https://sputnik-abkhazia.info/20250203/sputnik-amchybzh-kirienko-iaara-apress-konferentsia-akandidattsa-alarkhny-energodefitsit-1053587207.html
Sputnik амчыбжь: Кириенко иаара, апресс-конференциа акандидатцәа алархәны, енергодефицит
Sputnik амчыбжь: Кириенко иаара, апресс-конференциа акандидатцәа алархәны, енергодефицит
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран ҩба рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыхҳәаа. 03.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-03T09:00+0300
2025-02-03T09:00+0300
2025-02-03T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/01/1053580302_0:70:1281:790_1920x0_80_0_0_1e0b54ae262d970f05befa332a5e0339.jpg
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Москвантәи ареспублика даҭааит акыр зҵазкуа асас, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ԥшьҩык злахәны телехәаԥшрала имҩаԥгаз апресс-конференциа рхы аладырхәит, атәыла алхрақәа рҽазыҟаҵара иацҵан.Аԥсны асас дахьАԥсны усутә визитла даҭааит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.Ажьырныҳәа 31 рзы имҩаԥысит Сергеи Кириенкои Аԥсны ахада и.н. Валери Бганбеи реиԥылара. Аганқәа аԥсны-урыстәылатә партниорра азҵаарақәа ирылацәажәеит.Иара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза даҭааит, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгара дырԥыланы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аартра азҵаарақәа дрылацәажәеит.Анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галерееи Ацәыргақәҵатә зали дырҭааит, Игор Панченко иҭыхымҭа ҿыц "Аҟәатәи аԥааимбар" аусбарҭа ҳамҭас иаиҭеит. Аԥсны акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳаи иареи еиқәшәеит, агалереиа ахыбра аиҭашьақәыргылареи аԥхасҭа зауз асахьақәа реиҭашьақәыргылареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵарц иалшо ацхыраара атәы иҳәеит. Убри ашьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр даҭааит.Зыргылара иаҿу Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа даҭааны аобиект аҵакы далацәажәеит, иҳәеит аргылара афинанстә ган ацхыраара шаҭахо, аԥснытәи аган аобиект 2026 шықәсазы ишыхнаркәшо азы ажәа ҟанаҵеит.Иҳәеит Урыстәыла шацхраауа Агәабзиарахьчара аминистрра акоронарографиазы аппарат аахәара (100 миллион мааҭ зыхәԥса ыҟоу).Иҳәеит аԥснытәи арҵаҩцәа ишроуа алшара рҟазара Владимир Путина инапынҵала иаԥҵоу Ацентр "Машук" (Пиатигорск) аҿы ацҵара.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №2 , Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿтәи ашкол №1 дырҭааны акомпиутортә классқәа рзы акомпиутор ҿыцқәа раахәаразы асертификатқәа ҳамҭас ириҭеит.Атәыла ахада иалхраЕиҳа-еиҳа иааигәахоит Аԥсны ахада иалхра арыцхә. Уаанӡа АКХ ишьақәнарӷәӷәахьан Урыстәыла аҵакыраҿы алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартызарц. Аха Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа ргәаанагарала алхырҭа ҭыԥ-цҵақәа аартызар ахәҭоуп. Урыстәыла Алхырҭатә комиссиа Хада аиҳабы Елла Памфилова илҳәеит Урыстәыла АКХ алхырҭатә ҭыԥ-цҵақәа раартра аиҿкаара ишазыхиоу, уи азы Аԥсны Апарламент ариашарақәа мҩаԥнагар.Аус зуа азакәанԥҵарала алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа реилазаарақәа алхрақәа ррыцхә 30 мшы шагу ишьақәырӷәӷәазароуп.Акандидатцәа рыпресс-конференциаАжьырныҳәа 31 рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥган апресс-конференциа, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа алархәны. Иара 3,5 сааҭ ицон. Акандидатцәа 15-ҩык аԥснытәии урыстәылатәии ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак рырҭон, аԥсуа бызшәа апроблема, Аԥсны астратегиатә партниор хада Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа, аинвестициақәа атәыла радыԥхьалара, афымцамч атарифқәа уҳәа рганахь ала.АенергодефицитАԥсни Урыстәылатәи аенергоеилахәыра "ИнтерРаои" афымцамч аашьҭра аҽҳәара ацҵаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит ҳәа иҳәеит аенергетикатә шәарҭадараз аштаб аилатәараҿы ажьырныҳәа 28 рзы Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.