Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи апаркқәа рҿы аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷақәа ндырҵәоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Самшит
Самшит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Анапаҵаҩра
Аҟазауаа адаԥи ашыци ахәшә рықәырҭәоит, аԥшьаша инаркны апальмақәа рыхәышәтәра иалагоит.
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҟәатәи апаркқәа рҿы аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷақәа ндырҵәоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Ақалақь ахадара АКН адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Атиопина лажәақәа рыла Аҟәа амцаԥшьхәаҷа шцәырҵыз азы адырра ҟарҵеит аекологцәа. Ари адырра ашьҭахь, адырҩаҽныҵәҟьа ауснагӡатәқәа рыдыркылеит.

"Аҭагылазаашьа уадаҩуп ахада Мусбарҭеи Аминистрцәа реилазаареи рҿаԥхьа. Уа ашәаԥыџьаԥ зегьы ахәшә ақәаҳҭәеит. Аҽа жәамш рышьҭахь аҽазныкгьы ари ауснагӡатә мҩаԥгатәхоит", - ҳәа лҳәеит Атиопина.

Аҟазауаа амцаԥшьхәаҷа ахьазгәаҭам аҭыԥқәа – Ахьӡ-аԥша апарк, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак рхыбрақәа рҿаԥхьа, амшын аԥшаҳәа рҿгьы аусурақәа мҩаԥыргоит. Атепина ақалақь ауааԥсыра ирабжьылгоит ашыц иахьазҳауа ирыҵанакуа аҭыԥқәа рҿы аинсектицидқәа ашәаԥыџьаԥ ирықәырҭәаларц.
Уи адагьы аус адыруылоит адаԥа. Адаԥа ԥырхаганы иазыҟоуп иапониатәи амаҵа. Мшаԥы 25 рзы апальмақәа рыхәышәтәра иалагоит. Елена Атиопина иазгәалҭеит апальмақәа рыхәшәыркра хра аманы ахы аанарԥшуеит ҳәа. Аԥхьанатә, амаҵақәа рцәырҵраан 18 шьаҭа апальма рцәыԥсызар, уажәы аҵлақәа зегьы реиқәырхара алдыршоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0