Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Очамчыра аӡхыҵра, амедалқәа ранашьара, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииРемонтные работы ведется в сухумском аэропорту
Ремонтные работы ведется в сухумском аэропорту   - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2024
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Очамчыра араион иҟалаз амшцәгьақәа ирхырҟьаны амҩақәеи анхарҭақәеи аӡы рыҵалеит, Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" ранеишьеит аҵарауаа, аполитикатәии ауаажәларратәии усзуҩцәа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik ахҳәааҿы.

Очамчыра аӡхыҵрақәа

Лаҵара 13 рзы Дӷамшь аӡиас хыҵны ақыҭақәа Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада ирыҵалеит.
Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит.
Аслан Бжания посетил пострадавшие (https://t.me/SputnikAbkhazia/20420) из-за ливня села Очамчырского района.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа ахада изеиҭеиҳәеит аӡы зҵалаз анышәынҭрақәа, аҩнқәа, иқәнаӡәӡәааз амҩақәеи ацҳақәеи шыҟоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра еимадарада ишынхаз.
Кәтол ақыҭа ахада Геннади Ҵлаиа иажәақәа рыла, 15 ҩны аԥхасҭа роуит. Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба иажәақәа рыла, 8 ҩнык аӡы рыҵалеит, ацҳа ахьықәнагаз азы быжь ҭаацәарак рыҩнқәа рахь узнеиуам.
Зынӡа араион аҿы 35-40 рҟынӡа ҩны ааха роуит.
Бжьаниа Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба анапынҵа ииҭеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" иатәу атехника Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь ииеигарц.
Ахада иҳәеит аԥхасҭа амҽхак аныԥхьаӡахалак ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҿы ацхыраара шыҟаҵахо.
Габелаиа Дӷамшь ахыҵразы: анхацәа рацәажәарагьы ҳацәыԥхашьоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2024
Арадио
Габелаиа Дӷамшь ахыҵразы: анхацәа рацәажәарагьы ҳацәыԥхашьоит

Аԥсны актәи ахада иирамш

Аԥсны раԥхьатәи ахада, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Арӡынба диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Алада Ешыра Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
60 фотосахьа инареиҳаны Владислав Арӡынба иҭаацәеи Ахьӡ-аԥша амузеи архиви рҟынтәи ӡырган ахада диижьҭеи 79 шықәса аҵра иазкыз афотоцәыргақәҵаҿы.
Арӡынба истуденттә аамҭақәа, археологиатә жрақәа данрылахәыз, аполитикатә усзуҩцәа данырԥылоз уҳәа еиуеиԥшым аҭыхымҭақәа убоит акадырқәа рҿы.
Азал ҷыдаҿы ишьҭоуп Арӡынба ихатә документқәа, иҳамҭақәа, иҭоубашьҭаҵараан Ҟабарда-Балкариантәи изаашьҭыз амилаҭ цәамаҭәа, атәыла ахада аԥсуа бызшәа афонетикатә ҷыдара ахархәарала ахетт бызшәаҟынтә еиҭеигаз асалҩыра атекстқәа.
Аекспозициа аартуп рашәарамза нҵәаанӡа.
Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаатит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Афырхаҵа иаша".
Лаҵара 18 аҟынӡа иаарту аекспозициа еиднакылоит 146 ҭыхымҭа. Урҭ рҟынтәи 34 раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп.
Чкотуа Владислав Арӡынба изы: даҽакала ишаз уаҩын - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2024
Аԥсны
Чкотуа Владислав Арӡынба изы: даҽакала ишаз уаҩын

Аҳәынҭаԥсахра

Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩ Каха Мурадов дааныркылеит Гагра, Қырҭтәыла ахәарҭаразы аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа.
Имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан идбалан атехникатә хархәагақәа, ашпионтә ус азы ихәарҭоу.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, иара Аԥсны ашәарҭадара иаҿагыло аинформациа еизганы Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа ириҭон. Мурадов Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Гагратәи абаталион уаанӡатәи акомандаҟаҵаҩцәеи арадикалтә гәыԥ "Мхедриони" алахәылацәеи иара убасгьы УкрАМ рганахь ала еибашьуа ақырҭуа легион алахәылацәеи дырныруан.
Иаанкылоу иажәақәа рыла Қырҭтәыла АШәМ аусзуҩ Лаша Какәыбаа ҷыдала анапынҵақәа ииҭон. Ашьаус хацыркуп. Мурадов дырбаандаҩуп.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2024
Аԥсны
Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаҩ аҳәынҭқарраԥсахра мҩаԥигон ҳәа даанкылоуп