Иахьатәи аихшанҵала агуманитартә фымцамч жәабран 15-17 рҟынӡа акәхоит иахьазхаша.Ԥхынҷкәын 23 аахыс ареспублика урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиура иаҿуп, иааизакны уи 327 миллион кВт⋅сааҭ аҟынӡа инаӡоит.Урыстәылатәи аҳақьымцәа АԥсныУрыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа аԥснытәи рколлегацәа ареспублика агәабзиарахьчара асистема аҿиараҿы иаку астратегиа ашьақәыргылараз ацхыраара рырҭарц арахь иааит.Агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба дрыцны ареспублика араионтә хәышәтәырҭақәа ирҭааит.Ирылацәажәан акадыртәи атехникатәи еиқәыршәара рызҵаарақәа, аҳақьымцәа рҿаԥхьа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара азҵаарақәа.Аимҳәа алаҵәараАԥсны иахьаҵанакуа аԥсыԥлагаҩагаратә чымазара ҿкқәеи аимҳәеи ауаа ирылаҵәо иалагеит.Ареспубликаҿы иазгәаҭоуп аимҳәа авирусқәа ҩба – А и Б. Урҭ рҽацәыхьчара алшоит алаҵа аҟаҵарала.Амедусзуҩцәа ргәаанагарала мчыбжьык ашьҭахь ачымазара ԥсыҽхароуп. Аҭагылазаашьа гәарҭоит ақалақьтәқәеи араионтәқәеи СЕСқәа, урҭ аҵара аусбарҭақәа ирыдҳәаланы ирныруеит.Архитектураз ашәҟә ҿыцАҟәа, ажьырныҳәа 28 иӡырган аԥсуа журналист Манана Кәакәасқьырԥҳа лышәҟәы "Аҟәа архитектура". иҭлыжьит 1920-1955 шықәсқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны иргылаз архитектуратә хыбрақәа ирызку ашәҟәы "Аҟәа архитектура".Ашәҟәаҿы еидкылоуп 1920 -1955 шықәсқәа раантәи аҳҭнықалақь аҿтәи аргыламҭақәа.Ашәҟәы аҟны еизгоуп шамахамзар иҭҵаам ареспублика аҭоурых аамҭақәа.Ашәҟәы 1000 цыра ҭыҵит, х-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп:Ашәҟәы "Аҟәа архитектура" аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ифонд.
https://sputnik-abkhazia.info/20250202/kirienko-aaradyrra-auskhk-any-asua-aurys-useitsura-azaaraa-drylatsazheit-1053584112.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250131/sergei-kirienko-aati-abati-ashkol-daaait-1053566684.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250201/kirienko-aati-aairbaaza-laaramza-akyna-ausura-ialargatup-ieit-1053579944.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250129/urystylati-afederatsia-agabziarakhchara-aministrra-adelegatsia-asny-rus-khdyrksheit-1053546339.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/01/1053580302_67:0:1212:859_1920x0_80_0_0_12c87da1b9b56fc12002f1255ff722ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: Кириенко иаара, апресс-конференциа акандидатцәа алархәны, енергодефицит
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран ҩба рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыхҳәаа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Москвантәи ареспублика даҭааит акыр зҵазкуа асас, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ԥшьҩык злахәны телехәаԥшрала имҩаԥгаз апресс-конференциа рхы аладырхәит, атәыла алхрақәа рҽазыҟаҵара иацҵан.
Аԥсны усутә визитла даҭааит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Ажьырныҳәа 31 рзы имҩаԥысит Сергеи Кириенкои Аԥсны ахада и.н. Валери Бганбеи реиԥылара. Аганқәа аԥсны-урыстәылатә партниорра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза даҭааит, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгара дырԥыланы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аартра азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галерееи Ацәыргақәҵатә зали дырҭааит, Игор Панченко иҭыхымҭа ҿыц "Аҟәатәи аԥааимбар" аусбарҭа ҳамҭас иаиҭеит. Аԥсны акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳаи иареи еиқәшәеит, агалереиа ахыбра аиҭашьақәыргылареи аԥхасҭа зауз асахьақәа реиҭашьақәыргылареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵарц иалшо ацхыраара атәы иҳәеит. Убри ашьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр даҭааит.
Зыргылара иаҿу Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа даҭааны аобиект аҵакы далацәажәеит, иҳәеит аргылара афинанстә ган ацхыраара шаҭахо, аԥснытәи аган аобиект 2026 шықәсазы ишыхнаркәшо азы ажәа ҟанаҵеит.
Иҳәеит Урыстәыла шацхраауа Агәабзиарахьчара аминистрра акоронарографиазы аппарат аахәара (100 миллион мааҭ зыхәԥса ыҟоу).
