Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: актәи аԥышәаратә реис, АКХ азыхиара, Москватәи аиԥыларақәа

© Sputnik / Леон Адлейба Аэропорт "Сухум" принял первый за 30 лет тестовый рейс из Москвы
Аэропорт Сухум принял первый за 30 лет тестовый рейс из Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2025
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 3-9 рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа азнархиеит.
Владислав Ардӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿы актәи аԥышәаратә ҳаирплпн иаԥылеит, уи апассаџьырцәа зусҭцәаз, атәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз, иарбан зҵаарақәоу дызлацәажәаз Москва аԥсуа политикатә усзуҩ Бадра Гәынба, уи ареспубликаҿ аҭагылазаашьа ишанырыз атәы Sputnik аматериал аҿы.

Аԥышәаратә реис

Ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны аахыс раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Москвантәи аԥышәаратә ҳаирплантә, апассаџьырцәа зҭатәаз аднакылеит.
Апассаџьырцәа дыруаӡәкын аполитикатә усзуҩ, Аԥсны ахадарахь акандидат Бадра Гәынба, уи Урыстәыла аҵара зҵо аԥсуа студентцәа дрыцны еиҭашьақәыргылоу аҳаирбаӷәазаҿы дааит.
"Сара исыӡбеит ҳстудентцәа ааԥхьара рысҭарц, раԥхьатәи аԥырра агәахәарақәа зегьы снырырц. Ҳара атуристтә сезон алагамҭа инаркны ҳазыԥшуп Урыстәыла ақалақьқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыррақәа. Урыстәылаҟа аԥыррақәа ргеографиа аҽарҭбаауеит", —иҳәеит Гәынба.
Аҟәаҟа ареис мҩаԥнагеит аҳаиртә еилахәыра "ЮВТ Аэро", иҟоуп егьырҭ аҳаиртә еилахәырақәагьы ари апроект алалара згәы иҭоу ҳәа азгәеиҭеит аԥсуа политикатә усзуҩ.
Сухумский Аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" иаднакылеит раԥхьатәи аԥышәаратә ҳаирплан
Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан иҷыдоу амедицинатә цхыраара роурц азы ачымазцәа агараны иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр и.н. Едуард Быҭәба.
Чазов ихьӡ зху Акардиологиатә центр ахь агәы-да чымазарақәа змоу, иаарласны иԥҟатәу ҩыџьа ачымазцәа ԥыруеит. Аҽаӡәы – ацламҳәа-хаҿытә федералтә центр ахь амҩа дықәлоит иҳәеит иара.
1993 шықәса аахыс Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа рзы иаркуп. Аҳәынҭқарра-хаҭалатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара 2023 шықәса абҵарамзазы анапаҵаҩра мҩаԥысит. Аиҭашьақәыргылара цоит Урыстәыла иабзоураны.
Скорая помощь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан ачымазцәа агоит аҽыхәшәтәразы

