Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сара абри аԥҳәызба сеилалгоит!..": абзиабара иазку аԥсуа поезиа ацәаҳәақәак ирызкны

© Sputnik / Валерий ШустовМолодожены Галина и Виктор Фроловы на прогулке в Нескучном саду в Москве
Молодожены Галина и Виктор Фроловы на прогулке в Нескучном саду в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поезиа амра ашәахәақәа реиԥш иалԥхаауа абзиабаратә жәеинраалақәа дырзааҭгылоит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ԥҳәызба шанак далоуп Аҟәа,
Ԥҳәызба ссирӡак, ԥҳәызба еинаалак,
Ԥагьа-ԥагьа, аҽарҳаиԥш дныҟәо,
Агахь днеилоит хәылбыҽхала.
Владимир Аҵнариа
Ҳаԥсуа литература беиоуп ажанрқәа зегьы рыла. Еиҳаракгьы апоезиаҿы алирикатә, абзиабаратә жәеинраалақәа ҳарзааҭгылозар, урҭ амра ашәахәақәа реиԥш ҳпоезиа иалԥхаауеит. Раԥхьаӡатәи Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа зехьынџьара ҳкультуратә хәышҭаарақәа рҿы ишыҟаиҵаз еиԥш, араҟагьы ишьҭа ԥшӡаӡа иаанижьит. Сара схаҭа шаҳаҭс акырынтә сроухьеит, уи иреиӷьӡоу илирикатә жәеинраалақәа ҳажәлар ирацәаҩӡаны еиуеиԥшым абиԥарақәа рҟынтәи ҿырҳәала ирҳәо, уимоу бзиа еибабогьы еибырҳәо. Уи еиҳау анасыԥ арбану, апоет ицәаҳәақәа уразҟы аҿы иануцхраауа, уара иузымҳәо, узцәыԥхашьо, дара иаауҿԥааны ианырҳәо...
Бызбоит, бызбоит,
Бзиа бызбоит,
Аарцә бызбан,
Нырцә бызгоит.
Хароуп бымҳәан,
Сызцом бымҳәан,
Сара бызгоит,
Бара бмыҳәҳәан!
Ари ажәеинраала иҵегь иацу ыҟоуп, уахь еиҳагьы апоет игәы ааиртуеит, иоуԥшәыл агәра лиргоит лара лыда ԥсыхәа шимам, рынасыԥқәа еиларҵар, инапы дықәыргылан дшибо. Нас, ари аҩыза апоезиа ихнамхуа дарбану, уи еиҿкааны, ирԥшӡаны изызҳәаз, инасыԥ ахь раԥхьатәи ашьаҿа ҟаиҵоит.
Аха иҟоуп дара аӡӷабцәагьы уи ианаҵамхо, самарҟәылла, лафла, иара Дырмит ду даҽа иажәеинраалак ала аҭак ҟазҵо. Уи ажәеинраала иахьӡуп "Аԥҳәызба илышьҭоу аҷкәын иахь", иара кьаҿуп азы, насгьы аҵакы ацәмыӡырц, ишеибгоу иаазгоит:
Ауарбажә ашәҭыц иазнауазеи,
Ахаԥыцқәа ирыбжьакны?
Сара исеиԥшу илзууазеи,
Уҩны еицаҟьа дыҩнакны!
Уара иуаҭәоу дзузымдыруазеи,
Ухылԥарч баба ухагәаны?
Сара исеиԥшу илылухуазеи,
Уашҭа хымкаа дҭаҵаны?
Аԥҳәызба ԥшӡа узлышьҭоузеи,
Уҽи укәадыри еиқәҵаны?
Уи илеиԥшу илоуҳәауазеи,
Унымха-хымҵәа уаашьаҩны?
Сара исҭаху: деилыхханы,
Дгәырӷьа-ччауа, дуаҩны!
Арҭ абзиабаратә-лирикатә жәеинраалақәа зегьы усҟан Гәлиа иаԥиҵаз шамахаӡак зегьы ажәлар ирылҵит, ажәлар ирзааигәаӡоуп, афольклори алитературеи "еимаркуеит", иуҳәар ауеит, урҭ апоет рыԥсы рхеиҵеит, апоезиатә ԥсҭазаара риҭеит ҳәа.
