь аҭалара еиҳа имариоуп, ара ушиашоу акәымкәа. Аноменантцәа аԥхьахәқәа ҳарҭон Москва Тургенев ихьӡ зху абиблиотекаҿы. Аквартет инанагӡон аклассикатә музыка. Апафос рацәамызт, аха даара аԥхарра зҵаз аҭагылазаашьа ыҟан. Сара Москваҟа иансыԥхьоз исарымҳәаӡеит аиааира шызгаз. Уа шорт-лист ҳәа изышьҭоу аҿы быжьҩык аноменантцәа ыҟан. Раԥхьа аџьшьаратә шәҟәқәа ршеит, нас иаиааиқәаз. Ԥшь-номенациак ыҟан зынӡа. Аматематика хәыҷык сымдыруеи, ԥшьҩык ҳанынха сара аиааира згаз сышрылашәаз еилсыргеит. Ҽааны дара ироуеит апрезиденттә грант, убри аҟынтә амҽхак еиҳагьы иҭбаахоит уи аицлабра…