Алхрақәа рҽырзыҟаҵара

Аԥсны Алхратә комиссиа хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Апрокуратура хадеи рахь аҳәара ҟанаҵеит ашшыбӷьыцқәеи арзаҳалқәеи ианаамҭоу рыхәаԥшразы. Абри атәы еилкаахеит жәабран 3 азы.
Ари алхратә кампаниа аамҭа зегьы аҵанакуеит, аԥсшьарамшқәеи жәабран 15 алхрақәа рымши уахь иналаҵаны ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рахь аҳәара ҟанаҵеит, атәыла ахада иалхрақәа раламҭалази алхрақәа амш аҽни алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы.
Алхратә комиссиа хада иара убасгьы аҳәара ҟанаҵоит, алхратә комиссиақәа рылахәцәа мҩаԥыргарц абжьыҭара алҵшәақәа рзы апротоколқәа иреиҳау акомиссиақәа рахь рышьҭраан.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥгара ишазыхиоу азы адырра ҟанаҵеит жәабран 5 рзы.
И.о. Президента Абхазии Валерий Бганба провел рабочую встречу с председателем ЦИК Абхазии Дмитрием Маршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Аԥсны
Аԥсны Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥгара ишазхиоу атәы рҳәеит
Акомиссиа ахада Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа абжьыҭира апроцесс иацклаԥшлоит, иара убас алхыҩцәа оперативла адырра рыҭаразы апресс-центр аус аулоит.
Иара убасгьы Маршьан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адырра ииҭеит иҟалар зылшо аилагарақәа ирызку ашшрақәа ишьақәыргылоу аԥҟарала ишгәарҭо. Ашшра АКХ аҳәаақәа ирҭыҵыр, иара уи изықәнагоу аусбарҭақәа рахь инанашьҭуеит.
Аԥсны иҭаҩым атәылауаа абжьыҭиразы рзин шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгақәа уи аҽны инаркны Алхратә комиссиа хадаҿы рыҭара иалагеит.
"Аҽамхратә бӷьыцқәа аԥыххеит, ииашангьы иҟаҵоуп, ҳтәылауаа урҭ ламысдарала рхы иадырхәон, иахьҭаҩыз аҭыԥ аҿы еиԥш, рҽахьамырхыз аҭыԥ аҿгьы рыбжьы арҭон", — ҳәа иԥхьаӡоит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Алхрақәа рылҵшәақәа аихшьаала рзыҟаҵахоит 2020 шықәсазы иҟаз аԥҟарақәа рыла.
"Аҩбатәи араунд аҿы еиҳа еиҳаны абжьқәа зауз акандидат егьи акандидатгьы, "зегьы ирҿагылоу" ҳәа зыбжьы зҭиизгьы еидкыланы дыриааир ауп", — ҳәа иҳәеит Маршьан.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Аԥсны
Аԥсны иҭаҩым атәылауаа абжьыҭиразы азин рызҭо аршаҳаҭгақәа иахьа инаркны рыҭара иалагеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит. Иреиҳаӡоу амаҵурахьы акандидатцәа хәҩык ыҟоуп: Бадра Гәынба, Олег Барцыц, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Адгәыр Хәырхәмал.

Ахада и.н. инапынҵақәа

Ииасыз амчыбжь азы ахада ин.н. Валери Бганба ашәарҭадара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Валери Бганба азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа риҭеит алхратә закәанԥҵара аилагара азы иҟоу ашшыбӷьыцқәа рҭак аҟаҵаразы.
Уаҟа ирылацәажәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" Азакәан ақәныҟәара ахылаԥшра.
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2024
Аԥсны
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Жәлар Реизара аилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсны Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны абиуџьеттә система аныхрақәа рзы азинҭара аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иақәшаҳаҭрала имҩаԥгалазарц .
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо адҵа инапы аҵаиҩит, аԥарақәа еиҳа хра рыланы ахархәареи ахылаԥшра арӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны. Иара амч амазаауеит 2025 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аусурақәа ирыҵаркит: арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа; аиқәыршәазаара; ахархәага хадақәа раахәара, адәныҟатәи аҭакԥхықәрақәа рзы ашәарақәа; ахаҭарнакратә харџьқәа; Аԥсны аӡбарҭақәа рыӡбарақәа рыла аҳәынҭқарра иаду ауалԥшьақәа рзы ашәарақәа.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Аԥсны
Бганба Афинминистрра адҵа аиҭеит абиуџьеттә система аныхрақәа азинҭараз еиқәшаҳаҭхаларц
Валери Бганба, иара убас, жәабран 10 инаркны мшаԥы 10 рҟынӡа аҳазалхратә тариф аиҭакрақәа раанкыларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Арҭ аиҭакрақәа амч роуит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Аӡбара рыдыркылеит асоциал-економикатә ҭышәынтәалара аиқәыршәареи, атәыла иаланагало атауарқәа рыхәԥса ӷәӷәала аизҳара аԥырҟәҟәаареи рзы ҳәа азгәаҭоуп Аусԥҟа аҿы.
Иазгәаҭоуп, амилаҭтә економика аҿиара астимулиациа иазырхоу аҳазалхратә тариф аринахысгьы аиӷьтәра азы ажәалагалақәа шазыҟаҵахо.

