https://sputnik-abkhazia.info/20240527/sputnik-amchybzh-kavkazti-aibashra-ialayz-rgalashara-amsh-aykhtanti-aabzhy-1051177873.html
Sputnik амчыбжь: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
Sputnik амчыбжь: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 20-26 рзы ареспубликаҿы имҩаԥысыз, еиҳа иналукааша ажәабжьқәа рыхҳәаа. 27.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-27T09:00+0300
2024-05-27T09:00+0300
2024-05-27T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/16/1051147215_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_8d45dce9266af373e23b9e8539ce27e8.jpg
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш, игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуаз гәеиҭеит.SputnikКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара АмшАԥсны лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭеит амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара амш. Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшымыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы. Асценаҿы иқәдыргылеит Даур Арухаа инаигӡоз зыԥсадгьыл ныжьны атәым дгьыл ахь забдуцәа ахҵәара иақәшәаз аублаа ҭыԥҳа илызкыз Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" аҟынтәи ацыԥҵәаха.Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан иналыгӡеит амҳаџьыраа ргарашәа "Шьышь-нани", лара амузыка лзадырҳәон Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа рансамбль.Иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа мҩасит амҳаџьырра иагаз ргәалашәара иазкны. Уи алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны инеиуеит. Аныҟәара иалагеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи, ихдыркәшоит амҳаџьырцәа рбаҟа аҿы.Анаҩс, есышықәса ишыҟарҵо еиԥш, Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, ашьамаҟа адыркит Амҳаџьырқәа рбаҟа аҿаԥхьа.Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Гәдоуҭа араион аҿгьы.Амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Ахьаа" аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы.Аекспозициа шьақәгылоуп аҭоурыҭҵааҩ Руслан Гәажәба ихатәы архив аҟынтәи XIX, XX ашәышықәсақәа иртәу аҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаақәа 122 рыла.Асахьақәа рҿы иубоит Кавказтәи аибашьраан зыԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа иахыҵызи урҭ рхылҵшьҭрақәеи.1864 шықәса, лаҵара 21 — Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым тәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьыЛаҵара 22 рзы Аԥсны 153 школ рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. 2024 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгаз 1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык ахьтәи араӡынтәи медалқәа ранашьахараны иҟоуп.Традициа ҳасабла аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәатә ҟазшьа амоуп. Аушьҭымҭацәа иаздырхиеит ажәахәқәа, акәашарақәа, ашәақәа, ақәгыларақәа. Ажәҩан ахь ирышьҭуан апышҭақәа, актәи акласс аҵаҩцәа аҳамҭақәа роуан.Ахада агәаҭарақәа мҩаԥигеитАԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи зыхә шәаны еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа рыргылара шцо еицгәарҭеит лаҵара 25 рзы.Арӡынба имҩаҿы 800 метра иҟоу амҩа ахәҭаҿы асфальт ҿыц ақәҵара иаҿуп. Апроект ахәԥса 50 миллион мааҭ иҟоуп, урҭ рахьтә 10 миллион мааҭк аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп.Аусурақәа ҩымчыбжьа рыла ихыркәшахоит, амш рԥырхагамхарИара убас Ҳараниа имҩа инаркны Титов имҩанӡа акоммуникациақәа рыԥсахра шазгәаҭоу иҳәеит Ешба. Абарҭқәа ирыбзоураны Аҟәа агәаны амашьынақәа рныҟәара еиҳа имариахоит.Бжьаниеи Ешбеи иара убас ирҭааит Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу ахәыҷбаҳча "Аԥра", ақалақьтә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи ашьха.Аԥсуа театр аԥхьахә ҷыдаАԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" аԥхьахә ҷыда "Аурыс классика азхьаԥшразы" анашьан Амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль "Туганлык" аҟны.Башкортосҭан акультура аминистр Амина Шафикова аԥсуа театр актиорцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, акультура ахырхарҭала ареспубликақәа русеицура еиҳагьы аҽарҭбаап ҳәа агәыӷра аалырԥшит.Аԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" ықәиргылеит арежиссиор Адгур Ақаҩба. Иара дырбан синхронлатәи аиҭагарала."Афырхаҵаразы аорден"Ажьырныҳәамзазы Авдеевка ажәылараан иҭахаз Владимир Харабуа данҭаха ашьҭахь ианаршьеит "Афырхаҵаразы аорден".Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Харабуа иԥшәмаԥҳәыс аорден лнапы иаиркит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Харабуа иԥшәмаԥҳәыс аорден лнапы иаиркит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.Аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьҩы, "Микич" ҳәа хьыӡшьараны измаз ари аорден ианашьоуп ДЖәР аҵакыраҿы Арратә операциа ҷыдаҟны гәымшәарылеи фырхаҵарылеи ихы ахьааирԥшуаз азы.