https://sputnik-abkhazia.info/20241201/adramaturgia-apoezia-aliteraturaaara-azhurnal-alashara-afbati-nomer-akhaa-1053030355.html
Адраматургиа, апоезиа, алитератураҭҵаара: Ажурнал "Алашара" афбатәи номер ахҳәаа
Адраматургиа, апоезиа, алитератураҭҵаара: Ажурнал "Алашара" афбатәи номер ахҳәаа
Sputnik Аҧсны
Иҭыҵит сынтәатәи ашықәс азы ажурнал "Алашара" аҵыхәтәантәи 6-тәи аномер. Уи ахҳәаа азыҟаиҵоит аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа. 01.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-01T16:09+0300
2024-12-01T16:09+0300
2024-12-01T16:09+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/01/1053029375_0:1490:1962:2593_1920x0_80_0_0_1b53fea33f2348f8b739fde83197a235.jpg
Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер аатуеит Аԥсны жәлар рпоетесса Нели Ҭарԥҳа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку астатиеи иналукааша апоетесса лажәеинраалақәеи рыла. Астатиа алагамҭаҿы ҳаԥхьоит:Нели Ҭарԥҳа анрагьы арҿиарагьы қәнагала еицызбаз, еицырдыруа апоет Кәымф Ломиа иҩнра зырлашаз, аԥсҭазаараҿы ҩызара ду изызуз шәҟәыҩҩны даанхоит аԥсуа литература аҭоурых аҿы. Лкалам иҵыҵит жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшым, апоезиеи (ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа), апрозеи (ажәабжьқәа, аповестқәа, ароман), апиесақәеи, апублицистикеи зымҽхазкуа ашәҟәқәа 30 инареиҳаны. 18 шықәса лхыҵуан апоет қәыԥш лажәеинраалақәа хԥа раԥхьаӡакәны акьыԥхь анырбоз (1952). Лпоезиатә рҿиамҭақәа еидызкылаз раԥхьатәи ашәҟәы "Бзиа избоит амҩа" (1955) анҭыҵ, аԥсуа литература апатриарх Д. Гәлиа ҷыдала длыдныҳәалеит, дызнылаз арҿиаратә мҩа лыԥха аиҭеит. Убри инаркны апоезиа ажәҩан аҿы Нели Ҭарԥҳа лыеҵәахә жжаӡа икыдлеит ҽакы иузаламырҩашьо. Аҿара, абзиабара, аҭынчра аиқәырхара, Аԥсни аԥсуа жәлари рлахьынҵа атема, ауаҩы адгьыл аҿы иқәзаара аҵакы уҳәа ирацәаӡоуп апоет лажәеинраалақәеи, лбалладақәеи, лпоемақәеи рҟны ишьҭылхуа, дыззаҭгыло хразлоу азҵаатәқәа.Нели Ҭарԥҳа қәҿиарала аус луан апрозеи адраматуригиеи ржанрқәа рҿгьы. Аԥхьаҩцәа еицырдыруеит урҭ ирыҵаркуа лҩымҭақәа: "Бзыԥтәи аповест" (1961), "Аԥсымра" (1967), "Ашәы зшәыз аԥҳәызба" (1969), "Амшын ҳәынҭқар Ҳаит (1991)", Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз лқыҭауаа ирызку апублицистикатә ҩымҭа "Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь", иара убас С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәыргылаз лпиесақәа "Амра аԥҳа", "Ашәа аԥҵара мариам". Лыпрозатә ҩымҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩы лыԥсы шҭаз иклассикатәхаз лповест "Маҵиса" (1961).