Бадра Гәынба Москватәи иԥыларақәа

Аполитикатә усзуҩ, Аԥсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба иҳаҩсыз амчыбжь азы Москва иреиҳау ачынуаа рҟны аофициалтә еиԥыларақәа мҩаԥигеит.
Ахәҭакахьала, уи Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диԥылеит, Кириенко иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада Владимир Путин Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыхьчара мацара акәымкәа, урҭ хра рыманы рыҿиара мҩаԥысларц адҵа шақәиргылаз.
Аганқәа рылацәажәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара, Аԥсны аенергетикатә усхкы ацхыраара аҭара, агәабзиарахьчара аҿиара уҳәа убас егьырҭгьы рызҵаарақәа.
Иара убас, Бадра Гәынба Москва ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанов диԥылеит. Ари аиԥылара аихшьаалақәа рыла, Урыстәыла афинансқәа Рминистрра излаанацҳауа ала, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара афинанстә цхыраара аҳасабала Аԥсны афинансқәа Рминистрра аԥхьаӡамҭахь ииагахеит 340 миллион мааҭ.
Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра анапхгаҩы Михаил Мурашкои иареи реиԥылараҿы Бадра Гәынба ахәыҷқәа рпрофилактикатә гәаҭара амҩаԥгараз Аԥсны ацхыраара аҭара даҳәеит.
Уи азы иҷыдоу амедицинатә хархәагақәа зцу амашьына ахархәара аиуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан агәы-да чымазарақәа змоу ареспублика ауааԥсыра иҷыдоу ацхыраара рыҭара.
"Аԥсныҟа иаагахоит зыхә цәгьоу аппарат, ангиограф, уи иҵару амиокардтә инфаркти егьырҭ ачымазарақәа жәпакы змоуи атәылауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит,", - ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Гунба договорился с Мурашко о помощи в профилактическом осмотре детей в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Аԥсны
Гәынба Мурашко диацәажәеит Аԥсны ахәыҷқәа рпрофилактикатә гәаҭара амҩаԥгараҿы дыцхыраарц
Урыстәыла азҿлымҳауп Аԥсни ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аринахысгьы рыҿиара ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥснытәи аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынба иԥылараан.
"Ҳара ҳусеицура аԥхьаҟагьы арӷәӷәара ҳазҿлымҳауп. Ҳабжьара ахәаахәҭратә еикәыршара аизҳара иаҿуп, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аалыҵ азеиԥш хашәалахәы 8% рыла иазҳаит. Агәра аагоит ҳаимадарақәа аекономика аизҳара, асоциалтә проблемақәа рыӡбара, атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра рахь ишкылнаго", — ҳәа иҳәеит Лавров.
Аминистр иазгәеиҭеит абри аконтекст аҿы, Урыстәыла Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаарласны аартра ишазыԥшу.
"Аҳаирбаӷәаза аартра атуризм аҿиара акырӡа иацхраауеит, еицырдыруа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла абырлаш ҭыԥ – Аԥсны аҭаара арҭбаауеит", – ҳәа иҳәеит Лавров.
Уи адагьы, Урыстәыла АдәАР Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу заанаҵтәи атәыла ахада иалхрақәа дазааҭгылеит, урҭ еиҿагыларада имҩаԥысып ҳәа дшақәгәыӷуа азгәеиҭеит.
Рабочая поездка политического деятеля Абхазии Б. Гунбы в Москву - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Аԥсны
Урыстәыла азҿлымҳауп Аԥсни ҳареи ҳеизыҟазаашьақәа рыҿиара – Лавров

Алашара арцәара аанкылоуп

Урыстәыла иазхиоуп Аԥсны еиԥҟьарада афымцамч аиуразы аӡбарақәа рыԥшаара, ҳәа иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, жәабран6 азы Аԥснытәи аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараҿы.
Новак иазгәеиҭеит, аганқәа ареспублика аенергетикатә усхкы ахархәара еиқәзыршәо амеханизм аԥҵара ргәы ишҭоу.
"Уаҵәы инаркны, ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит афымцамч инагӡаны анашьҭра аиқәыршәаразы. Аԥсны ауааԥсыреи асоциал-економикатә обиектқәеи иацҵаны афымцамчмҽхак рҭахуп, Урыстәыла шәара шәҳәарала афымцамч аиқәыршәара шыҟанаҵогьы. Ацхырааразы ҳара ҳазыхиоуп уи азы аӡбрақәа рыдкылара", - ҳәа иҳәеит Новак.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, аенергетикатә проблемақәа зегь раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны ауааԥсыра ргәы иҵхо зҵаароуп, избан акәзар, ԥхынҷкәынмзазы иара хаҭала иҟаиҵаз аҳәарала Урыстәылантәи иҟаҵаз агуманитартә цхыраара уажәшьҭа аҵыхәтәахьы инеиуеит. Урыстәыла адгылара Аԥсны аенергетикатә шәарҭадаразы акырӡа аҵакы амоуп.
Ажьырныҳәа 7 рзы Аԥсны иахьаҵанакуаз афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалаз аԥкрақәа зегьы ықәгахеит.
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Аԥсны афымцалашаразы иалагалаз аԥкрақәа зегьы аԥыхуп