Аҳамҭаҭара

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I, II, III аҩаӡарақәа ранеишьеит Аԥсны иналукааша аҵарауаа, аҳақьымцәа, арҵаҩцәа. Зынӡа 67-ҩык.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

2024 шықәса лаҵарамза 22 рзы Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс хыркәшахоит, азеиԥшҵараусҳәарҭақәа рҟны игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
Аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 1900 рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә хҩык араӡын медал, жәҩык –ахьтәы медалқәа риуразы рхы ԥыршәараны иҟоуп.
Аԥышәарақәа ашколқәа рҟны аушьҭымҭацәа рзы имҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 30 инаркны рашәарамза 20-нӡа. Анаҩс имҩаԥгахоит ашколтәи араионтәи балқәа.
Қәҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ашкол медалла алгара зхы ԥызшәо шаҟаҩы ыҟоу атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2024
Арадио
Қәҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ашкол медалла алгара зхы ԥызшәо шаҟаҩы ыҟоу атәы

Акапелла ақәгылара

Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва ацқьацәа Пиотри Павели ркафедралтә уахәамаҿы иқәгылоит.
Аԥснытәи амузыкантцәа лаҵара 14 рзы Серпуховтәи амузыка-драматә театр аҿы иқәгылеит, лаҵара 15 рзы – Агеронтологиатә центр "Восточный" аҿы, иара убасгьы ҳаамҭазтәи амузыка Ацентр "ТОН" аҿы.
XXIII Москватәи амшаԥтә фестиваль мшаԥы 25 инаркны лаҵара 16 рҟынӡа имҩаԥысуан, еиҿкаан х-программакны - асимфониатә, ахортә, асаркьаласратә. Уи иалахәын Урыстәыла ақалақьқәа 145, хә-ҳәынҭқарраки.
Чачхалиаԥҳа Москватәи Амшаԥтәи афестиваль иазкны: даара бзиа иаабоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2024
Арадио
Чачхалиаԥҳа Москватәи Амшаԥтәи афестиваль азы: аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит

Аекономикатә форум

Урыстәылеи Аԥсылман усеицура аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" иалахәхеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа.
Афорум апрограммаҿ иҟан 120 инареиҳаны атематикатә сессиа, урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии експертцәа алархәны. Алахәылацәа иазгәарҭон атуризм, абизнес, атехнологиақәа, аинвистициақәа ртемақәа.
Делегация Торгово-промышленной палаты Абхазии участвует в XV Международном экономическом форуме Россия — Исламский мир: KazanForum - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2024
Аԥсны
Мерцхәлааԥҳа: KazanForum цхыраагӡахоит Аԥсни АУА атәылақәеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы
Афорум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" цхыраагӡахоит Аԥсни афорум иалахәу атәылақәа Аԥсылман усеицура аиҿкаарақәеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәаразы ҳәа лҳәеит аԥснытәи аделегациа напгара азҭоз Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәлааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсылман усеицура аиҿкаарақәеи дареи реимадара иалнаршоит еицырзеиԥшу апроектқәа, Аԥсны иамоу аинвестициатә лшарақәа уҳәа аусеицуразы азҵаарақәа рылацәажәара.
"Аԥсны азын акыр аҵанакуеит Урыстәыла арегионқәа рыҟны ахәаахәҭра-економикатә емадарақәа рырӷәӷәара. Ҳара ҳзын ихадоуп урыстәылатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иаҳнаҭо адгылара", – ҳәа лҳәеит Мерцхәлааԥҳа.