Нели Ҭарԥҳа ахәыҷтәы литература зааԥсара маҷымкәа иадызҵаз рҿиаҩуп. Аԥхьаҩцәа хәыҷқәа иахьагьы ргәыбылра кны иаԥхьоит лажәеинраалақәеи ллакә-поемақәеи еидызкыло аизгақәа: "Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь" (1968), "Аимак џьашьахәы" (1973), "Ҳаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә" (1976), "Мышә-шьапажәи, анбанқәа рыхҭыси, арԥыс хәыҷы Хәажәарԥыси" (1979) уҳәа убас егьырҭгьы.Апоет лнапы алакын аиҭагара аусгьы. Аԥсышәала баҩхатәрала илырцәажәаз аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа иреиуоуп: "Апринц хәыҷы" (Антуан де Сент-Екзиупери), "Абна ашәа" (Л. Украинка), "Ашаха зыхәда иахаршәу ирепортаж" (И. Фучик), "Асҭыԥҳа" (Н. Островски). Лара лырҿиамҭақәа ракәзаргьы, ҟазарыла еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда уҳәа убас акыр атәым бызшәақәа рахь. Урҭ рахьтә аповест "Аԥсымра" ҩынтә иақәашьхеит урысшәала аҭыҵра.Н. Ҭарԥҳа арҿиара ус аҟны лааԥсара ахә ҳаракны иашьеит Аԥсуа ҳәынҭқарра: Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ лыхҵан (1985), лроман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" азыҳәан иланашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа (2004), аԥсуа литература аизҳазыӷьараҿы иҟалҵаз алагалазы даԥсахеит Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳарак (2009).Абраҟа иааҳгоит ажурнал иану лажәеинраалақәа рҟынтәи иахьа ҳазлагылоу аамҭа иақәҿызҭуа жәеинраалак:ГӘЫӶРАС ИҞОУ...Зыдгьыл сангылоу,зыжәҩан схагылоу,сыхаара, сыхаара,сан гәакьа Аԥсны!Иахьа узҭагылоу,мыхәа иуԥгылоусышԥамоу, сышԥамоу,сышԥамоу сышьны!Митәы-митәы сматанеинысшьамхы нарсны,уаԥхьа снеины,— Уа иуқәзеи! — сыбжьы ныҭганы,мыткәма еидарак наҳәаны,лаӷырӡы рҩашк нкаҭәаны,сиԥхьар, сиԥхьар сыҳәҳәаны —— Анцәа, Анцәа, иуаҳаны!..Аха дыҟоу иаҳауа!Сыбжьы налаӡп аҳауа!Гәыӷрас иҟоу —ҭакбжьы гом, —бзиагь ыҟам,цәгьагь убом!Ажурнал абри аномер аҿы ихыркәшоуп залагамҭа аԥшьбатәии ахәбатәии аномерқәа ирныз еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Анзор Мықәба ироман ҿыц "Ачамҳа ду аҵаҟа". Ари ароман Амҳаџьырра аан мшыннырцә мчыла ихыргаз ҳажәлар ирызкуп, уи атрагедиа ду даара инарҵаулан иаарыԥшуп аԥхьаҩ дархәыцыртә, игәы ҿнакаартә. Абраҟа иааҳгоит уи ахҭыс еиқәаҵәа ҳалазрыԥшыша хәҭа ҳәыҷык:"Зафер данца ашьҭахь, Елҟан иҭаххеит гәаартыла иаҳәшьаԥа диацәажәарц.– Ара ҳазбо уаҩ дыҟам, уҭахызар уаатәа, – дыниқәцәажәеит рхала ианааизынха.– Иҭабуп, саншьа, сгылазааит! – идигалаз агьааџьеишьеит.– Сара азин усҭоит, – диртәарц шиҭахыҵәҟьаз аныԥшуан иҳәашьа.– Иснымаало ҟасымҵааит, – аԥсыуа еиҳабык иҿаԥхьа днатәаны иацәажәара иахьа уажәраанӡа ихы иаҭәеимшьацызт, уажәгьы тәашьа имамызт, акысгьы – ианшьа иҿаԥхьа.