Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Агрба Аконституциатә реформазы Ауаажәларратә палата аусура иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Агрба Аконституциатә реформақәа рзы Ауаажәларратә палата аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Аконституциатә реформақәа, дара рхымԥадатәира, уи аганахь иҟаҵатәу ашьаҿақәа, зхахьы изгода аинициатива, уажәы иаамҭоу иаамҭаму, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрба.
Ауаажәларратә палата аҩныҵҟа аус ауеит "Аҳәынҭқарра аргылара" ҳәа акомиссиа, иара дахагылоуп Ерасҭ Агәмаа. Иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ, Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәраҿы Агрба.
"Еиҳарак апроблема зхылҿиаауа, аҳәынҭқарра анапхгараҿы аиҟарамра ахьыҟоу ауп. Ҳара еидаҳкылеит Аконституциа аԥсахразы аус зыдулаз апроеткқәа зегьы. Иҭаҳҵааит. Анапхгара аҟәшақәа зегьы рзы иаԥҵазароуп аҭакԥхықәра, урҭ рӷәӷәатәуп. Еихшатәуп рымчра. Иҟоу алхратә система акәзар, иалагалатәуп аԥсахрақәа. Амажоритартә система ҳара иаҳнаалаӡом", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0