Спектакль приурочен к 150-летию Народного поэта Абхазии Дмитрия Гулиа в драмтеатре Он и Она  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2024
Аԥсны
"Иареи лареи": Дырмит Гәлиа ипоема иалху аспектакль шымҩаԥысыз
Дырмит Гәлиа иаамышьҭахь даара абаҩхатәра бзиаӡа зманы иаацәырҵыз апоетцәа ссирқәа дреиуан Иуа Коӷониа. Уи, аиашаз, абзиабаратә-лирикатә жәеинраалақәа ииҩыз маҷӡаны еиқәхеит, уимоу, иахьа уажәраанӡа иҭыҵхьоу ишәҟәқәа акгьы ианымлаӡацт. Акызаҵәык, 1979 шықәсазы апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Гәыблиа ажурнал "Алашараҿы" иикьыԥхьыз Иуа Коӷониа изку астатаиа "Сыԥсаҩҭкаара, Аԥсынра" аҿы иҳәоит ишеиқәхаз уажәраанӡа уаҩ иԥыхьамшәацыз илирикатә жәеинраалақәа. Урҭ руак абзиабаратә лирикахь иаҵанакуа акызаҵәык ыҟоуп, 1927 шықәсазы ииҩыз, макьанагьы шәҟәы ианымлац. Уи иҩыза гәакьа ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашба истатиак аҿы излазгәеиҭоз ала, усҟан абзиабаратә жәеинраалақәа ирцәыԥхашьозар акәхарын, шамахаӡак иҩны измазгьы ицәырыргаӡомызт, ашәҟәқәа ирнырҵаӡомызт. Аха разҟны, уажәшьҭа ицәырыргеит, аҭҵааҩцәагьы еиқәшаҳаҭны ирҳәоит ари абзиабаратә жәеинраала апоет-гәлымҵәах Иуа Коӷониа ишитәу. Еиҭасҳәахуеит, уажәраанӡа шәҟәык иахьанымлац азы, кыр шықәса рышьҭахь "Алашара" иахьаныз акәымзар, уи ус шакәу шьақәирыӷәӷәоит ҳжурнал "Алашара" ианыларан иҟоу аҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба истатиа "Апоет гәлымҵәах иҭынхажәаҿгьы". Ажәакала, абар аԥхьаҩ ицәыӡны иҟаз абзиабаратә жәеинраала.
Бхала быҟоума. Ауаа брылоума –
Цәа-цәашьушәа сгәаҵа бҭаԥхоит.
Агәи агәи еицәыӡыр, еибаԥшаауеит,
Аха бара бабаҟоу, сбызхьуеит.
Мши-ҵхи брылызбаауеит, хара багаргьы,
Сашәа балоуп, балоуп сыԥхыӡ.
Аҩны, адәны – бсыцуп иахьабалакгьы,
Аха бабаҟоу, иахьа бысцәыӡт.
Адгьыл анаӡараҿ ба бынхама,
Ма ажәҩан балыхәхәа балоума џьара,
Бахьагалакгьы сылаԥш быхшәашам,
Нас бзақәиҭми аҭак аҳәара.
Бызшәак ауп ирымоу, уи еиднакылоит
Зыԥсы еихәлоу, еицу еизгәышьны,
Бымҩа аҵкар ахь сыԥшуа сзынхазеи,
Сбыҳәоит блакҭа хаа сынҭарԥшы.
1927 ш.