Аинвестициатә еиқәшаҳаҭреи абизнес ацхырааразы афонди

Урыстәыла Аԥсны иақәшаҳаҭуп атәылақәа ирыбжьарҵаз аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ишыҟаз еиԥш анагӡара шалымшо азы ҳәа иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Аԥснытәи аполитик Бадра Гәынба иҿцәажәараан.
"Ҳара уи ахәаԥшрахь ҳхынҳәуеит, жәаҳәарада, аҩганкгьы ринтересқәа реизыҟазаашьақәа еиқәҳаршәоит, Аԥсны ауааԥсыреи абизнеси ринтересқәагьы уахь иналаҵаны. Адокумент зегьы ринтересқәа азгәазҭо документхоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны аринахысгьы Урыстәылантәи аинвестициақәа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵара ишазхиоу.
"Ари ҳара ҳзы акыр зҵазкуа усуп. Убри аан, ҳара иаҳҭахуп аинтересқәа реизыҟазаашьақәа рыхьчара. Урҭ инвесторцәеи ҳтәылауааи ринтересқәа роуп, урҭ ҳҳәынҭқарреи абизнес еилазаареи ринтересқәа роуп.Ҳара Урыстәылантәи аивестициақәа радыԥхьалара ҳазыхиоуп", - ҳәа иҳәеит Гәынба.
Заместитель председателя правительства РФ Александр Новак - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Аԥсны
Новак: Урыстәыла Аԥсны абизнес маҷи абжьаратәи анаплакреи рыцхырааразы афонд аԥҵахоит
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳусура абзоурала Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагалара аҳасабала ҩажәи хәба миллиард мааҭ инареиҳаны аԥара адыԥхьалара алыршахеит. Ҳара ҳаԥхьаҟа иҵегьы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵалоит", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа политик.
Урыстәыла, Бадра Гәынба иаԥшьгарала Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра ацхырааразы иҷыдоу афонд аԥнаҵараны иҟоуп.
"Сынтәатәи ашықәсаз шә-миллион мааҭ азоужьуп", — иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Аԥснытәи аполитик Бадра Гәынба иҿцәажәараан.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ аекономиказы акыр зҵазкуа анаплак дуқәа рымацара ракәымкәа, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакқәа рыцхыраара шрыхәҭоу еиҭеиҳәеит. Аԥсны ари ахырхарҭала алшара дуқәа амоуп. Новак иажәақәа рыла, ари аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵареи, атуристцәа радыԥхьалареи, иааизакны аекономика аҿиареи рзы ибзиоу, хра злоу маругоуп.
Бадра Гәынба ари аӡбамҭазы Новак иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иҳәеит Аԥсны ишаныруа Урыстәылатәи аган анаплакра арҭбааразы иҟанаҵо адгылара.

Михаил Шургалин иҳәамҭа

Аԥсны аоппозициаа Бадра Гәынба ааигәа Москва имҩаԥигаз аиԥыларақәа раан дызԥылоз мҩахиҟьеит, избанзар уи Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа официалла дырхаҭарнакӡам ҳәа ахара идырҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иахь Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҳәара ҟанаҵеит арҭ адыррақәа ахҳәаа риҭарц.
Ацҳаражәҳәаҩ зегь раԥхьа иргыланы иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи аусбарҭақәа зегьы еснагь аиашьаратә Аԥсны адгылареи, иахәҭоу аӡбарақәа зегьы ианаамҭоу аус рыдулареи, рынагӡареи ишадгыло. Абарҭ ракәын изызкыз Бадра Гәынба Москва хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥигоз, даара алҵшәа бзиақәагьы змоу аиԥыларақәа.
Михаил Шургалин - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Шургалин Гәынба Москва имҩаԥигаз аиԥыларақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит
Бадра Гәынба ихаҭаратә статус атәы ҳҳәозар, араҟа иарбанзаалак проблемеи ииашам аилкаарақәеи ыҟаӡам, иҟаларгьы ҟалом. Иара дзыҿцәажәоз ибзиаӡаны еилыркаауан уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнак шиакәмыз. Москва иара еицырдыруа политикатә усзуҩык иаҳасабала ихәаԥшуеит, Урыстәыла анапхгара рхаҭарнакцәеи иареи иҭышәынтәалоу аусуратә еизыҟазаашьақәа змоу иоуп ҳәа дырдыруеит.

