Таиф Аџьба дпоетны диит

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2024
Анапаҵаҩра
Апоет Таиф Аџьба ииубилеи аламҭалаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭақәа ирыцҵо дазааҭгылоит апоет иҩыза игәалашәарақәа.
Валери Касланӡиа апоет Таиф Аџьба иҩызцәа гәакьацәа дреиуоуп. Дара ҟазшьалагьы еишьашәалан, рҩыџьагьы аҭынчра иахаҿырбаган. Валери Касланӡиа иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Таиф Аџьба иаҵкыс деиҵбын, аха аамҭак азы аҵара еицырҵон, анаҩстәи аԥсҭазаараҿгьы аимадара рыман. Агәамбзиара шимазгьы, Касланӡиа дақәшаҳаҭхеит иҩыза изку гәалашәарақәак ҳадгалара.

Аибадырра

Таифи сареи курск аҿы ҳаидтәалан, 1962 шықәсазы ҳаиқәшәеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы. Аҵара еицаҳҵон Аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет аҿы. Иара усҟан арра дцаны даахьан. Ҽнак алекциа алагамҭазы астол сызхатәаз аҿы дааин даасыдтәалеит. Узҿуи, бзиа иубои - ҳәа дсазҵааит. Сара ажәеинраалақәа шысыҩуа, сҩымҭақәа ажурнал "Амцабз" аҿы ишыркьыԥхьхьаз иасҳәеит. Саргьы ажәеинраалақәа сыҩуеит иҳәеит. Иугәалашәо усзаԥхьа анысҳәа, аа-цәаҳәак иҟаз жәеинраалак дысзаԥхьеит, ақьаадгьы исзаниҵеит. Убри аҽны инаркны ҳаиҩызара хацҳаркит. Ажәеинраала арбаныз уажә исгәалашәоӡом, аха исгәаԥхеит. Сара саб иашьа актиор Леуарса Касланӡиа иҿы сынхон, иара азеиԥшынхарҭаҿы дыҟан. Аҵара ҳацызҵоз Арсен Кьиуити иареи ԥшьышықәса уадак аҿы еицынхон. Сара дара рахь снеиуан, мышкы ибжьасмыжьуазар ҟаларын.
Таифи Арсени усгьы арра ицаны иаахьан, ашьҭахь сара сыргеит, убри аҟынтә хышықәса ҳаиԥҟьаны ҳаҟан. Арра сыхганы санааи дара 4-тәи акурс аҿы итәан, аҵара иалгон. Таифи сареи раԥхьаӡа ҳанеицәажәаз убас сеиҳәеит – аинститут саналгалакь абра Аҟәа саангыланы ашәҟәҭыжьырҭаҿы аусура салагарц сҭахуп ҳәа. Убасҟангьы иара иаԥхьаҟатәи иԥеиԥши иусқәеи дрызхәыцуан. Уи ашьҭахь иареи сареи ҩбаҟа шықәса агазеҭ "Аԥсны" аҿы аус еицаҳуит. Аусура салазыргазгьы иара иоуп. Турбаза џьара аус зуан днеин, агазеҭ аҿы аҭыԥ ҟалеит убрахь уиасыр еиӷьуп иҳәеит. Ашьҭахь, агазеҭ аҟынтә сара аҽаџьара сиасит, иара ашәҟәҭыжьырҭахь дцоит.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2024
Аԥсны
"Ҳарҭ ҳарҳәацәаргьы иагьа – аԥсҭазаара ԥшьоуп – агәра га…": Таиф Аџьба илирика азхәыцра