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2019
Арадио
Лашәриа Иуа Коӷониа изы: аԥсуа поезиаҟны дцәырҵаанӡа "аԥсаатә шәаҳәомызт, ажәҩан еҵәадан"
Иҵегь арахь иааигәоу ҳпоетцәа дуқәа рлирикатә поезиа ҳалацәажәозар, Баграт Шьынқәба имоуп зынӡа игениалтәу ажәеинраалақәа. Урҭ Пушкин ипоезиеиԥш еихышәшәоит, зынӡа иреиҳаӡоу апоезиа аҩаӡараҿ ихеигалеит. Убри азоуп, иахьа аԥхьаҩцәа рацәаҩӡаны изрымоу, ажәлар рҿы изынхаз, апоезиатә хәылԥазқәа дара рыла издырԥшӡо. Иаагап урҭ рахьтә, зегь раҵкыс икьаҿу акы:
Ага иҭынчу сныҽԥынтәалан,
Ла слызхәыцлап, изурызи?
Ацәқәырԥ былгьа-былгьа еишьҭалан,
Са сыгәҭыхаз ирҳәарызеи?
Ацәқәырԥ гәырӷьоит, са снатәазар,
Ахьырхьырҳәа ахаҳә ибжьаччо,
Издыруада уи азҳәазар,
Деиҭаҳбахырц уи дычча-ччо?!
Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа бзианы ижәдыруама?
Ажәлар ибзиан ирылаҵәахьоу абзиабаратә жәеинраалақәа рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада ҳазраҩысуам, Баграт ду иабиԥара иатәыз, азал дуқәа рҿы ҳаԥхьаҩцәеи ҳзыӡыҩрцәеи рритмика хаала акырынтә ихызххьаз, анапеинҟьабжьқәа рацәаӡаны изцыз, Иван Ҭарба иажәеинраалақәа. Урҭ рахьтә, иаарылукаартә иҟоуп, ирацәаҩынгьы иахьа ҿырҳәала ирҳәоит, ажәеинраала ссир "Бара быда сцом Аҟәаҟа!" Иааҳгап ажәеинраала алагамҭа:
Са сандәықәла Аҟәаҟа,
Агәҭацәыра згома, нас?
Сыламысгьы саҟаҟап -
Бара бныжьны сцома, нас?!
Амшын хықәаҿ сымала,
Агәҿыӷь саго стәома, нас?
Бсахьа сыла ихгылалап,
Ҭынч аԥсшьара збома, нас?
Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит
Иахьа шаҟаҩы ҿырҳәала ирдыруада Гьаргь Гәыблиа ибзиабаратә жәеинраала "Бысзыԥшыз". Уи зеиӷьҭам ашәагьы алҵит, аду инаиркны ахәыҷы иҟынӡа ҿырҳәала ирҳәоит. Иаагап алагамҭа ԥшь-цәаҳәак:
Са саԥсуоуп, са салмасуп,
Сара сақәтәоуп саб иҽыз.
Апҟаҩҳәа снеиуеит, са сымҩасны,
Уаҟа агәашәаҿ бысзыԥшыз!
Гьаргь Гәыблиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2022
Аԥсны
"Са саԥсыуоуп, са салмасуп!": Гьаргь Гәыблиа игәалашәара иазкны
Даара иссируп амцеиԥш ибылуаз апоет-атрибун Владимир Анқәаб илирикатә-бзиабаратә жәеинраалақәа. Уи сара акырынтә сиқәшәахьан азал дуӡӡақәа рҿы аҿаца-ҿацаҳәа ҽырҳәала данрыԥхьоз, аҭыԥҳацәа ссирқәа шәҭыла данырҩычоз! Иара ихаҭагьы ҭеиҭыԥшла, чаԥашьала, улаԥш узиҟәыгаӡомызт, абзиабаратә жәеинраалақәа рыԥхьара даналагалак, азал зынӡа итҟәон, лахҿыхрыла имҩаԥысуан иара дызлахәыз апоезиатә хәылԥазқәа зегьы. Абраҟа иаазгар сҭахуп, илирикатә жәеинраалақәа рҟынтәи зегьраҵкыс икьаҿыз, аха азыӡҩрцәа, уамакала иргәаԥхоз руак:
Ашҳам сылоуп, ашҳам,
Сгәаҵа иҭалт, сбылуеит.
Хәшәыда са сеиқәхашам,
Сцәа-сжьы шуеит, ишуеит.
Са сгәаҭеиуа сықәуп,
Ҭынч сызтәом џьара.
