https://sputnik-abkhazia.info/20230323/azhak-azyan-izyrsho-apoettsa-aa-apoezia-amsh-shazgaraz-1044812983.html
Ажәак азыҳәан изыршо апоетцәа: Аҟәа Апоезиа амш шазгәарҭаз
Ажәак азыҳәан изыршо апоетцәа: Аҟәа Апоезиа амш шазгәарҭаз
Sputnik Аҧсны
Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультети еицымҩаԥыргеит Апоезиа Адунеизегьтәи амш. Абри атәы... 23.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-23T13:40+0300
2023-03-23T13:40+0300
2023-03-23T15:50+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/17/1044812249_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_b1fe92f31dca91a03ae9d1c5e6684bb0.jpg
Ари аныҳәа уажәшьҭа акрааҵуеит Аԥсны ҳаԥсуа поетцәа алархәны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоижьҭеи. Иара убасгьы, аныҳәа иалагӡаны еиҿкаахеит иналукааша ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмааи Никәала Ҳашыги гьама ҳаракыла иҭыжьу рышәҟәқәа рӡыргара. Убри анаҩсгьы, сынтәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиҿкаауижьҭеи 90 шықәса ҵит. Иуҳәар ҟалоит, ари аныҳәа ду амҩаԥгара раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара иалагеит убри аҽны ҳара зегьы ҳзылгаз, бзиа иаабо ҳ-Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы ҳәа.Арахь имҩахыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу заԥхьа дгылаз ҳаԥсуа поетцәа - Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа, абарҭ ацәаҳәақәа равтор, иара убасгьы даара доуҳала иаҳзааигәоу абаза Жәлар рпоет Лариса Шебзухова.Ари аиԥылара бзиа ааиртит Ауниверситет афилологиатә факультет арҵаҩы Ахра Анқәаб. Уи дазааҭгылан далацәажәеит ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа аԥызҵахьоу ҳпоетцәа рырҿиамҭақәа гәадурыла ишрыԥхьо, ишҭырҵаауа иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵо аҿар. Уимоу, иҟоуп зхатәы рҿиамҭақәа аԥызҵо апоезиаҿгьы, апрозаҿгьы, алитературатә критикатә ҭҵаамҭақәа рҿгьы. Урҭ иахьеи уахеи аус рыдырулоит рырҵаҩцәа, еилдыргоит рырҿиамҭақәа, аха ашәҟәыҩҩцәеи дареи реиқәшәарақәа, реиԥыларақәа хымԥада иаҭахуп, избанзар урҭ ирбалароуп зҩымҭақәа ирыԥхьо арҿиаҩцәа, ирзыӡыҩрлароуп, рабжьагажәақәа хымԥада дара рзы даара акраанагоит. Ауниверситет аҿы иҭыҵуеит аҿар рҩымҭақәа еидызкыло альманах "Аԥырсал", уаҟа урҭ рырҿиамҭақәа ирыԥхьоит, еилдыргоит, нас ауп агазеҭқәеи ажурналқәеи, хазы аколлективтә шәҟәқәеи рахь иандәықәырҵо.Ахра Анқәаб инаимданы аиԥылараҿы дықәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы, апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Вахтанг Аԥҳазоу.Иара дазааҭгылеит сынтәа 90 шықәса зхыҵуа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҭоурых, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы уа хадацәас аус зуаз ашәҟәыҩҩцәа рџьабаа, рырҿиамҭақәа, аидгыла иалшаз аҿар реиҵааӡараҿы, урҭ ҳлитературахь агәыбылра рыркраҿы, асахьаркыратә литература аҭыжьраҿы, иара убасгьы хашҭра зқәым алитературатә еиԥыларақәа, аиубилеиқәа, ашәҟәқәа рӡыргарақәа. Хаз ҷыдала дырзааҭгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуа ажурналқәа "Алашареи", "Амцабзи", агазеҭ "Аамҭеи" русура атәы, урҭ аԥхьаҩцәа рҿы ишнеиуа, наҟ-ааҟ ирыбжьоу аимадара, уа иркьыԥхьуа арҿиамҭақәа, иарбан