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара

Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз акоординациатә штаб алархәны.
Аиԥылараан аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.
Иахьатәи аамҭазы аинерттә материалқәа рышьҭаҵаразы абаза аиқәыршәара иаҿуп. Ихыркәшоуп ацемент-бетонтә зауадқәа рышьаҭақәа рыҟаҵаразы аусурақәа, азауадқәа рхаҭақәа реибыҭара иаҿуп. Иргылоуп аусадуларҭатә база иакәыршоу агәараанда, амаҭәахәқәа раагара иаҿуп. Аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа, ақәҵәиаарҭақәа, аперрон реиҭашьақәыргылара аамҭала ишазгәаҭоу еиԥш имҩаԥысуеит.
Аслан Бжания провел выездное совещание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2024
Аԥсны
Бжьаниа аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит

Сариа Лакәаба лгәаларшәара

1939 шықәса лаҵара 16 рзы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит Сариа Лакәаба, Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс. Лара 35 шықәса ракәын илхыҵуаз.
Сариа Лакәаба аԥсра ԥеиԥшс ишлоуаз шылдыруазгьы, лыҷкәын дахьдырҳәацәоз лгәы шыҿнакаауазгьы, лара лыԥшәма, жәлар рԥыза Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа Бериараа илдырҳәарц ирҭахыз дақәшаҳаҭымхеит. Уи алагьы Сариа лыԥшәма ихьӡ лыхьчеит, ҳтәыла аинтересқәа лымҭиит.
Память Сарии Лакоба почтили в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2024
Аԥсны
Сариа Лакәаба дыргәаладыршәеит Аҟәа
Ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа.
Иара убасгьы Сариа Лакәаба илызкыз афотоцәыргақәҵа мҩаԥган Аԥсуа театр афоие аҿы.
Уа еидкылан аҭаацәаратә архив аҟынтәи афотоҭыхымҭақәа Сариа, Нестор Лакәаба, рԥа Рауф, аҭаацәа, рҩызцәа. Иара убасгьы ицәырган Нестор анышә данамардоз аамҭазтәи акадрқәа.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: аҭоурыхдырыҩ Сариа Лакәаба лхаҭара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2024
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: аҭоурыхдырыҩ Сариа Лакәаба лхаҭара иазкны

Аинформациатә центр

Аҟәа ақалақь, абизнес-центр "Гәдоу-Плаза" аҿы иаатит Аԥсны Ахада иинформациатә Центр.
Аинформациатә Центр иахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларра еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа рзы оперативла адырра рыҭара, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа аус рыцурала аинформациа аизгара, анализ азура, анаҩс ауааажәларра рҟынӡа анагара иазырхахоит ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭалҳәеит ацентр аҳәаақәҵаҩ Милана Ҵәыџьԥҳа.

Аҟазара аиҭашьақәыргылара

Аҟәа, Пушкин имҩаҿы игылоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбра 2024 шықәса нҵәаанӡа аиҭашьақәыргылара азыԥхьагәаҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект адиректор Сурам Сақаниа.
Иара иажәақәа рыла амаркацхыӷәрақәа рус хдыркәшахьеит, ушьҭа ахыб ҿыц ақәырҵоит. Иара убасгьы ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҿарҵараны иҟоуп, имҩаԥгахоит аҩныҵҟатә усурақәа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы амцакра ҟалеит ажьырныҳәа 20 - 21 ауыха. 4 000 сахьа рҟынтәи еиқәхеит 150. Уахь иаҵанакуеит Варвара Бубнова лҭыхымҭақәа ҩба.

Урыстәылатәи Аицџьынџьуаа реиҿкаара рконференциа

Урыстәылатәи Аицџьынџьуаа реиҿкаара ахәбатәи ртәылатә конференциа "Аицџьынџьуаа ракзаара аҿиара иаҵаҵӷәуп" аатит Аҟәа, лаҵара 17 рзы.
Аиҿкаара ахантәаҩы Олег Иурченко иажәақәа рыла, уи аԥҵоижьҭеи, хышықәса рыҩнуҵҟа 200 рҟынӡа уснагӡатә мҩаԥган.
Еихьӡара хаданы иԥхьаӡоуп:
15 еиҿкаара рҟынтә актив аизакра;
Аиҿкаара азинтә центр аусура;
Аԥсны араионқәа рҿы ауаа рацәа злахәу уснагӡатәқәа ахьымҩаԥыргаша аҭыԥқәа раԥҵара;
КСОРС аофис аартра;
абиблиотека ашьаҭаркра;
Аибашьра Ду абаҟақәеи амемориалқәеи рышәҟәынҵа аԥҵаразы аусутә гәыԥ аԥҵара;
Аԥсны урыстәылатәи артистцәа реидгылеи акиноклуби аус руеит;
КСОРС иуристтә хаҿык аҳасаб ала ашәҟәҭаҩра;
Адунеизегьтәи акоординациатә хеилак раԥхьаӡа акәны Аԥсны КСОРС аилазаара иаҵанаркит.
Аконференциа алахәылацәа ирыдыркылеит арезолиуциа.
Ихадоу:
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаара аусура иара адунеизегьтәи аиҿкаара иахәҭакны ишьазарц;
КСОРСи Аԥсны амчратә структурақәеи рыбжьара аимадара аҿиара хра шамоу азгәаҭара;\
Урыстәылеи аурыс дунеии рҭоурых аркшара аҿагыларазы аусура ацҵара;
Аибашьра Ду абаҟақәеи амемориалқәеи рышәҟәынҵа аԥҵаразы аусутә гәыԥ аԥҵара ибзиоуп ҳәа ахҳәаара;
Украина адемилитаризациеи аденацификациеи, ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиеи Херсони аобластқәа руааԥсыра рыхьчареи рзы Владимир Путин икурс адгылара;
Аԥсны инхоз аурысқәа рҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаара аҵак ду аҭара;
Аԥсны инхо аицџьынџьуаа рзинтә центри иаку рколл-центри русура хра амоуп ҳәа ашьара.