– Басри, саҳәшьазаҵәы лыԥсы иахылҵыз, саҳәшьаԥа! – абас еиԥш иажәа дналагеит Елҟан – Аиаҳәшьаԥа дыбзиазар, аншьа изы дгәазырҳагоуп, ацәгьара ҟаиҵар – дыбӷаԥҵәагоуп. Ухәыҷра инаркны ҷыдалагьы сгәыблра удын, ауаҩра злыҵша аӡәы уакәны суқәгәыӷуан. Ҳқыҭа еиуоу зегьы ҳара уаншьцәа ҳаиԥш урҭахын, уара узы ирхәыцуаз абзиа акәын. Аха жәашықәса уажәаԥхьа бааԥсыла ргәы иауршьит, ахәра руҭеит. Убри ахәра макьанагьы имӷьаӡацт, аҵалӡ аауеит. Уи ашықәсан, "уаҳәшьаԥа иҩыза дишьит" ҳәа ажәабжь ансзаарга, аԥсра аасҭа еицәаз шәаџьҳәарак акәны исыдыскылеит. Исхызгаз анцәеи сареи ҳада аӡәгьы издыруам. Аҩыза ишьра – иреицәоу маҳагьарак акәны ҳахәаԥшуеит ҳара аԥсуаа. Алынџьаа иҳаиуаз иҟалаз азы зҿы аазыртуаз зегьы ирҳәоз абри акәын: "Басри иҩыза дигәаӷьуамызт, ихы иаҭәеишьомызт". Иудыркыломызт! Азныказы, бааԥсыла сузгәамҵуазаргьы, аха сҽаарҭынчны санузхәыц, иузырҳәаз саргьы исызудымкылеит. Ишааиуаз, уус рыӡбеит. Сара сымцазаргьы, аха аҷкәынцәа ыҟан. "Иҟалаз ихы иадиҵеит" ҳәа ажәабжь ансзаарга, сахьгылаз сыбӷа аҿаҩҳәа иааԥҵәазшәа сааԥсыдахеит, сагьылеизыҟәҿит: "Арахь деибганы анцәа дааумышьҭын, абахҭа дҭаԥсааит", – сҳәеит, усшәиит. Зегьы агәра ҳгеит, иаҳзыргазгьы, уус анырыӡбоз иуҳәаз уажәақәа роуп. Ҩышықәса уажәаԥхьа, иуцҭакыз аӡәы уаб иҟны днеины, "уҷкәын ихароу ыҟам" ҳәа дцәажәеит. Уан лыда аӡәгьы агәра ҳамгаӡеит уи ауаҩ ииҳәаз. Аха усгьы, гәыӷрак сызҭоз кәиц хәыҷык сгәаҟны иҭатәеит. Убриаахыс ухынҳәра сазыԥшын. Уи ауаҩ, Зафер иакәзаарын! – уажәы, ацәажәара дааҟәыҵны, инапала амҿқәа днарыха-аарыханы, акыргьы иҽнадырхаланы, аҿыцәаарахь инеихьаз амца агәгәаҳәа инеиқәиҵеит. Уинахыс ибӷа риашаны даатәеит ҳамҭакы, иблақәа ааихмырсыӷьӡакәа амҿқәа ирхылҵуаз амцабзқәа дрыхәаԥшуа. – Уажәы уаалаганы, Ҷаны Ҳафизи уареи шәеиқәшәара шыҟалаз сзеиҭаҳәа, еибышәҳәазгьы. Џьара акы агмыжькәа иугәаларшәа"."Алитератураҭҵаара" аҟәшаҿы ажурнал иануп академик Валентин Кәаӷәаниа истатиа "Таиф Аџьба илакә-поемақәак рхыҵхырҭеи ртекстологиатә ҟазшьарбақәеи" захьӡу. Аусумҭа алагамҭаҿы ҳаԥхьоит:Таиф Аџьба дытҟәаны дрыман жанр хкырацәала еиласоу аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, еиҳарак алакәқәа. Урҭ злеибарку асиужет џьашьахәқәеи иргәылыжжуа ахшыҩҵак ҵаулақәеи шьарда рыҵаркуаны дахәаԥшуан абиԥара ҿа рааӡараҿы. Убри аҟнытә, апоет цәгьа дрызҿлымҳахеит иаамҭазы адунеи збаз ҳажәлар рфольклортә рҿиамҭа аизгақәа, "Аԥсуа фольклор аматериалқәа" (Зыхәба 1967), "Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа" (Шьаҟрыл 1970) убрахь иналаҵаны. Урҭ аизгақәа иргәылалаз, жанрла еиуеиԥшым аҿаԥыцтә баҟақәа (алакәқәа, ашәақәа, Нарҭаа рҳәамҭақәа, ажәаԥҟақәа уҳәа) рышьаҭала анаҩсан Т. Аџьба иаԥиҵеит ахәыҷқәа азҿлымҳара ду рызцәырызгаз алитературатә лакә ссирқәа: "Сабажәгьалеи", "Амшәи абгыӡреи", "Абна лакә", "Шьхан-шәарыца иԥа Уахсиҭи иара иҩызцәеи рлакә" уҳәа убас егьырҭгьы.