Сыхаара, ашҳам сыбҭеит,
Ахәшәгьы сыҭ бара!..
Владимир Анкуаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны
Абзиабаратә лирикаҿы даара ажәеинраала ссирқәа аԥызҵахьоу ҳпоетцәа дуқәа дреиуоуп апоет-қәрахьымӡа Таиф Аџьба. Уи ибзиабаратә лирика хаз шәҟәны иҭужьуазаргьы, зеиӷь ҭам ашәҟә бзиа алҵуеит. Сгәы иаанагоит, ари аҩыза аидеиа бзиа ҳашәҟәҭыжьыҩцәа адгылап ҳәа. Уи дарбанзаалакгьы ақәыԥш ҳамҭас ианиуҭа, иреиӷьу ҳамҭахоит, илыԥшааххоит. Абра иаагап урҭ ажәеинраала ссирӡақәа рҟынтәи шәагаала реиҳа икьаҿқәоу руак, иахьӡуп иара "Лани лаби шәлықәгәырӷьа".
Лани лаби шәлықәгәырӷьа,
Ишԥалызҳаи ишәхылҵыз!
Макьанатә ижәдыруама
Шаҟаҩ рыбла хылкыз?!
Арԥарцәа лыҿхагахо
Илышьҭоупеи, даагәашәҭеишь,
Дгәылҵын шәа шәыԥҳазаҵәы,
Дгылоуп атамашәҭеиԥш!..
книга Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Аԥсны
Атест: иацышәҵа апоет Таиф Аџьба еицырдыруа ицәаҳәақәа
Даара абзиабаратә жәеинраала ссирқәа рацәаны иҩхьан апоет Рауль Лашәриа. Хымԥада наҟ-наҟ урҭ ирыхәҭоу аҭыԥ аҿы иргылан ирыхцәажәатәуп, иҭыжьтәуп, ҳаԥхьаҩцәа бзиақәа зегьы рҟны инеиртә иҟаҵатәуп, уаҵәтәи абиԥара "агьама" рбароуп иреиӷьӡоу апоет илирика. Абраҟа иаагоит уи заатәи илирикатә жәеинраалақәа рҟынтәи икьаҿу акы, иахьӡуп иара "Алаф".
Ишьатәуп бчеиџьыка ахә ара,
Абысҭа былшома ахәара?!
Абысҭа былшар ахәара,
Иахамшәало бырҽхәара,
Сан ибзылуп анхәара,
Саб ибзиуп абхәара,
Саҳәшьцәа ибзыруп анхәыԥҳара,
Сашьцәа ибзыруп бхәындара,
Абысҭа былшар ахәара!..
Рауль Лашәриа, иҩызцәа-ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Витали Амаршьан, Инна Ҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Никәала Кәыҵниа, уб.егь. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2020
Зыеҵәахә камшәо апоет: Рауль Лашәриа игәалашәара иазкны
Ҳаҭыр зқәу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, аҭыԥҳацәа ссирқәа, Жәларбжьаратәи аныҳәа ду Март 8 шәадныҳәалазааит, абра зыӡбахә ҳзымҳәаз, иреиӷьӡоу ҳаԥсуа поетцәа рыбзиабаратә лирикатә поезиа амшын ду иаҩызоуп, ирацәоуп, уи зегьы шәара шәоуп изызку, шәара шәоуп изхылҵыз, шәара шәзоуп изҩу.
Илашаӡа згәы ааԥынра ҭало ҳҿар, бзиа еибабо, зыԥхыӡ маӡақәа раартра ишазхәыцуа изыршо, ашьац иаҵәеиԥш иԥшқараху аччаԥшь-хаа азы быжь-ӡык ируа, быжь-цҳак ирықәсуа, быжь-шәындыҟәрак рыхьтәы цаԥхақәа ахьхьаҳәа иаазыртуа аԥсуа лирикатә поезиа есымша ишәыцзааит. Шәагымзааит Аԥсны! Шәара шәыԥшӡареи, шәлакҭа хааи ирызку ацәаҳәақәа ахаангьы ԥсра рықәлаӡом!
Ажәабжьқәа зегьы
0