Аҭҵаарадырратә конференциа

IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференцииа "Аԥеиԥш" аатит Аҟәа, лаҵара 17 рзы. Иара афизика-математикатә ҵара иазкын.
"Хаҭала афизика-математикатә хырхарҭа алаҳхит, ҳтәылаз еиҳа иактуалтәу хырхарҭоуп ҳәа ишьаны. Шәара ижәдыруеит ари ахырхарҭала ишеиҵарааӡо анџьнырцәа, аргылаҩцәа, атехнологцәа", — иҳәеит Аҵара аминистр Инал Габлиа.
Аконференциа ахықәкы — аҭҵаарадырра-практикатә информациа аимдара, анџьныртәии аҭҵаарадырратәии кадырқәа реиҵааӡара аусхк аҟны аус хадақәа рҳәаақәҵара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аҵара аминистр Инал Габлиеи ашколхәыҷқәа рыбжьара аматематикеи афизикеи рзы ареспубликатә олимпиада иаиааизи аԥхьахәқәа згази адипломқәа ранаршьеит.
"Ҳҳәынҭқарра аполитика азырхоуп аҭҵаарадырреи ашколқәеи реизырҳара", – ҳәа иҳәеит атәыла ахада аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Аԥеиԥш" аҟны дықәгыло.
Бжания наградил призеров республиканских олимпиад по физике и математике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2024
Аԥсны
Бжьаниа аматематикеи афизикеи рзы ареспубликатә олимпиада иаиааиз аҳамҭақәа ранеишьеит

Аҵх амузеи аҟны

Лаҵарамза 18 аҽны Аԥсны имҩаԥысит "Аҵх амузеи аҟны" акциа. Уи рхы аладырхәит: Ахьӡ-аԥша амузеи, Аҳәынҭқарартә музеи, Д. Гәлиа ихьӡ зху амузеи, Аԥсны Абанк амузеи.
Асахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба имаҭәеи иҭыхымҭа ҳәа ишьоу асахьақәеи цәырган Аҳәынҭқарратә музеи аҿы.
"Сгәы ацԥаҳәаны Сыԥсадгьыл ахь схынҳәуан" захьӡу аекспозициа аартуп "Аҵх амузеи аҟны" акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны. 1968 шықәсазы Алексадр Чачба-Шервашидзе иусугатә маҭәахәқәа Франциантәы иааганы амузеи иалҭахьан иԥҳа — Русудан.
 Аҵх амузеи аҟны Аԥсны ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2024
Аԥсны
Ацәыргақәҵақәа, аекскурсиақәа, аҟазаратә хәылԥызқәа: Аԥсны "Аҵх амузеи аҟны" шымҩаԥысыз
Аԥсны Абанк амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа ицәыргоу аекспонатқәа рзы алекциа даԥхьеит. Иара убас раԥхьаӡакәны аҭааҩцәа идырбан аскульпотр Архип Лабахәуа иусумҭа - амҿтәы арашь.
Афотоцәыргақәҵа "Аҟазара — иҭамбаӡо ӡыхьуп" аатит Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы.
Аекспозициа еиднакылеит Гәдоуҭатәи ашәаҳәаратәии акәашаратәии ансамбльқәа рартистцәа 233 рфотоҭыхымҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0