Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи архәҭақәа Купиансктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Алексей МайшевРоссийские военнослужащие в зоне специальной военной операции
Российские военнослужащие в зоне специальной военной операции - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2024
Анапаҵаҩра
Украинатәи арбџьармчкәа уахыки-ҽнаки рыла 150-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәеи ҩ-машьынаки рцәыӡит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа уахыки-ҽнаки рыла Купиансктәи ахырхарҭаҿы аӷа ижәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Купиансктәи ахырхарҭаҿы "Западный" архәҭа агәыԥқәа, украинатәи амеханицациа зызу 30-тәи, 32-тәи, 60-тәи ажәыларатә гәыԥқәеи, 57-тәи амотошьаҟартә бригадеи, 103-тәи аҵакырахьчаратә бригадеи ржәыларақәа жәаба аԥдырҟәҟәааит Харковтәи аобласт Синковкеи Крахмальное аиланхарҭақәа рыҟни ДЖәР Терны ақыҭаҟни", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла УАМ ржәыларақәа ԥшьба аԥырҟәҟәаан, аӷа ицәыӡит 280-ҩык асолдаҭцәеи, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩбеи, быжь-автомашьынаки, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздикеи".
Иара убасгьы, Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа ԥшьба. Киев иаиуит ацәыӡқәа: ишьуи ахәрақәа заузи асолдаҭцәа 320-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭархоуп апикапқәа фба, агаубица "Мста-Б", абзарбзан Д-20. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы - 95-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, х-автомашьынак, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Акациақәа" ҩба.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы аррамаҵзурауаа ишьуи ахәрақәа заузи рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭархоуп аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩба, абзарбзан Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы – 50-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, ҩ-автомашьынак, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгылақәа М109 "Paladin".
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит арадиолокациатә станциа "IRIS-T", иара убас 118 раион рҟны ари атехникеи ааха рырҭеит.
Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит украинатәи адронқәа 20, HIMARS ареактивтә хеиҵаҵаки.
Заседание министров иностранных дел ОДКБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2024
Урыстәыла
Лавров: иҳалшо зегь ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа адемократиатә ҟазшьа рымазаарц
Ажәабжьқәа зегьы
0