https://sputnik-abkhazia.info/20240115/sputnik-amchybzh-azhyrnya-agaa-rakhati-asy-leit-1049821539.html
Sputnik амчыбжь: Ажьырныҳәа, агаҿа раԥхьатәи асы леит
Sputnik амчыбжь: Ажьырныҳәа, агаҿа раԥхьатәи асы леит
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 8 -14 рзы ареспубликаҟны имҩаԥысыз иалкаау ахҭысқәа есымчыбжьатәи рыхҳәаа. 15.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-15T09:15+0300
2024-01-15T09:15+0300
2024-01-15T09:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102631/58/1026315810_0:37:1001:600_1920x0_80_0_0_fbf0cc5a34c816dce4fa6d25167705a2.jpg
Ииасыз амчыбжь злалкаахаз атәы Sputnik аматериал аҟны.SputnikАжьырныҳәа 13-14 руха Аԥсны иазгәарҭеит акыр ижәытәӡатәиу, ҳтәылаҟны аныҳәақәа ирхадоу - Ажьырныҳәа.Амра анҭашәалак ҭаацәаныла ажьирахь инеиуеит. Аҭаацәа иреиҳабу иара иаԥу ауснагӡатә мҩаԥганы, дныҳәаны данаалгалак ачашә, акәакәар агәҭа аҟынтәи хәыҷык аамхны, агәи-аӷәаҵәеи кәац ҿаҵак аамхны, аҩы нақәҭәаны, аԥсынгьери аума, ма ахәыблы, аҳаракыраҿ, ма абагьыр акы иахәымгаратә иқәиҵоит, абас наҳәаны: "Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!"Раԥхьатәи асыАԥсны ажьырныҳәа 12 рзы амш иааларҟьаны ицәгьахеит. Риҵатәи амилаҭ парк иахьаҵанакуа 15 сантиметр асы ауит. Аха убри аан Риҵаҟа ихалоз амашьынақәа рзы ԥынгыла ыҟамызт.Ажьырныҳәа 13 руха агаҿа раԥхьатәи асы леит. Гәдоуҭа араион аҟны асы еимагылан иауан, аха ашьыжь иӡҭхьан. Амшцәгьа ԥырхага ҳәа акагь ҟанамҵаӡеит. Ареспубликатә мҩаду хада Ԥсоу-Егры аҟны акәзар, атранспорт ныҟәараз аԥкрақәа ҳәа акагьы ыҟаӡамызт.Амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа аԥыхупИҳаҩсыз амчыбжь азы, Хыԥсҭа ақыҭан ԥхынҷкәын 23-24 руха иҟаз амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа зегьы аԥырхит. Ақыҭаҟны ҩ-ҩнык ахыбқәа зынӡа иақәнахит, даҽа ԥшь-ҩнык ааха роуит.Ажьырныҳәамза алагамҭазы ааха зауз аҩнқәа хыбны иалгеит.Еилагарада аԥсыӡкраАԥсны аԥсыӡкра аамҭа иацнаҵоит. Аԥсыӡ 20 тонна инарзынаԥшуа иркхьеит. Убри аан сынтәатәи аквота 27 нызқь тонна шьақәгылоуп.Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа аԥсыӡкра бзианы имҩаԥысуеит. Убри аан аԥсыӡкраз иаԥҵоу аԥҟарақәа реилагара ыҟам. Иахьатәи аамҭазы аилагара ҳәа иҟоу - аҟәара аҟынтәи 500 метра иазааигәаны аԥсыӡкра ауп, ус еиԥш ҩ-хҭыск ашәҟәы иҭагалоуп.Аԥсныҟа сасраАԥсны атуристцәа даара азҿлымҳара арҭоит аԥхын еиԥш аӡынгьы. Убыс ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа, ажьырныҳәа 1-10 рзы Риҵа иаҭааит 10 127-ҩык аԥсшьаҩцәа. Ари аамҭаз ирҭииз абилеҭқәа 6,5 миллион мааҭ иартәеит. Ҵыԥх ари аамҭаз Риҵа иаҭааит 10 077-ҩык.Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны сынтәа аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп. 2023 шықәсазы аҳаԥы иҭалеит 6 395-ҩык, ахашәала 4,5 миллион мааҭ рҟынӡа иартәеит.Аспектакль "Саншьа Иуана"Аԥсуа драматә театр аҟны Антон Чехов ипиеса ала аспектакль "Саншьа Иуана" ықәдыргылоит. Ақәыргылаҩ арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба.Аспектакль иалахәуп Аԥсны Жәлар рартист Сергеи Габниа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Тома Гамгьиаԥҳа, Адгәыр Малиа, Лаврик Ахба, иара убас Розита Ҭаниаԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Лана Џьопуаԥҳа, Леон Кәыр-оглы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240113/azhyrnya-ashaaa-ryzkhashrei-ui-iakhati-aaki-1049814088.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240112/aturizm-aministrray-eiareit-riei-afonytsti-aai-shaay-aaaz-1049798364.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240111/saveli-yanaa-eieieit-asny-asykra-aama-shymaysua--1049792984.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102631/58/1026315810_54:0:943:667_1920x0_80_0_0_1395b2b1225d87cf0dd009cb10282beb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура, аԥсшьара
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура, аԥсшьара
Sputnik амчыбжь: Ажьырныҳәа, агаҿа раԥхьатәи асы леит
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 8 -14 рзы ареспубликаҟны имҩаԥысыз иалкаау ахҭысқәа есымчыбжьатәи рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь злалкаахаз атәы Sputnik аматериал аҟны.