Акультуратә марафонЛаҵара 24 рзы Аслан Бжьаниа даҭааит акультура-рҵаратә проект "Акультуратә марафон", аплатформа "Гәыма" аҿы.Ахада ирбан жәлар рмузыкатә инструментқәа, изеиҭаҳәан урҭ раԥҵара аҭоурых. Аекспонатқәа цәырыргеит Аҳәынҭқарратә музеии Гәдоуҭатәи амузеии.Ауснагӡатә алахәылацәа рзы алекциа мҩаԥигеит акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа.Апроект ԥшьымз имҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа адгыларала.Аԥсуа ансамбльқәа ргастрольқәаУасил Царгәыш ихьӡ зху Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль Ориол иқәгылеит VII Жәларбжьаратәи аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи рфестиваль "Иԥшьоу Урыстәыла атрадициақәа" ("Традиции Святой Руси") аҿы.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡ ала ааԥхьара даԥхьеит акультура аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Динара Смырԥҳа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит иахьа Урыстәыла аиаша, акультура, атрадициақәа ишырзықәԥо."Абжьарашәышықәсақәа раахыс Абазгиеи Руси ақьырсиантә динхаҵара еиднакылон. Убри аимадара наҟ-наҟтәи ҳаизыҟазаашьа ӷәӷәақәа ирышьаҭахеит. Убри ҳанцәахаҵара ауадаҩрақәа риааираҟны иахьҳацхраауаз адагьы, акультуратәи адоуҳатәи еимадарақәа рышьаҭа аҳауан аԥхьаҟа аилибакаара, апатуеиқәҵара ҟаларц азы", – ҳәа ахада иажәақәа дрыԥхьеит Смырԥҳа.Ансамбль "Кавказ" ахы аланархәит Урыстәылазегьтәи алитература-фольклортә фестиваль "Шолоховтәи ааԥынра", Михаил Шолохов диижьҭеи 119 шықәса аҵра иазкыз.
https://sputnik-abkhazia.info/20240521/asny-iazgareit-amayrra-ialayz-rgalashara-amsh-1051143421.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240522/abziaraz-ashkol-asny-aykhtanti-aabzhy-1051160468.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240525/aslan-bzhania-aa-aremontt-usuraa-shtso-geieit-1051174937.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240522/vladimir-kharabua-danakha-ashakh-ianarsheit-afyrkhaarazy-aorden-1051156724.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240526/asny-zhlar-rashaarei-rykasharei-ransambl-oriol-zhlarbzharati-afestival-ay-igyleit-1051176150.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/16/1051147215_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_423576159c045e64421eacb7c18a8f13.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 20-26 рзы ареспубликаҿы имҩаԥысыз, еиҳа иналукааша ажәабжьқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш, игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуаз гәеиҭеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш
Аԥсны лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭеит амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара амш. Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшымыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы. Асценаҿы иқәдыргылеит Даур Арухаа инаигӡоз зыԥсадгьыл ныжьны атәым дгьыл ахь забдуцәа ахҵәара иақәшәаз аублаа ҭыԥҳа илызкыз Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" аҟынтәи ацыԥҵәаха.
Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан иналыгӡеит амҳаџьыраа ргарашәа "Шьышь-нани", лара амузыка лзадырҳәон Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа рансамбль.
Иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа мҩасит амҳаџьырра иагаз ргәалашәара иазкны. Уи алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны инеиуеит. Аныҟәара иалагеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи, ихдыркәшоит амҳаџьырцәа рбаҟа аҿы.
Анаҩс, есышықәса ишыҟарҵо еиԥш, Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, ашьамаҟа адыркит Амҳаџьырқәа рбаҟа аҿаԥхьа.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Гәдоуҭа араион аҿгьы.
Амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Ахьаа" аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы.
Аекспозициа шьақәгылоуп аҭоурыҭҵааҩ Руслан Гәажәба ихатәы архив аҟынтәи XIX, XX ашәышықәсақәа иртәу аҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаақәа 122 рыла.
Асахьақәа рҿы иубоит Кавказтәи аибашьраан зыԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа иахыҵызи урҭ рхылҵшьҭрақәеи.
1864 шықәса, лаҵара 21 — Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым тәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Лаҵара 22 рзы Аԥсны 153 школ рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. 2024 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгаз 1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык ахьтәи араӡынтәи медалқәа ранашьахараны иҟоуп.
Традициа ҳасабла аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәатә ҟазшьа амоуп. Аушьҭымҭацәа иаздырхиеит ажәахәқәа, акәашарақәа, ашәақәа, ақәгыларақәа. Ажәҩан ахь ирышьҭуан апышҭақәа, актәи акласс аҵаҩцәа аҳамҭақәа роуан.