Аԥсуа хәыҷтәы литератураҿы улаԥш иааҵашәо сахьаркыратә ҩымҭоуп Таиф Аџьба раԥхьатәи илакә-поема "Сабажәгьалеи". Аки-аки еихылҿиаауа, аччара уззырҵысуа асиужет џьашьахәқәа рыла иҩычоу ари апоема уамакала дыхнахуеит ахәыҷы, иарлахҿыхуеит ҩбара злам уи идунеи лаша. Апоема аҵакы аагоуп аԥсуа жәлар еицырдыруа рыбзазаратә лакә "Абзамыҟә илакә" (авариант "Аҭакәажә лԥа заҵәы") аҿынтәи (шәрыхәаԥш: [Зыхәба 1967: 91–94; Зыхәба 2007: 455–456]). Араҟа ицәыргоуп егьырҭ ажәларқәа рфольклор аҿгьы инарҭбааны иаадыруа арныг хәашабга ихаҿсахьа: иаашьаҟәыру згәеилгара маҷу, зегь нарҳәы-аарҳәны еилызкаауа, армаӷьырма ихәыцуа, зыхгьы армаӷьырма имҩаԥызго аперсонаж (афольклор аҿтәи ихьӡ авариантқәа: Қдыжә/Гдыжә, Сажәаргьала). Ҳазхьаԥшып "Сабажәгьалеи" аԥҵараан Аџьба дызҿыԥшыз, "Аҭакәажә лԥа заҵәы" ҳәа захьӡу жәлар рлакә авариантқәа руак.Сынтәа шәышықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа хәыҷтәы поет Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи. Апоет иажәеинраалақәеи ахәыҷкәа ирызку ипоемақәеи ҳаԥсуа ҿар даара ргәы иақәшәаны ҿырҳәала ирҵоит, еиуеиԥшым абиԥарақәа инеимда-ааимдо иааргоит. Џь. Тапаӷәуа аԥсуа педагогикаҟны алагарҭатә классқәа рзы аԥсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит, арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи авторс дрымоуп. Уахь иалоуп: "Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа" (1962), "Аҳамҭа. Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы" (1964), "Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы" (1972), "Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга" 1–3,4–8 аклассқәа рзы" (1972, 1973) уҳәа.Џь. Тапаӷәуа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 1943 шықәсазы афронт аҟны, убасҟан акьыҧхьгьы абеит иан илзааиҭиз раҧхьатәи иажәеинраала "Ан лахь асалам шәҟәы". 1957 ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга "Ахаҵарашәа" (Аҟәа, 1980), "Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә." (Аҟәа–Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – 2009). Аԥсышәала жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа ҭижьит.Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер аԥхьаҩ дыздызԥхьалаша даара аҩымҭа хатәрақәа ануп апоезиаҿи, апрозаҿи, аҭҵаарадырраҿи, апублицистикеи рыҟәшақәа рҿы. Урҭ иреиуоуп;- Гәышька Папасқьырԥҳа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкны лажәабжь "Аҽхәара", Ричард Ҷкадуеи Ибрагим Ҷкадуеи ражәабжьқәа, Анатоли Лагәлаа иажәеинраалақәа, Саида Ҳаџьымԥҳаи Инна Ҳаџьымԥҳаи ҳ-Џьынџьтәылатә еибашьра иазку рочеркқәа, Руслан Қапбеи, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳаи, Дифа Габниаԥҳаи, Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Дырмит Габалиеи рырҿиамҭақәа.Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инагахоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211120/zyriamaa-asua-literatura-iagylasou-neli-tara-diizhei--87-shysa-it-1036408895.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241029/aproza-apoezia-aiagaa-azhurnal-alashara-akhbati-anomer-akhaa-1052690108.