Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҵулукьиа Аԥсны Афырхаҵа Резо Гогьиа изы: агәаӷь змаз ԥхьагылаҩын

Ҵулукьиа Аԥсны Афырхаҵа Резо Гогьиа изы: агәаӷь змаз ԥхьагылаҩын
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьатәи амш азы иҭахаз, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалагылаз Аԥсны Афырхаҵа Резо Гогьиа диижьҭеи иахьа 65 шықәса ҵит. Резо Шәарах-иԥа аррамаҵзура Ҟазахсҭан ихигахьан, далгахьан Уралтәи апедогогикатә институт, Аҟәа иаԥҵаз аҳәынҭқарарратә шәарҭадаратә хеилак иатәыз ашкол аҟны ақәԥара дирҵон, Арасаӡыхьтәи ашкол адиректорс дыҟан, аҭоурых риҭон.
Резо Гогьиа 1989 шықәсазтәи ақырҭцәеи аԥсуааи реидысларақәа рышьҭахь Очамчыра араион аҟны ахыхьчаратә гәыԥқәа еиҿызкааз дреиуан. Уахуреитәи агарнизон аԥшыхәцәа ргәыԥ адҵаҟаҵаҩс дыҟан. Резо Шәарах-иԥа Гал араион аҟны иԥшаахьан 200 тонна рҟынӡа аԥжәагатә матәашьарқәа ахьыҵәахыз ашьҭаҵарҭа.
Иара ԥхьагылара иуан, дгәымшәан ҳәа азгәеиҭеит дхәыҷаахыс дыздыруаз, ицызҳауаз аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Арасаӡыхьтәи арота адҵаҟаҵаҩ Гиви Ҵулукьиа арадио Sputnik аефир аҟны.
"Аԥхьагыла иакәын, дгәымшәан. Агәымшәацәа ҳәа зегьы ирзырҳәоит, аха иара илакҭа иҭаԥшызгьы дызцәажәомызт, убранӡа агәаӷь иман…Иагьузеиҭаҳәаӡом, аҟазшьа ҷыдақәа иман, иахьаҭахыз дыџьбаран, дҩызан, ианаҭахыз дхаан. Иахьа дҳамагәышьазҭгьы, Аԥсынтәыла ҭыԥ ӷәӷәак аҿы ҳажәлар рзы дықәԥон",- иҳәеит Ҵулукьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0