жанру еиҳа аԥыжәара змоу, еиҳа еиҵахоу, ацхыраара зҭаху…Вахтанг Аԥҳазоу далацәажәеит уи аҽны зӡыргара ыҟаз ашәҟәқәа ҳаԥсуа литератураҿы рҿахәы шырҳәахьоу, акыр абиԥара шырааӡахьоу… Қьаазым Агәмаа поетк иаҳасабалагьы, прозаикк иаҳасабалагьы даара акыр шыҟаиҵахьаз, аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аџьамыӷәа ӷәӷәа шихигазгьы, зегьы акоуп, уи ҳажәлар ргәаҿы иаанхашаз ажәеинраала ссирқәа иҩит. Вахтанг Аԥҳазоу уи ахәылԥа бзиаҿ даԥхьеит Қьаазым Агәмаа Аибашьра Ду анҵәамҭазы 1945 шықәса рзы ииҩыз иахьа ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ирацәаҩны ҿырҳәала ирдыруа аҩымҭа "Сҩыза". Иаҳгәалаҳаршәап уи ажәеинраала алагамҭа:Бзиала, сбаҳча, бзиала,Сзааӡаз сымш, сықалақь Аҟәа!Сгәаҿы иԥхьакны уара убзиара,Сара унсыжьуеит иахьа абраҟа.Сыԥсадгьыл сыԥхьоит, гәаҟрак амоуп,Сангьы илысҭеит са сҭоуба!Амчгьы сызҭо агәыкрами,Сгәаҿы иназго ацәқәырԥа…Иара убасгьы ари аиԥылараҿы дықәгылеит Ауниверситет афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь. Уи иааркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит ауниверситет аҿ еиҿкаау алитературатә кружок аусушьа, имҩаԥырго аиԥыларақәа, абаҩхатәра злоу аҿар рыхьӡқәа, иара убасгьы Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи дареи реимадарақәа ртәы.Анаҩс ажәа лырҭеит ҳаҳәшьа еиҳаб, Абаза жәлар рпоет Лариса Шебзухова. Уи дазааҭгылеит абаза жәлари аԥсуа жәлари рыиашьара, дрылацәажәеит шаҟа еизааигәоу рбызшәа, рлитературақәа, аханатә аахысгьы ишыҟоу алитературатә еимадара бзиаӡақәа, урҭ иахьагьы ҿыц аус шрыдулатәу, ҳара жәларык раҳасабала ҳаиқәзырхо ҳбызшәа мырӡӡакәа иахьааҳго азы шакәу…Аҵыхәтәан апоет дрыԥхьеит абаза бызшәалеи аурыс бызшәалеи лажәеинраалақәа.Анаҩс ажәа рырҭеит афилологиатә факультет астудентцәа, урҭ исахьаркны ирыԥхьеит ҳаԥсуа классикцәа ражәеинраалақәа. Зегь раҵкыс иалкаахаз иреиуоуп: И. Ҳаразиаԥҳа, А. Кәакәасқьырԥҳа, И. Беридов, Л. Сақаниаԥҳа, Л. Чхеиӡеԥҳа, С. Агрба.Лажәеинраалақәеи лпародиақәеи дрыԥхьеит апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Кәыҵниаԥҳа.Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:Дгьыли жәҩани ӡы рахәыцла еибаркуп,Дгьыли жәҩани мза шәахәацла еибаркуп!Урҭ даҽа лахьынҵак рызхәыцуп, даҽакы,Бла иазгәамҭо, гәы ианыруа даҽакы.Рымаӡа амҩа са сыԥсаҵаҟа иҵәахуп,Са дыздыруеит урҭ рыбзиабара анцәахәы.Дара рымшра - сара сгәыӷра, сынцәахәы,Дгьыли жәҩани срахәыц хәыцрыла еибаркуп,Дгьыли жәҩани сара сгәыӷра рыбжьакуп.Ажәа ирҭеит уажәшьҭа ҳаԥсуа ԥхьаҩы ибзиан иидыруа апоет-ажурналист Алхас Чхамалиа. Уи дрыԥхьеит баҩхатәра бзиала иҩу ажәеинраалақәа, иара убасгьы ахәылԥаз иалахәыз ргәы ирхааит илаф бзиақәа рыла.Аҵыхәтәан дықәгылеит апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гунда Сақаниаԥҳа. Уи дрыԥхьеит афилософиатәи, алирикатәи, аграждантәи жәеинраалақәеи, апародиақәеи.Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:Амзаҟәардәҳнықәтәапҵхыбжьон,Ҳагәқәа даҽазнык ҳарныԥшылап,Ааи, саргьы бзиа узбон,Усҟан еиԥш ҿыцныҳаиԥылап...Нахьхьи џьара ҵхагәаныИҿыхоит аҵәҵәеиԥшбаша ҳгәыӷра,Аҟәардә ҩежьнхоит иҭацәны,Ахаан изгымхо иаҭымра.Аҟәардә ҩежь – азаҵәрааԥштәы,аҵх иагәылоуп.ИхьшәашәаӡаИҳамоуп еиҭахаҳәатәы,Иаҳзымҳәазеибыҳәан ҳаԥсыроуп…Амзаҟәардә нхоитиҭацәны,Еиҭах, заҟаҩыирзыԥшыда?Ҳаҟоуп уаргьысаргьы ҳзаҵәны,Ҳазныҳәада,ма ҳазшәиида?!Мышьҭабзиала, аԥсуа поезиахь зшьаҿа еихызго аҿар, мышьҭабзиала, ажәа ҵаулак, ажәа ԥшӡак азыҳәан аҵыхқәа аккаҳәа изыршо аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Шәара насыԥ аншәымоу, шәара иреиӷьӡоу шәышәҟәқәа ишрыԥхьо ианааԥсалак, ацәа ианрымнахлак, уаҵә хымԥада иацаҳҵоит ҳәа зыхчы иаҵаҵаны ицәо анырацәаҩхалак ауп!..