Аҟыбаҩ злоу

Саб иашьа актиор Леуарса Касланӡиа Таиф Аџьбеи Витали Амаршьани дрызҿлымҳан даараӡа, рҩымҭақәа дрыԥхьон. Ҽнак Леуарса ус сеиҳәеит - абри уҩыза Таиф Аџьба ажурнал "Алашара" ианыз иажәеинраалақәа урмыԥхьаӡаци ҳәа. Срыԥхьахьеит анысҳәа, шаҟа ибзиақәаз умбаӡеи, иҳәеит. Избеит, аха уаҩҵас уадак имазҭгьы еиҳагьы еиӷьны иҩраны дыҟан сҳәеит. Уи зысҳәаз, усҟан Таиф маншәалара змамыз Фрунзе имҩаду аҿы кәымрак ззуҳәашаз уада хәыҷык дыҩнан. (Иахьа имемораилтә ӷәы ахькыду). Уа сызуқәшаҳаҭхом иҳәеит саб иашьа. Аҟыбаҩ злоу иҭагылазаашьа шыҟазаалакгьы, иҟыбаҩ мааԥшыр ҟалаӡом иҳәеит. Ҳәарада саб иашьа диашан. Акьыԥхь иабоз Таиф иҩымҭақәа саҩсыжьуамызт, срыԥхьон. Урҭ еиҳа, еиҳа иласхон, ишәаҳәон, рыҽдырҭбаауан, иҵаулахон.
Ҽнак Таиф мышә ҟәыш уҟәышуп ҳәа иасҳәеит. Ари аҩыза ажәеидҳәала аԥсуаа рхы иадырхәон. Иара сажәақәа акыр ддырччеит, усгьы иҳәеит – амшә аҟәышра азҭада ҳәа. Ҽнак ақалақь салаланы сышнеиуаз сышьҭахь бжьык аагеит – мышә ҟәыш, уа уаангыли ҳәа. Таиф дсышьҭаланы дааиуазаарын. Ҳааибарччеит. Таиф алаф бзиа ибон. Ҽнак зны атроллеибус ҳҭаланы Аҳабла ҿыц ахь ҳаҩныҟақәа рахь ҳцон. Атранспорт уаала иҭәын. Абра Урыстәылантәи иҟаз хаҵак дҳақәшәеит. Иқьафгьы ҟаҵаны дыҟан. Авокзал аҿы ҳаннеилак исашәҳәа иҳәеит иара. Авокзал аҿы ҳанааи абра ҳаргьы ҳақәҵып иҳәеит Таиф. Сара уамак исҭахымызт, аха иансыдицала мап сымкит. Ҳахҩык атроллеибус ҳааҭыҵын авокзал ҳаҩналеит. Азалқәа руак аҿы ауараш рҭиуан. Таиф ауараш х-бакалк иган, зшьапқәа ҳаракыз астолқәа руакы инықәиргылеит. Ани ахаҵагьы уи дадиԥхьалеит. Ауараш ажәра ҳалагаанӡа Таиф ари ахаҵа ачастушкақәа удыруама ҳәа диазҵааит – хԥа ԥшьба частушка ҳзиҳәеит, ҳазхарагьы ҳаччеит. Заҟа ҳаччаз убома, арахь ааира баша мап ацәукуан иҳәеит Таиф. Убасҟан исаҳаз ачастушкақәа руак иахьагьы исгәалашәоит:
Шел я к милой торопился,
Всю дорогу песню пел…
Даҽа ҩ-цәаҳәак ыҟоуп, аха ара исызҳәом. Аха, абри зысгәалшәо, убра иҟоуп ажәа "порток". Уи иаанаго цқьа исзеилымкааит. Таиф сиазҵаан, уи иаанго аиқәа ауп иҳәеит. Иџьоушьаша Урыстәыла ахәытор ҳәа иахьашьҭоу џьара рхы иадырхәоз ажәа Аҷандара ақыҭа ииз, уа ашкол иалгаз идыруан.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Аԥсны
Владимир Занҭариа: Таиф Аџьба иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан