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211117/asua-dramaturgia-ay-zyrtsazho-ashyy-anzor-myba-75-shysa-ikhyit-1036346607.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240310/taif-aba-dpoetny-diit-1050220168.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240920/zysazaarei-zyriarei-akhya-irzyzkyz-apoet-ota-tapaua-diizhei-shyshysa-it-1052294341.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/01/1053029375_0:1306:1962:2777_1920x0_80_0_0_6fe46cd15c28a0d02f7968a6b46d04aa.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер аатуеит Аԥсны жәлар рпоетесса Нели Ҭарԥҳа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку астатиеи иналукааша апоетесса лажәеинраалақәеи рыла. Астатиа алагамҭаҿы ҳаԥхьоит:
Нели Ҭарԥҳа анрагьы арҿиарагьы қәнагала еицызбаз, еицырдыруа апоет Кәымф Ломиа иҩнра зырлашаз, аԥсҭазаараҿы ҩызара ду изызуз шәҟәыҩҩны даанхоит аԥсуа литература аҭоурых аҿы. Лкалам иҵыҵит жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшым, апоезиеи (ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа), апрозеи (ажәабжьқәа, аповестқәа, ароман), апиесақәеи, апублицистикеи зымҽхазкуа ашәҟәқәа 30 инареиҳаны. 18 шықәса лхыҵуан апоет қәыԥш лажәеинраалақәа хԥа раԥхьаӡакәны акьыԥхь анырбоз (1952). Лпоезиатә рҿиамҭақәа еидызкылаз раԥхьатәи ашәҟәы "Бзиа избоит амҩа" (1955) анҭыҵ, аԥсуа литература апатриарх Д. Гәлиа ҷыдала длыдныҳәалеит, дызнылаз арҿиаратә мҩа лыԥха аиҭеит. Убри инаркны апоезиа ажәҩан аҿы Нели Ҭарԥҳа лыеҵәахә жжаӡа икыдлеит ҽакы иузаламырҩашьо. Аҿара, абзиабара, аҭынчра аиқәырхара, Аԥсни аԥсуа жәлари рлахьынҵа атема, ауаҩы адгьыл аҿы иқәзаара аҵакы уҳәа ирацәаӡоуп апоет лажәеинраалақәеи, лбалладақәеи, лпоемақәеи рҟны ишьҭылхуа, дыззаҭгыло хразлоу азҵаатәқәа.
Нели Ҭарԥҳа қәҿиарала аус луан апрозеи адраматуригиеи ржанрқәа рҿгьы. Аԥхьаҩцәа еицырдыруеит урҭ ирыҵаркуа лҩымҭақәа: "Бзыԥтәи аповест" (1961), "Аԥсымра" (1967), "Ашәы зшәыз аԥҳәызба" (1969), "Амшын ҳәынҭқар Ҳаит (1991)", Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз лқыҭауаа ирызку апублицистикатә ҩымҭа "Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь", иара убас С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәыргылаз лпиесақәа "Амра аԥҳа", "Ашәа аԥҵара мариам". Лыпрозатә ҩымҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ашәҟәыҩҩы лыԥсы шҭаз иклассикатәхаз лповест "Маҵиса" (1961).
Нели Ҭарԥҳа ахәыҷтәы литература зааԥсара маҷымкәа иадызҵаз рҿиаҩуп. Аԥхьаҩцәа хәыҷқәа иахьагьы ргәыбылра кны иаԥхьоит лажәеинраалақәеи ллакә-поемақәеи еидызкыло аизгақәа: "Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь" (1968), "Аимак џьашьахәы" (1973), "Ҳаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә" (1976), "Мышә-шьапажәи, анбанқәа рыхҭыси, арԥыс хәыҷы Хәажәарԥыси" (1979) уҳәа убас егьырҭгьы.