Ажьырныҳәа 13-14 руха Аԥсны иазгәарҭеит акыр ижәытәӡатәиу, ҳтәылаҟны аныҳәақәа ирхадоу - Ажьырныҳәа.
Ари аныҳәараҿ раԥхьаӡа игылоуп ашьтәа. Уи абшьтәа хышықәса зхыҵуа акәзар бзиоуп, иҟоуп аӡыс зшьуагьы (досу ишилшо). Убас шықәсык абжьара шықәсык ашьтәа зшьуагьы, егьи иааиуа ашықәс рбаӷьла мацара иныҳәоит. Ашьтәа цқьазароуп. Заа иҿарҳәоит аҽарыцқьаразы – махәқәак, ашәч арҭоит. Ажьирахь ианырго, аҿы, ашьапы ӡәӡәаны, мпахьшьыцқьала ирбаны инаргоит.
Амра анҭашәалак ҭаацәаныла ажьирахь инеиуеит. Аҭаацәа иреиҳабу иара иаԥу ауснагӡатә мҩаԥганы, дныҳәаны данаалгалак ачашә, акәакәар агәҭа аҟынтәи хәыҷык аамхны, агәи-аӷәаҵәеи кәац ҿаҵак аамхны, аҩы нақәҭәаны, аԥсынгьери аума, ма ахәыблы, аҳаракыраҿ, ма абагьыр акы иахәымгаратә иқәиҵоит, абас наҳәаны: "Абри Ачбеи Чачбеи еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа иаласырҭхаџьаанӡа зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!"
Аԥсны ажьырныҳәа 12 рзы амш иааларҟьаны ицәгьахеит. Риҵатәи амилаҭ парк иахьаҵанакуа 15 сантиметр асы ауит. Аха убри аан Риҵаҟа ихалоз амашьынақәа рзы ԥынгыла ыҟамызт.
Ажьырныҳәа 13 руха агаҿа раԥхьатәи асы леит. Гәдоуҭа араион аҟны асы еимагылан иауан, аха ашьыжь иӡҭхьан. Амшцәгьа ԥырхага ҳәа акагь ҟанамҵаӡеит. Ареспубликатә мҩаду хада Ԥсоу-Егры аҟны акәзар, атранспорт ныҟәараз аԥкрақәа ҳәа акагьы ыҟаӡамызт.
Амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа аԥыхуп
Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Хыԥсҭа ақыҭан ԥхынҷкәын 23-24 руха иҟаз амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа зегьы аԥырхит. Ақыҭаҟны ҩ-ҩнык ахыбқәа зынӡа иақәнахит, даҽа ԥшь-ҩнык ааха роуит.
Ажьырныҳәамза алагамҭазы ааха зауз аҩнқәа хыбны иалгеит.
Аԥсны аԥсыӡкра аамҭа иацнаҵоит. Аԥсыӡ 20 тонна инарзынаԥшуа иркхьеит. Убри аан сынтәатәи аквота 27 нызқь тонна шьақәгылоуп.
Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа аԥсыӡкра бзианы имҩаԥысуеит. Убри аан аԥсыӡкраз иаԥҵоу аԥҟарақәа реилагара ыҟам. Иахьатәи аамҭазы аилагара ҳәа иҟоу - аҟәара аҟынтәи 500 метра иазааигәаны аԥсыӡкра ауп, ус еиԥш ҩ-хҭыск ашәҟәы иҭагалоуп.
Аԥсны атуристцәа даара азҿлымҳара арҭоит аԥхын еиԥш аӡынгьы. Убыс ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа, ажьырныҳәа 1-10 рзы Риҵа иаҭааит 10 127-ҩык аԥсшьаҩцәа. Ари аамҭаз ирҭииз абилеҭқәа 6,5 миллион мааҭ иартәеит. Ҵыԥх ари аамҭаз Риҵа иаҭааит 10 077-ҩык.
Жәамш рыла Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалеит 7 324-ҩык. Дара иаанрыжьит 5,12 миллион мааҭ.
Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны сынтәа аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп. 2023 шықәсазы аҳаԥы иҭалеит 6 395-ҩык, ахашәала 4,5 миллион мааҭ рҟынӡа иартәеит.
Аспектакль "Саншьа Иуана"
Аԥсуа драматә театр аҟны Антон Чехов ипиеса ала аспектакль "Саншьа Иуана" ықәдыргылоит. Ақәыргылаҩ арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба.
Аспектакль иалахәуп Аԥсны Жәлар рартист Сергеи Габниа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Тома Гамгьиаԥҳа, Адгәыр Малиа, Лаврик Ахба, иара убас Розита Ҭаниаԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Лана Џьопуаԥҳа, Леон Кәыр-оглы.