Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа – аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…": Таиф Аџьба илирика азхәыцра

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 11 рзы дҳалагылазҭгьы 85 шықәса ихыҵуазаарын иналукааша аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаӷацәа Аҟәа, зуада иаадәылганы иргаз, уаҳагьы зхабар ҟамлаз Таиф Аџьба.
Афилософиа зҵоу, абзиабареи аԥсабареи ирзышәаҳәо ипоезиа иазкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
Хәажәкыра 11 рзы апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 85 шықәса ҵуеит. Уи ҳара дҳацмижьҭеи уажәшьҭа 32 шықәса ирықәуп. Апоет илахьынҵа уаназхәыцуа, ухы уазымҵаар ауам: избан абас намысла адунеи ианыз ауаҩы гьангьашрыла дызҭадырхаз? Уи азҵаара аҭак ҟанаҵар алшоит иҳақәлаз агрессор игәҭакы хада - аԥсуа жәлар адунеи раныхра.
Сзызхәыцуазеи иахьа Таиф Аџьба ииубилеи аламҭалазы? Ҿыц иҩымҭақәа саныргәылаԥшуа, иџьасшьоит заҟа дрыхьӡаз, заҟа ирҿиаз.
Ари анҵамҭаҿы иалыскаарц исҭаху - афилософиа зҵоу абзиабареи аԥсабареи ирызку ашәақәа роуп.
Ҳаамҭазтәи ашәаҳәаҩцәа ртекстқәа еиҳарак рхаҭа ирыҩуеит, аха урҭ рӷьырак ирныԥшуеит ажәақәа рҵакы еизадара. Ашәа гармониала еиҿкаазарц азы - иҟазароуп апоезиа ахаҭа, нас уи иаҵаҵәаху амелодиа. Апоет Аџьба иажәеинраалақәа зегьы ирыҵубаауеит амузыка ашьҭыбжь.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Аԥсны
Владимир Занҭариа: Таиф Аџьба иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан
Таиф Аџьба аразҟы змаз рҿиаҩын ҳҳәар ауеит иашәақәа иахьагьы ҿырҳәалеи музыкалеи еиҿыбааны иахьҳаҳауа. Арҭ ажәақәа шьақәнарӷәӷәоит 2001 шықәсазы "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" иҭнажьыз "Амра ссируп аҭашәамҭаз" захьӡу ашәҟә хәыҷы. Уи еиқәиршәеит апоет ирҿиареи иҭынхеи иахьатәи аамаҭазы хылаԥшра азызуа аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа. Ашәҟәы ахьаауртуа ҳаԥхьоит: "Аизга еиднакылоит Аԥсны Аџынџьтәылатә еибашьра иалаӡыз ҳаамҭазтәи аԥсуа поет ду Таиф Аџьба ҳлитература ахьтәы фонд иагәылалаз иреиӷьу иажәеинраалақәа". Апоезиа адунеи аҿы ирымҳәац даара ишмаҷугьы, Аџьба иҳәан еиԥш – "зегь анырҵахьеит ашәҟәы", аха алирик иҭахын иара ифцырҟьа аԥсуа сахьаркыратә литература иахеиҳарц:
Аха усгьы скалам шьҭыхны,
Ақьаад ианысҵоит саргьы акы –
Уаҩ изымҳәаз иҿы иҭыхны,
Уаҩ изгәамҭаз – Сара стәы.
Хыхь иаагоу ацәаҳәақәа идыршаҳаҭуеит апоет еснагь дшашьҭаз иара иитәыз асахьақәа музыкатә шьҭыбжьыла рҩычара. Апоезиа Таиф Аџьба изын хыҵакырҭамызт, ԥсҭазааран. Аџьба иара дызлагылаз аамҭазы официалла апоезиа аиаҵәахәқәа дырхыԥхьаӡаламзаргьы, уи игәы канажьуамызт, иааиԥмырҟьаӡакәа ашәақәа аԥиҵон.
"Уи асахьаркыратә ажәаҳәа даара пату шизақәу, игьамадоу апоезиа шицәымӷу аабоит актәи иажәеинраалақәа реизга инаркны", - иҩуан аҵарауаҩ Артур Аншба, Таиф Аџьба ицәырҵра дазхәыцуа.
Изныкымкәа ишысҳәахьоу еиԥш, Аџьба ирҿиара ажәлар рыларҵәара хабарда даныбжьаӡ ашьҭахь еиҳа амҽхак ҭбаахеит, уаанӡагьы уи ипоезиа агьама иаҿыхәаны избоз маҷҩымзаргьы. Ҳара ҳмилаҭ рзын уи иҭархара шцәыӡ духоз аурзымыдырхуаз агрессорцәа, урҭ рполитикатә философиа хада зызкызгьы аԥсуаа аӡәаӡәала адгьыл раныхра, ркультура ахәаҽра акымзи?!