https://sputnik-abkhazia.info/20221218/abar-iruama-asny-assha-yyr-1043174516.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220911/aiasha-lgybylra-sashaait-aabarda-poet-zarina-anya-ilyzkny-1041331102.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230226/amyzhaa-zmou-apoet-1044328810.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/17/1044812249_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_7e354aac6ea12e69e82d5f90afebf420.jpg Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ажәак азыҳәан изыршо апоетцәа: Аҟәа Апоезиа амш шазгәарҭаз 13:40 23.03.2023 (ирҿыцуп: 15:50 23.03.2023 )
Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультети еицымҩаԥыргеит Апоезиа Адунеизегьтәи амш. Абри атәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.
Ари аныҳәа уажәшьҭа акрааҵуеит Аԥсны ҳаԥсуа поетцәа алархәны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоижьҭеи. Иара убасгьы, аныҳәа иалагӡаны еиҿкаахеит иналукааша ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмааи Никәала Ҳашыги гьама ҳаракыла иҭыжьу рышәҟәқәа рӡыргара. Убри анаҩсгьы, сынтәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиҿкаауижьҭеи 90 шықәса ҵит. Иуҳәар ҟалоит, ари аныҳәа ду амҩаԥгара раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара иалагеит убри аҽны ҳара зегьы ҳзылгаз, бзиа иаабо ҳ-Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы ҳәа.
Арахь имҩахыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу заԥхьа дгылаз ҳаԥсуа поетцәа - Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа, абарҭ ацәаҳәақәа равтор, иара убасгьы даара доуҳала иаҳзааигәоу абаза Жәлар рпоет Лариса Шебзухова.
© Foto / Анатолий Лагәлаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
© Foto / Анатолий Лагәлаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
© Foto / Анатолий Лагәлаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
© Foto / Анатолий Лагәлаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит апоезиа амш
Ари аиԥылара бзиа ааиртит Ауниверситет афилологиатә факультет арҵаҩы Ахра Анқәаб. Уи дазааҭгылан далацәажәеит ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа аԥызҵахьоу ҳпоетцәа рырҿиамҭақәа гәадурыла ишрыԥхьо, ишҭырҵаауа иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵо аҿар. Уимоу, иҟоуп зхатәы рҿиамҭақәа аԥызҵо апоезиаҿгьы, апрозаҿгьы, алитературатә критикатә ҭҵаамҭақәа рҿгьы. Урҭ иахьеи уахеи аус рыдырулоит рырҵаҩцәа, еилдыргоит рырҿиамҭақәа, аха ашәҟәыҩҩцәеи дареи реиқәшәарақәа, реиԥыларақәа хымԥада иаҭахуп, избанзар урҭ ирбалароуп зҩымҭақәа ирыԥхьо арҿиаҩцәа, ирзыӡыҩрлароуп, рабжьагажәақәа хымԥада дара рзы даара акраанагоит. Ауниверситет аҿы иҭыҵуеит аҿар рҩымҭақәа еидызкыло альманах "Аԥырсал", уаҟа урҭ рырