Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳауацәаҳәа "Ԥсоу" аҿы иҟалаз аԥхасҭа аԥыхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 - Spunik. "Ԥсоу" ацәаҳәаҿы афымцацәаҳәа иаиуз аԥхасҭа аҭыԥ иқәҵоуп.
"Афымцалашара Аԥсны иахьаҵанакуа иахьабалак инашьҭуп", - ҳәа аарыцҳаит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" ахада Ҭемыр Џьынџьал Sputnik аинтервиу аҭо иҳәахьан иаха асааҭ 00:30 рзы Ԥсоу ацәаҳәа авариала ишыцәаз. "Амшынеиқәафымцамч" иатәу аиҭашьақәыргыларатә бригадақәа ҩба аҭыԥ ахь ицаны ашьыжь Ԥсоу аҳабла азааигәара, анеира ахьыуадаҩу аҭыԥ аҿы, аԥхасҭа ахьыҟалаз рԥшааит.
Амашәыр иахҟьаны, ареспублика аиҳарак лашарада иаанхеит, авариатә схемала Тҟәарчали Аҟәа ахәҭаки ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара роуан.
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2025
Аԥсны
Аԥсны афымцамч сааҭки бжаки рыла еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0