Ифилософиатә лирикаҿы аҳра зуа жәеинраалоуп ҳҳәар ауеит "Амра ссируп аҭашәамҭаз". Ари апоет ианиҩыз арыцхә еилкаам, аха иара агәылалеит 1973 шықәсазы иҭыҵыз "Амш ианацло" захьӡу апоет ахԥатәи ишәҟы. Усҟан арҿиаҩы 34 шықәса ихыҵуан. "Иқәра ишаноумшьара аҟәышра рнубаалоит иажәеинраалақәа", - ҳәа азгәаҭоуп уи аԥхьажәаҿы.
Аԥсҭазаара абзиабара, уи ааныжьра иацу ахьааазы абас иҳәоит апоет:
Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит,
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.
Амреи ауаҩи рыԥсҭазаара аишьашәалара аанарԥшуа џьысшьоит апоет иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа ирхуԥхьаӡалаша ари ашедевр. Апоет иқәиргылоит инаунагӡатәу азҵаара, аԥсҭазаара ааныжьра азхәыцра:
Имариоума зегь рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа,
Зегь ааныжьны ацара?
Таиф Аџьба ари аниҩуаз, ҳәарада, аԥсра абла аҭаԥшра акыр дацәыхаран, аха зегь акоуп афилософиа зырҿиоз апоет иаҳасабала ахьаа ду ацны иҳәоуп - адунеи аныҵра азхәыцра:
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа…
книга Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Аԥсны
Атест: иацышәҵа апоет Таиф Аџьба еицырдыруа ицәаҳәақәа
Ари анҵамҭа зыҩуа алитератураҭҵаара иамаскуам, аха апоезиа абзиабаҩ лаҳасабала исҳәарц сылшоит – Таиф Аџьба ифилософиатә лирикаҿы илахьынҵа рыцҳарак шаԥеиԥшыз гәынхәҵысҭала еилиргон… Сыззаҭгыло ажәеинраала даҽакы иеиԥшымкәа апоет ихаҭара иашьашәалоуп, иахьа хәлаанӡа иашәақәа ззикуаз зегьы рзы дбылуан. Убас, ҿымҭӡакәа, ибжьы ҳмаҳаӡакәа, дзызхәыцуаз амра аҭашәамҭеиԥш ацара иқәшәеит бзиа иибоз зегь ааныжьны жьҭаара 9 1992 шықәсазы. Апоет инысымҩеи ирҿиареи еидкыланы ҳанрызхәыцуа, еивгара дук рымам, уи дыҩуан адунеи ихы раӡаны дшықәыз еиԥш:
Сыԥсҭазаара – сдаҟьа сахӡыӡоит сара –
Ирыцҳауп ианшәалар иаԥсам ак џьара...
Аџьба ихаҭара саназхәыцуа, иаасмыртыр ауам уи ифилософиатә жәеинраала "Аҭәаҵла". Апоет ишихәшьадуа ала, ауаҩы ишьҭахьҟа инижьуа, ԥсра зқәымкәа инхо – иматериалтәым амал ауп:
Дыҟан – дымҩасит. Ирхашҭит
Дзызгәаҟуаз иусқәа зегьы.
Амҩан игылоу аҭәаҵлоуп
Иӡбахә зларҳәо уажәы…
Поэт Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩы: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Уажәшьҭа сазааирц сҭахуп апоет ирҿиараҿы аҳра зуа абзиабаратә лирика. Таиф Аџьба иишаз абзиабаратә мотивқәа рҿы - аԥсуа сахьаркыратә ажәаҿы иҟаз аԥынгылақәа ԥыххааны, иааиртит абзиабара иацу агәазыҳәарақәа рсахьанҵа. Апоет ирҿиара ҵаргәас иамаз абзиабара ҵаула шакәу агәра удыргоит икалам иҵыҵыз абзиабаратә хазырхақәа. "Са сгәы иҭыҵлааит Ашәа – алаӷырӡ зырбо", агәырԥсаҳәага иҩуеит апоет, ибзиабаратә лирика ашәала аԥхьаҩцәа иахьрызнеиго – "Сашәа" захьӡу иажәеинраалаҿы. Апоет абзиабара даргәаҭеиуан дырҿиаҩны данынгыла инаркны.
Ҵаҟа ҿырԥштәыс иаазго ажәеинраала "Сынбыжьу бынсыжьу сыздыруам" дазааҭгыло аҵарауаҩ Аншба иҩуан: "Араҟа апоет ицәыригоит ажәлар ртрадициа иазымдыруа абзиабаратә мотив. Апоет илирикатә фырхаҵа изы илахьеиқәҵагоу абзиабарагьы насыԥуп":
Еҳ, сыҟандаз усгьы сбызгәаҟуа,
Сагьбыҳәондаз иарсны сшьамхы.
Исымандаз, шьыри, иабаҟоу,
Сгәаҵаҟны бсахьа ҵәахны…
Арҭ ацәаҳәақәа иаадырԥшуеит Таиф Аџьба ирҿиара зегь зырцыхцыхуаз абзиабара шакәыз. Апоет дацәшәомызт аԥсуараҿы уҿазҳәоз абзиабара аԥарда анахара, игәы аԥхарра зхылҵуаз акәицқәа рӡыргара.