Апоет лнапы алакын аиҭагара аусгьы. Аԥсышәала баҩхатәрала илырцәажәаз аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа иреиуоуп: "Апринц хәыҷы" (Антуан де Сент-Екзиупери), "Абна ашәа" (Л. Украинка), "Ашаха зыхәда иахаршәу ирепортаж" (И. Фучик), "Асҭыԥҳа" (Н. Островски). Лара лырҿиамҭақәа ракәзаргьы, ҟазарыла еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда уҳәа убас акыр атәым бызшәақәа рахь. Урҭ рахьтә аповест "Аԥсымра" ҩынтә иақәашьхеит урысшәала аҭыҵра.
Н. Ҭарԥҳа арҿиара ус аҟны лааԥсара ахә ҳаракны иашьеит Аԥсуа ҳәынҭқарра: Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ лыхҵан (1985), лроман "Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ" азыҳәан иланашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа (2004), аԥсуа литература аизҳазыӷьараҿы иҟалҵаз алагалазы даԥсахеит Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳарак (2009).
Абраҟа иааҳгоит ажурнал иану лажәеинраалақәа рҟынтәи иахьа ҳазлагылоу аамҭа иақәҿызҭуа жәеинраалак:
— Уа иуқәзеи! — сыбжьы ныҭганы,
сиԥхьар, сиԥхьар сыҳәҳәаны —
— Анцәа, Анцәа, иуаҳаны!..
Ажурнал абри аномер аҿы ихыркәшоуп залагамҭа аԥшьбатәии ахәбатәии аномерқәа ирныз еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Анзор Мықәба ироман ҿыц "Ачамҳа ду аҵаҟа". Ари ароман Амҳаџьырра аан мшыннырцә мчыла ихыргаз ҳажәлар ирызкуп, уи атрагедиа ду даара инарҵаулан иаарыԥшуп аԥхьаҩ дархәыцыртә, игәы ҿнакаартә. Абраҟа иааҳгоит уи ахҭыс еиқәаҵәа ҳалазрыԥшыша хәҭа ҳәыҷык:
"Зафер данца ашьҭахь, Елҟан иҭаххеит гәаартыла иаҳәшьаԥа диацәажәарц.
– Ара ҳазбо уаҩ дыҟам, уҭахызар уаатәа, – дыниқәцәажәеит рхала ианааизынха.
– Иҭабуп, саншьа, сгылазааит! – идигалаз агьааџьеишьеит.
– Сара азин усҭоит, – диртәарц шиҭахыҵәҟьаз аныԥшуан иҳәашьа.
– Иснымаало ҟасымҵааит, – аԥсыуа еиҳабык иҿаԥхьа днатәаны иацәажәара иахьа уажәраанӡа ихы иаҭәеимшьацызт, уажәгьы тәашьа имамызт, акысгьы – ианшьа иҿаԥхьа.
