https://sputnik-abkhazia.info/20241211/kya-aourykht-baaa-rzy-zakan-akyrueit-ur-rganakhala-auadaraa-amboizhei-1053118167.html
Кәыџԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ҳзакәан акырҵуеит урҭ рганахьала ауадаҩрақәа амӡбоижьҭеи
Кәыџԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ҳзакәан акырҵуеит урҭ рганахьала ауадаҩрақәа амӡбоижьҭеи
Sputnik Аҧсны
Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәа арбгара шыҟалаз ҭнаҵаауеит апрокуратура, уахь ашәҟәқәа нашьҭуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҭоурых-культуратә... 11.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-11T09:00+0300
2024-12-11T09:00+0300
2024-12-10T18:02+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/0a/1053118277_0:4:1280:724_1920x0_80_0_0_9ee1e7913c0bd55e98ba08b8b074b681.jpg
Кәыџԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ҳзакәан акырҵуеит уи аганахьала ауадаҩрақәа амӡбоижьҭеи
Sputnik Аҧсны
Кәыџԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа рзы: ҳзакәан акырҵуеит уи аганахьала ауадаҩрақәа амӡбоижьҭеи
Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәа арбгара шыҟалаз ҭнаҵаауеит апрокуратура, уахь ашәҟәқәа нашьҭуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа. Аҭоурых-культуратә ҭынха закәанла иахьынӡахьчоу, аобиектқәа рыкәша-мыкәша ицәырҵуа азҵаарақәа, аиԥш- зеиԥшу ахҭысқәа лҵшәақәас ирымоу апрактикаҿы дазааҭгылеит азиндырҩы Дана Кәыџԥҳа.Лара иазгәалҭеит иахьатәи ҳзакәанԥҵара аҭоурыхтә баҟақәа ахьчаӡом ҳәа."Аҭоурых-культуратә ҭынха аганахьала ҳзакәанԥҵара акырҵуеит уи ахырхарҭала иҟоу апроблемақәа амӡбоижьҭеи. Азакәан аиҭакра дуқәа аҭахуп. Уи зыхҟьо аҳәынҭқарра ахылаԥшратә функциақәа иамоу азхаӡом, иара убасгьы абаҟа ақәгаразы, мамзаргьы ааха аҭаразы аҭакԥхықәра маҷуп. Иаҳҳәап, аобиект аиуристтә хаҿы итәызар, уи ақәгаразы 100 нызқь мааҭ рҟынӡа аҭакԥхықәра рықәырҵоит. Ауаа аобиект ааха арҭар, дара рзы иаҳа имариоуп, уи арҽеира (аиҭашьақәыргылара-аред.) аасҭа", - лҳәеит азиндырҩы.Кәыџԥҳа иазгәалҭеит азакәан аԥсахрақәа алагаларазы иҟаз аԥшьгамҭа аҵыхәтәанынӡа ишнагам. Уи азакәан апроект Жәлар реизара актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит ауп, уаҳа аус адулара иацҵамызт, лҳәеит азиндырҩы. Актәи аԥхьараҿы азакәан апроект рыдыркылахьан Жәлар реизара ԥасатәи ааԥхьара, лҳәеит Кәыџԥҳа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/0a/1053118277_143:0:1280:853_1920x0_80_0_0_a68831e5a49839f09a60e76c2933c2e2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәа арбгара шыҟалаз ҭнаҵаауеит апрокуратура, уахь ашәҟәқәа нашьҭуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа. Аҭоурых-культуратә ҭынха закәанла иахьынӡахьчоу, аобиектқәа рыкәша-мыкәша ицәырҵуа азҵаарақәа, аиԥш- зеиԥшу ахҭысқәа лҵшәақәас ирымоу апрактикаҿы дазааҭгылеит азиндырҩы Дана Кәыџԥҳа.
Лара иазгәалҭеит иахьатәи ҳзакәанԥҵара аҭоурыхтә баҟақәа ахьчаӡом ҳәа.
"Аҭоурых-культуратә ҭынха аганахьала ҳзакәанԥҵара акырҵуеит уи ахырхарҭала иҟоу апроблемақәа амӡбоижьҭеи. Азакәан аиҭакра дуқәа аҭахуп. Уи зыхҟьо аҳәынҭқарра ахылаԥшратә функциақәа иамоу азхаӡом, иара убасгьы абаҟа ақәгаразы, мамзаргьы ааха аҭаразы аҭакԥхықәра маҷуп. Иаҳҳәап, аобиект аиуристтә хаҿы итәызар, уи ақәгаразы 100 нызқь мааҭ рҟынӡа аҭакԥхықәра рықәырҵоит. Ауаа аобиект ааха арҭар, дара рзы иаҳа имариоуп, уи арҽеира (аиҭашьақәыргылара-аред.) аасҭа", - лҳәеит азиндырҩы.
Кәыџԥҳа иазгәалҭеит азакәан аԥсахрақәа алагаларазы иҟаз аԥшьгамҭа аҵыхәтәанынӡа ишнагам. Уи азакәан апроект Жәлар реизара актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит ауп, уаҳа аус адулара иацҵамызт, лҳәеит азиндырҩы. Актәи аԥхьараҿы азакәан апроект рыдыркылахьан Жәлар реизара ԥасатәи ааԥхьара, лҳәеит Кәыџԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.