Шахи мати

Унадыххыланы иузҳәом Таиф Аџьба дазусҭаз. Иара дҿырԥшыган зегь рыла, иуаҩреи иеилкаареи ҳәаак амамызт, ақыҭаҿы қыҭа ҷкәынан, ақалақь аҿы дқалақь ааӡаразшәа акәын дшубоз. Арҿиарҿы шаҟа дҳаркыз иара иаҟара избодаз, аха ахӡыргара дашьҭамызт, даараӡа дуаҩ наалан, аԥагьареи атәамбареи дрыцәтәымын. Ажәакала, ибзырӡы рҳәартә еиԥш дҟазҵоз аҟазшьа ссирқәа деимаркуан. Деимаркуан анысҳәа, даҽакгьы сгәалашәеит. Ҳаныҷкәынацәаз аҽырбарагьы ҳацәтәымны иҟамызт. Абраҟагьы Таиф иҳаԥигон. Аҭыԥҳацәа иара еиҳа изхьаԥшуан, далыркаауан. Ҽнак ус иасҳәеит, уара Таиф, ԥшрала-сахьала, уеизгьы-уеизгьы узлаҳаиӷьу ҳәа акгьы удызбалом, нас аҭыԥҳацәа уара еиҳа изудхалозеи? Шәара шәҽырҟәышны шәрацәажәоит, сара сҽыргаӡаны, иҳәеит иара аҭакс. Ирмаананы аҭак ҟаиҵеит, уи угәы иамыхәоз ажәак иҿыҵшәомызт.
Ҳҩыза Арсен Кьиут Пицунда аус иуан акурорт системаҿы, – Таиф аҭаацәара даналала аҭыԥ рзалихит, ачеиџьыкагьы рзыҟаиҵеит. Таифи Арсени ашахмат асра бзиа ирбон. Ҽнак снеит дара рҿы. Ашахмат асра иаҿуп. Шәаала агаҿахь сҳәан, уаангыл зны ашахмат ҳасуеит рҳәеит. Арсен даҵахеит. Данаҵаха игәы ԥжәан ашахмат афигурақәа ԥсаҟьаны икаижьит. Таиф диҵагьежьны иақәԥара далагеит. Еиқәԥоит, еиқәԥоит. Таиф дҵаӷаӡа дыҟан, аха амч иман, аха дыччон, уаныччо умч камԥсо. Ацыхәтәаны, Арсен Таиф икаруаҭ днықәижьын – диқәыӷәӷәо - вот тебе шах, вот тебе мат, вот тебе шах и мат иҳәеит. Азеиԥшынхарҭаҿы акәын ари ахьымҩаԥысуаз. Изулак еидызган, нас аҟәарахьы ҳцеит. Таиф, иузааиго убоит, уҽаҵаурхар ауеи ашахмат шәанасуа - сҳәеит. Сҽаҵасырхазҭгьы, абриаҟара ҳзыччозма иҳәеит Таиф.