– Басри, саҳәшьазаҵәы лыԥсы иахылҵыз, саҳәшьаԥа! – абас еиԥш иажәа дналагеит Елҟан – Аиаҳәшьаԥа дыбзиазар, аншьа изы дгәазырҳагоуп, ацәгьара ҟаиҵар – дыбӷаԥҵәагоуп. Ухәыҷра инаркны ҷыдалагьы сгәыблра удын, ауаҩра злыҵша аӡәы уакәны суқәгәыӷуан. Ҳқыҭа еиуоу зегьы ҳара уаншьцәа ҳаиԥш урҭахын, уара узы ирхәыцуаз абзиа акәын. Аха жәашықәса уажәаԥхьа бааԥсыла ргәы иауршьит, ахәра руҭеит. Убри ахәра макьанагьы имӷьаӡацт, аҵалӡ аауеит. Уи ашықәсан, "уаҳәшьаԥа иҩыза дишьит" ҳәа ажәабжь ансзаарга, аԥсра аасҭа еицәаз шәаџьҳәарак акәны исыдыскылеит. Исхызгаз анцәеи сареи ҳада аӡәгьы издыруам. Аҩыза ишьра – иреицәоу маҳагьарак акәны ҳахәаԥшуеит ҳара аԥсуаа. Алынџьаа иҳаиуаз иҟалаз азы зҿы аазыртуаз зегьы ирҳәоз абри акәын: "Басри иҩыза дигәаӷьуамызт, ихы иаҭәеишьомызт". Иудыркыломызт! Азныказы, бааԥсыла сузгәамҵуазаргьы, аха сҽаарҭынчны санузхәыц, иузырҳәаз саргьы исызудымкылеит. Ишааиуаз, уус рыӡбеит. Сара сымцазаргьы, аха аҷкәынцәа ыҟан. "Иҟалаз ихы иадиҵеит" ҳәа ажәабжь ансзаарга, сахьгылаз сыбӷа аҿаҩҳәа иааԥҵәазшәа сааԥсыдахеит, сагьылеизыҟәҿит: "Арахь деибганы анцәа дааумышьҭын, абахҭа дҭаԥсааит", – сҳәеит, усшәиит. Зегьы агәра ҳгеит, иаҳзыргазгьы, уус анырыӡбоз иуҳәаз уажәақәа роуп. Ҩышықәса уажәаԥхьа, иуцҭакыз аӡәы уаб иҟны днеины, "уҷкәын ихароу ыҟам" ҳәа дцәажәеит. Уан лыда аӡәгьы агәра ҳамгаӡеит уи ауаҩ ииҳәаз. Аха усгьы, гәыӷрак сызҭоз кәиц хәыҷык сгәаҟны иҭатәеит. Убриаахыс ухынҳәра сазыԥшын. Уи ауаҩ, Зафер иакәзаарын! – уажәы, ацәажәара дааҟәыҵны, инапала амҿқәа днарыха-аарыханы, акыргьы иҽнадырхаланы, аҿыцәаарахь инеихьаз амца агәгәаҳәа инеиқәиҵеит. Уинахыс ибӷа риашаны даатәеит ҳамҭакы, иблақәа ааихмырсыӷьӡакәа амҿқәа ирхылҵуаз амцабзқәа дрыхәаԥшуа. – Уажәы уаалаганы, Ҷаны Ҳафизи уареи шәеиқәшәара шыҟалаз сзеиҭаҳәа, еибышәҳәазгьы. Џьара акы агмыжькәа иугәаларшәа".
"Алитератураҭҵаара" аҟәшаҿы ажурнал иануп академик Валентин Кәаӷәаниа истатиа "Таиф Аџьба илакә-поемақәак рхыҵхырҭеи ртекстологиатә ҟазшьарбақәеи" захьӡу. Аусумҭа алагамҭаҿы ҳаԥхьоит:
Таиф Аџьба дытҟәаны дрыман жанр хкырацәала еиласоу аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, еиҳарак алакәқәа. Урҭ злеибарку асиужет џьашьахәқәеи иргәылыжжуа ахшыҩҵак ҵаулақәеи шьарда рыҵаркуаны дахәаԥшуан абиԥара ҿа рааӡараҿы. Убри аҟнытә, апоет цәгьа дрызҿлымҳахеит иаамҭазы адунеи збаз ҳажәлар рфольклортә рҿиамҭа аизгақәа, "Аԥсуа фольклор аматериалқәа" (Зыхәба 1967), "Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа" (Шьаҟрыл 1970) убрахь иналаҵаны. Урҭ аизгақәа иргәылалаз, жанрла еиуеиԥшым аҿаԥыцтә баҟақәа (алакәқәа, ашәақәа, Нарҭаа рҳәамҭақәа, ажәаԥҟақәа уҳәа) рышьаҭала анаҩсан Т. Аџьба иаԥиҵеит ахәыҷқәа азҿлымҳара ду рызцәырызгаз алитературатә лакә ссирқәа: "Сабажәгьалеи", "Амшәи абгыӡреи", "Абна лакә", "Шьхан-шәарыца иԥа Уахсиҭи иара иҩызцәеи рлакә" уҳәа убас егьырҭгьы.