Урыстәылатәи амедицинатә цхаара

Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә центр адиректор хада Сергеи Боицов зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны амедицинатә цхыраара шеиҿкаау ҭырҵааит ҳәа аанацҳаит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы урҭ адкыларҭақәа, акардиологиеи атерапиеи рыҟәшақәа, адатә хирургиа аҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәшақәа гәарҭеит.
Аекспертцәа иара убасгьы арегионалтә датә центр аиҿкаареи ангиограф ашьақәыргылареи рзы аҭыԥ гәарҭеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Сергеи Боицови Аҟәатәи 2-тәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа русушьа рбеит.

Аҟазара аиқәырхаразы

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аҟәаҟа иааит Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа абылраан амца иацәынхаз асахьақәа реиҭашьақәыргылара аҽазыҟаҵаратә усурақәа рымҩаԥгаразы.
"Уажәы Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы ҳаҟоуп, асахьақәа зегьы рыхьчара аҭагылазаашьаз ахҳәаа раҳҭоит, рсериатә номерқәа еиҿҳарԥшуеит, амҩангаратә еилакы урҭ ралкаареи реиқәыршәареи еиҳа ирзымариахарц азы", — ҳәа еиҭеиҳәеит Аурыс музеи асахьаҭыхҩы-ареставратор Иван Безсолицин.
Аиҭашьақәыргылара ахьымҩаԥысуа Урыстәыла акәу, Аԥсны акәу макьана еилкааӡам, уи азы аицәажәарақәа цоит. Аҟазацәа ражәақәа рыла, асахьақәа реиҭашьақәыргылара акыр шықәса иадхалоит, иара убасгьы дара зегьы еиҭашьақәургыло иҟаӡам.
Аха зегьы маншәалахар, еиҭашьақәыргылахо аусумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахар алшоит.
Российские реставраторы приступили к осмотру картин, уцелевших при пожаре в здании Союза художников 21 января. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсныҟа иааит амца иацәынхаз асахьақәа реиҭашьақәыргыларазы

Аҟәа амцакра

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны жәбаны еихагылоу аҩын ду ахыб амца акит жәабран 7 рзы. Амцакразы аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит асааҭ 12:09 рзы.
Кьараз амҩаду аҿы аҩнеихагылаҿы амца дырцәон Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони амцарцәаратә гәыԥқәа хәба, 20-ҩык амцарцәаҩцәа.
Аҩнеихагыла аҭуани алаӷәратә хәҭаки блит. Амца арцәараан уадақәак аӡы рыҩналеит", — иҳәеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа Sputnik аинтервиу аҭо.
Мышкы ашьҭахь амца зкыз Аҟәатәи аҩнеихагылаҿы аԥхасҭа зауз анхацәа аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхас Лагәлаа.
Иара иҳәеит ахыб аиҭашьақәыргыларазы ахарџьнҵа аиқәыршәара ишаҿу, насгьы уадацыԥхьаӡа иҩналаны аԥхасҭа зауз шгәарҭо.
Арҭ адокументқәа еидкыланы атәыла Аиҳабырахь инашьҭхоит аҭагылазаашьа ҷыда ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы еиҿкаау Акомиссиа ахь идәықәҵахоит.

Иӡыз атурист иԥсыбаҩ ԥшаауп

38 шықәса зхыҵуаз Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы, аиқәырхаҩцәа уи иҭыгара иаҿуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит иара Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы дшырбаз. Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит.
Берестениов ажьырныҳәа 31 инаркны Риҵа азааигәара ишьҭан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ари ахҭыс азы адырра аиуит жәабран 2 рзы, урҭ адырра шрырҭаз ала, иара ихатә маҭәақәеи идокументқәеи зегьы ааныжьны дцеит ҳәа. Аԥшаарақәа аанкылан жәабран 6 рзы, иахьа урҭ ирыцҵан.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2025
Аԥсны
Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит Риҵатәи аиҩхааҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0