Таиф диит дпоетны

Сара иҵегь аҩызцәа сымоуп, аха аҟазареи ауаҩреи рганахьала Таиф аԥхьа дсыргылоит, егьырҭ сыцәгәаар ҳәа сшәоит аха. Ус акәзаргьы, Таиф дыздыруаз сышиашоу рбоит. Асовет аамҭазы ҳара уамак инароуны избахә ҳҳәаӡомызт Таиф. Уажә данаҳамбо ауп аклассик ҳәа изаҳҳәо ҳаналага. Уаанӡа дыклассикӡамыз? Уаанӡа дхагаланы изымцәажәоз? Ирымбаӡоз? Апоетцәа убасҟан иҟаз зегьы дреиҳан Таиф сара сзын. Хәыҷык ихжәаны сцәажәазар ҟалап, аха иамх ибҭахызар …
Таиф Аџьба имоуп ихы иазкны ииҳәаз абас еиԥш иҟоу цәаҳәақәак:
Сҭынчроуп издыруа,
Сҭынчра закә ҭынчроу…
Абра ииҳәо ажәақәа иҟазшьа аҷыдара аанарԥшуеит. Абри иҭынчра дузааигәаны дҟазҵоз доуҳа мчык аман:
Ажәларқәа - игәаҟуа -
Абар сара сҭынчра!
Иҵәаху абираҟқәа –
Абар сара сҭынчра!
"Амра ссируп аҭашәамҭаз" захьӡу Тиф иажәеинраала, измаҳац иззымдыруа аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам. Зны ашәаны ирҳәоит, даҽазных ҿырҳәала. Сара уи ансаҳауа, амра акәӡм избо, схаҿы иааиауа, сылақәа ирбо иара Таиф Аџьба ихаҭа иоуп:
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода,
Абри аҩыза алахьынҵа?
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Аԥсны
Инапылаҟаҵарам абаҟа
Таиф ихаҭара аазырԥшуа иара иаԥҵамҭақәа роуп, даҽаӡәы уи илшараны дыҟаӡам. Таиф Аџьба диит дпоетны. Саԥхьар сҭахуп иара дзакәыз уеилзыркаауа ажәеинраалак. Абри аҩыза ажәеинраала изыҩрымызт, иԥиеԥшхараны иҟаз ицәа иаламшәацызтгьы. Уанаԥхьо убас агәаангара унаҭоит. "Амҩа иқәу ашәахәа" ахьӡуп сызҿу, уи епиграфс иамуп - "Иҟоуп зшәахәақәа ҳара ҳҟны иаанӡа зхаҭақәа ԥсхьоу аеҵәақәа". Сышәзаԥхьоит цәаҳәақәак, уи ианыԥшуеит Таиф илахьынҵа дшазхәыцуаз:
Исыздыруам саргьы исоуа лахьынҵас,
Изҿаҷҷода шәахәа схылҵыр саргьы убас?
Сылашара шәыхьӡарымашь - изышьҭоу?
Шәара шәҟынӡа инаӡарымашь - сыԥсы шҭоу?
Таиф Аџьба уаҩык иаҳасабала дшыҟаз ала, инымаалоз уаҩ дыҟаӡамызт. Мышә ҟәыш уҟәышуп ҳәа баша иасымҳәаӡеит сара. Убри аҟара дааӡан, даара аамысҭашәара зныԥшуаз уаҩын, дҭынчӡа, ихы цәыримго дыҟан абри сзыԥхьаз ашәахәа даҩызаны. Ипоезиа зегь бзиоуп, адуцәа рзыҳәа иҩуаз аҵакы ҭбаан, иҵаулан, ахәыҷқәа ртәы уи зынӡак ассир ауп. Иахьеиԥш исгәалашәоит абгахәыҷы иазкыз "Ассир- Бақ" ақалақь ҳалаланы ҳанцоз данысзаԥхьоз:
Асеиԥш ассир заҳахьада!
Асеиԥш ассиргьы збахьада?
Иҟан анкьа бгахәыҷык,
Нымха-хымҵҵәа мыждаҵәык…

Ԥхыӡла

О, ихабар, арсҟатәи ашыкәсқәа ианыҟамла… Адунеи аҿы иҟамло акгьы ыҟам, аха исыздырам… Ҷыҷыкәа Коӷониеи сареи ҭелла ҳаицәажәалон аибашьра аамҭазы, иара исеиҳәеит Таиф дыргеит ҳәа. Нас, саргьы Гәдоуҭаҟа сцеит. Амала знык абра Аҳабла ҿыцаҿ сгәы бзиамкәа иҟалан сыԥшәма ԥҳәыс "ацхыраара лас" ахь сшылгоз ҳаиқәшәеит. Уи сентибр 28 рзы имшынҵаҿы иҟаиҵаз анҵамҭаҿы иаҳбоит. Убысҟан ҳаибабеит аҵыхәтәаны иареи сареи. Дыҟамижьҭеи ҩынтә ԥхыӡла дызбахьеит Таиф. Знык абри анкьа аус ахьызуаз "Абаҟақәа рыхьчара" аҭыӡҭыԥаҿ иҷкәын Алиас абас 10-ҟа шықәса ихыҵуашәа дицны днеихт. Аԥсшәа аасеиҳәеит, аха игәалаҟара митәык иҽеимызт. Нас, абрахь сцоит иҳәан "Ахьӡ-аԥша" апарк дҭаланы дцеит. Даҽазны ус збеит - сҩызцәак Таиф дшаахьоу узымдырӡо уажәыгь ҳәа исазҵаазшәа. Ишәҳәо закәызеи сара ишԥасмаҳац сҳәан, иџьасшьеит. Ихаҭа дсымбаӡеит, аха ԥхыӡла иӡбахә саҳаит. Иудыруазеи иӡбахә ҟалар…
Ажәабжьқәа зегьы
0