Иҳәеит аԥснытәи арҵаҩцәа ишроуа алшара рҟазара Владимир Путина инапынҵала иаԥҵоу Ацентр "Машук" (Пиатигорск) аҿы ацҵара.
Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №2 , Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿтәи ашкол №1 дырҭааны акомпиутортә классқәа рзы акомпиутор ҿыцқәа раахәаразы асертификатқәа ҳамҭас ириҭеит.
Еиҳа-еиҳа иааигәахоит Аԥсны ахада иалхра арыцхә. Уаанӡа АКХ ишьақәнарӷәӷәахьан Урыстәыла аҵакыраҿы алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартызарц. Аха Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа ргәаанагарала алхырҭа ҭыԥ-цҵақәа аартызар ахәҭоуп. Урыстәыла Алхырҭатә комиссиа Хада аиҳабы Елла Памфилова илҳәеит Урыстәыла АКХ алхырҭатә ҭыԥ-цҵақәа раартра аиҿкаара ишазыхиоу, уи азы Аԥсны Апарламент ариашарақәа мҩаԥнагар.
Аус зуа азакәанԥҵарала алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа реилазаарақәа алхрақәа ррыцхә 30 мшы шагу ишьақәырӷәӷәазароуп.
Акандидатцәа рыпресс-конференциа
Ажьырныҳәа 31 рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥган апресс-конференциа, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа алархәны. Иара 3,5 сааҭ ицон.
Акандидатцәа 15-ҩык аԥснытәии урыстәылатәии ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак рырҭон, аԥсуа бызшәа апроблема, Аԥсны астратегиатә партниор хада Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа, аинвестициақәа атәыла радыԥхьалара, афымцамч атарифқәа уҳәа рганахь ала.
Аԥсни Урыстәылатәи аенергоеилахәыра "ИнтерРаои" афымцамч аашьҭра аҽҳәара ацҵаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит ҳәа иҳәеит аенергетикатә шәарҭадараз аштаб аилатәараҿы ажьырныҳәа 28 рзы Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Иахьатәи аихшанҵала агуманитартә фымцамч жәабран 15-17 рҟынӡа акәхоит иахьазхаша.
Ԥхынҷкәын 23 аахыс ареспублика урыстәылантәи агуманитартә фымцамч аиура иаҿуп, иааизакны уи 327 миллион кВт⋅сааҭ аҟынӡа инаӡоит.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа аԥснытәи рколлегацәа ареспублика агәабзиарахьчара асистема аҿиараҿы иаку астратегиа ашьақәыргылараз ацхыраара рырҭарц арахь иааит.
Агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба дрыцны ареспублика араионтә хәышәтәырҭақәа ирҭааит.
Ирылацәажәан акадыртәи атехникатәи еиқәыршәара рызҵаарақәа, аҳақьымцәа рҿаԥхьа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара азҵаарақәа.
Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсыԥлагаҩагаратә чымазара ҿкқәеи аимҳәеи ауаа ирылаҵәо иалагеит.
Ареспубликаҿы иазгәаҭоуп аимҳәа авирусқәа ҩба – А и Б. Урҭ рҽацәыхьчара алшоит алаҵа аҟаҵарала.
Амедусзуҩцәа ргәаанагарала мчыбжьык ашьҭахь ачымазара ԥсыҽхароуп. Аҭагылазаашьа гәарҭоит ақалақьтәқәеи араионтәқәеи СЕСқәа, урҭ аҵара аусбарҭақәа ирыдҳәаланы ирныруеит.
Аҟәа, ажьырныҳәа 28 иӡырган аԥсуа журналист Манана Кәакәасқьырԥҳа лышәҟәы "Аҟәа архитектура". иҭлыжьит 1920-1955 шықәсқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны иргылаз архитектуратә хыбрақәа ирызку ашәҟәы "Аҟәа архитектура".
Ашәҟәаҿы еидкылоуп 1920 -1955 шықәсқәа раантәи аҳҭнықалақь аҿтәи аргыламҭақәа.
Ашәҟәы аҟны еизгоуп шамахамзар иҭҵаам ареспублика аҭоурых аамҭақәа.
Ашәҟәы 1000 цыра ҭыҵит, х-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп:
Асовет аамҭазтәи аргыларақәа рҭыԥсахьатә архитектура;
ақалақь аҭыԥсахьатә архитектура зегь рыла аҵара;
асовет аамҭазы Аҟәа ақалақьргылара атемала имҩаԥгаз аҭҵаара.
Ашәҟәы "Аҟәа архитектура" аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ифонд.