Аԥсуа хәыҷтәы литератураҿы улаԥш иааҵашәо сахьаркыратә ҩымҭоуп Таиф Аџьба раԥхьатәи илакә-поема "Сабажәгьалеи". Аки-аки еихылҿиаауа, аччара уззырҵысуа асиужет џьашьахәқәа рыла иҩычоу ари апоема уамакала дыхнахуеит ахәыҷы, иарлахҿыхуеит ҩбара злам уи идунеи лаша. Апоема аҵакы аагоуп аԥсуа жәлар еицырдыруа рыбзазаратә лакә "Абзамыҟә илакә" (авариант "Аҭакәажә лԥа заҵәы") аҿынтәи (шәрыхәаԥш: [Зыхәба 1967: 91–94; Зыхәба 2007: 455–456]). Араҟа ицәыргоуп егьырҭ ажәларқәа рфольклор аҿгьы инарҭбааны иаадыруа арныг хәашабга ихаҿсахьа: иаашьаҟәыру згәеилгара маҷу, зегь нарҳәы-аарҳәны еилызкаауа, армаӷьырма ихәыцуа, зыхгьы армаӷьырма имҩаԥызго аперсонаж (афольклор аҿтәи ихьӡ авариантқәа: Қдыжә/Гдыжә, Сажәаргьала). Ҳазхьаԥшып "Сабажәгьалеи" аԥҵараан Аџьба дызҿыԥшыз, "Аҭакәажә лԥа заҵәы" ҳәа захьӡу жәлар рлакә авариантқәа руак.
Сынтәа шәышықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа хәыҷтәы поет Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи. Апоет иажәеинраалақәеи ахәыҷкәа ирызку ипоемақәеи ҳаԥсуа ҿар даара ргәы иақәшәаны ҿырҳәала ирҵоит, еиуеиԥшым абиԥарақәа инеимда-ааимдо иааргоит.
Џь. Тапаӷәуа аԥсуа педагогикаҟны алагарҭатә классқәа рзы аԥсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит, арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи авторс дрымоуп. Уахь иалоуп: "Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа" (1962), "Аҳамҭа. Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы" (1964), "Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы" (1972), "Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга" 1–3,4–8 аклассқәа рзы" (1972, 1973) уҳәа.
Џь. Тапаӷәуа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 1943 шықәсазы афронт аҟны, убасҟан акьыҧхьгьы абеит иан илзааиҭиз раҧхьатәи иажәеинраала "Ан лахь асалам шәҟәы". 1957 ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга "Ахаҵарашәа" (Аҟәа, 1980), "Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә." (Аҟәа–Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – 2009). Аԥсышәала жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа ҭижьит.
Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер аԥхьаҩ дыздызԥхьалаша даара аҩымҭа хатәрақәа ануп апоезиаҿи, апрозаҿи, аҭҵаарадырраҿи, апублицистикеи рыҟәшақәа рҿы. Урҭ иреиуоуп;- Гәышька Папасқьырԥҳа диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазкны лажәабжь "Аҽхәара", Ричард Ҷкадуеи Ибрагим Ҷкадуеи ражәабжьқәа, Анатоли Лагәлаа иажәеинраалақәа, Саида Ҳаџьымԥҳаи Инна Ҳаџьымԥҳаи ҳ-Џьынџьтәылатә еибашьра иазку рочеркқәа, Руслан Қапбеи, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳаи, Дифа Габниаԥҳаи, Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Дырмит Габалиеи рырҿиамҭақәа.
Ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инагахоит.
© Foto / Анатолий Лагулаа Ажурнал "Алашара"
© Foto / Анатолий Лагулаа Ажурнал "Алашара"
© Foto / Анатолий Лагулаа Ажурнал "Алашара"
© Foto / Анатолий Лагулаа Ажурнал "Алашара"