Ахада агәаҭарақәа мҩаԥигеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи зыхә шәаны еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа рыргылара шцо еицгәарҭеит лаҵара 25 рзы.
Арӡынба имҩаҿы 800 метра иҟоу амҩа ахәҭаҿы асфальт ҿыц ақәҵара иаҿуп. Апроект ахәԥса 50 миллион мааҭ иҟоуп, урҭ рахьтә 10 миллион мааҭк аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп.
Аусурақәа ҩымчыбжьа рыла ихыркәшахоит, амш рԥырхагамхар
Иара убас Ҳараниа имҩа инаркны Титов имҩанӡа акоммуникациақәа рыԥсахра шазгәаҭоу иҳәеит Ешба. Абарҭқәа ирыбзоураны Аҟәа агәаны амашьынақәа рныҟәара еиҳа имариахоит.
Бжьаниеи Ешбеи иара убас ирҭааит Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу ахәыҷбаҳча "Аԥра", ақалақьтә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи ашьха.
Аԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" аԥхьахә ҷыда "Аурыс классика азхьаԥшразы" анашьан Амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль "Туганлык" аҟны.
Башкортосҭан акультура аминистр Амина Шафикова аԥсуа театр актиорцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, акультура ахырхарҭала ареспубликақәа русеицура еиҳагьы аҽарҭбаап ҳәа агәыӷра аалырԥшит.
Аԥсуа драматә театр аспектакль "Агәхыхҩы" ықәиргылеит арежиссиор Адгур Ақаҩба. Иара дырбан синхронлатәи аиҭагарала.
Ажьырныҳәамзазы Авдеевка ажәылараан иҭахаз Владимир Харабуа данҭаха ашьҭахь ианаршьеит "Афырхаҵаразы аорден".
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Харабуа иԥшәмаԥҳәыс аорден лнапы иаиркит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.
Аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьҩы, "Микич" ҳәа хьыӡшьараны измаз ари аорден ианашьоуп ДЖәР аҵакыраҿы Арратә операциа ҷыдаҟны гәымшәарылеи фырхаҵарылеи ихы ахьааирԥшуаз азы.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Харабуа иԥшәмаԥҳәыс аорден лнапы иаиркит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.
Аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьҩы, "Микич" ҳәа хьыӡшьараны измаз ари аорден ианашьоуп ДЖәР аҵакыраҿы Арратә операциа ҷыдаҟны гәымшәарылеи фырхаҵарылеи ихы ахьааирԥшуаз азы.
Лаҵара 24 рзы Аслан Бжьаниа даҭааит акультура-рҵаратә проект "Акультуратә марафон", аплатформа "Гәыма" аҿы.
Ахада ирбан жәлар рмузыкатә инструментқәа, изеиҭаҳәан урҭ раԥҵара аҭоурых. Аекспонатқәа цәырыргеит Аҳәынҭқарратә музеии Гәдоуҭатәи амузеии.
Ауснагӡатә алахәылацәа рзы алекциа мҩаԥигеит акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа.
"Акультуратә марафон" — акультура-рҵаратә проект, иахықәкуп аԥсуа милаҭтә традициақәа раларҵәара. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит аҟазара-классқәа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟынтәи, аетнографцәа, аҵарауаа, анапҟазацәа рҟынтә.
Апроект ԥшьымз имҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа адгыларала.
Аԥсуа ансамбльқәа ргастрольқәа
Уасил Царгәыш ихьӡ зху Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль Ориол иқәгылеит VII Жәларбжьаратәи аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи рфестиваль "Иԥшьоу Урыстәыла атрадициақәа" ("Традиции Святой Руси") аҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡ ала ааԥхьара даԥхьеит акультура аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Динара Смырԥҳа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит иахьа Урыстәыла аиаша, акультура, атрадициақәа ишырзықәԥо.
"Абжьарашәышықәсақәа раахыс Абазгиеи Руси ақьырсиантә динхаҵара еиднакылон. Убри аимадара наҟ-наҟтәи ҳаизыҟазаашьа ӷәӷәақәа ирышьаҭахеит. Убри ҳанцәахаҵара ауадаҩрақәа риааираҟны иахьҳацхраауаз адагьы, акультуратәи адоуҳатәи еимадарақәа рышьаҭа аҳауан аԥхьаҟа аилибакаара, апатуеиқәҵара ҟаларц азы", – ҳәа ахада иажәақәа дрыԥхьеит Смырԥҳа.
Ансамбль "Кавказ" ахы аланархәит Урыстәылазегьтәи алитература-фольклортә фестиваль "Шолоховтәи ааԥынра", Михаил Шолохов диижьҭеи 119 шықәса аҵра иазкыз.