Апоет Борис Гәыргәлиа "Абаҩхатәра ссир" захьӡу истатиаҿы иҩуан: "Таиф Аџьба ипоезиаҿы аҭыԥ хатәра ааннакылоит аинтимтә лирика. Уи урҭ иажәеинраалақәа рыҟны ауаҩытәыҩсатә бзиабара цәыргоуп даара иԥсабаратәны, иҟәымшәышәны, иԥшқарахны, ауаҩышәара, аамысҭашәара аҵаҵаны, иҳаракны ауаҩытәыҩса дӡырнагартә еиԥш".
Иреиӷьу ҿырԥштәу џьысшьоит "Бареи сареи ҳхала":
Ҳҩыџьагьы ҳаӡәыкны
Абра ҳагәқәа анеиду –
Ишандаз, лашандаз –
Иԥшуп адунеи ду.
Ашамҭаз ҳаидызбало
Ираҳҳәап имӡакәа,
Еиԥырҵшьа шаҳзыҟамҵаз –
Рыҵых мыршакәа…
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Апоет ибзиабаратә лирика анаҳҳәо, дырҩегьых ҳазхьаԥшып Гәыргәлиа иҳәамҭа: "Иажәеинраалақәа абжьы хаа рхоуп, ԥсабарала еихышәшәоит". Апоет иажәеинраалақәа рӷьырак аԥсуа композиторцәа ашәақәа рылырххьеит, аха ианиҩыз нахысгьы дара ашәақәан уҳәар ауеит. Ашәаны ирҳәо "Амҩахәасҭеи амза иҭәуи…" зеиӷьыҟам ҿырԥштәуп апоет ибзиабаратә поетика аҽакы ишаламҩашьо азгәаҭаразы:
Амҩахәасҭеи амза иҭәуи.
Нас бареи сареи - убра,
Иашьны иҟоуи зхы зтәуи…
Ах, ишԥамариоу саршьра!
Артур Аншба ишазгәеиҭахьаз еиԥш, Таиф Аџьба ирҿиамҭақәа рҿы "аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит ауаҩи аԥсабареи реизыҟазаашьа аарԥшра". Ари атематика иазку иажәеинраалақәа руак иахьӡитәит "Аԥсабареи сареи":
Сҩықәтәан сҩалаԥшит аԥсабара.
Са сааԥшит – иааԥшит иаргьы.
Иҳабжьамлацшәа гәынхара.
Наҟ иаҳхаҳцәааит зынӡагьы…
Аџьба ибзиабаратә ашәақәа рҿеиԥш, аԥсабара данахцәажәо, иажәақәа акыр иҟәымшәышәуп. "Амза зхалаз" ахьӡуп араҟа ишәыдызгало аԥсабареи аинтимтә хәыцрақәеи еидызҳәало ацәаҳәақәа:
Аҵых. Арҵуқәа рыбжьада
Уаҳа бжьыҟаӡам адәны.
Иааҩнашылоит ус ауада
Ишеишеиуа амза ҭәны…
Апоет араҟа баша аԥсабара асахьа ҭихуам, илирикатә жәеинраала иалԥхаауа аԥҳәыс лыԥхыӡ-насыԥ цәыригоит:
Амза деиҽырбоит – лгәаԥхара.
Иаргьы лааигәаӡа иааскьоит.
Аблахкыга-раӡныԥсара –
Лхарԥ дагәылԥхаауа дкәашоит…
Иахьа Таиф Аџьба ииубилеи ашәхымс ҳанаалагыла, исҭахын аԥхьаҩцәа илирикатә ашәақәа ргьама шәнаҿыхәарц. Апоет ифилософиатә бзиабаратә лирика иаҳзыннажьит акыр ирхәыцгоу, илахьынҵарбагоу ашәақәа. Аџьба дазхәыцуан аԥсҭазаара насыԥ нагӡа шамамыз, "зегь анасыԥ иашьҭоуп" иҳәоит иара "Сааԥсеит егьа зундазгьы" захьӡу ажәеинраалаҿы. "Ианба, нас, иабаҟоу, иабыкәу сахьақәшәара" хәа азҵаара цәыргоит апоет, анаҩсан, абас еиԥш алкаа ҟаҵаны:
– Иудкыл аԥсҭазааратә
Гәаҟрақәа гәахәала,
Иԥсыз иоуп иҭынчу!
Зыԥсы ҭоу зегь … уахала!
Апоет абас еиԥш иҟоу агәалаҟарақәа шиҭаауазгьы, зегь акоуп даҿыгәҳәааны бзиа ибон аԥсҭазаара:
О, исанажь сыԥсыҽра – хәшәы змам,
Уазымӡырҩын исҳәо – хы змам.
Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа –
Аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0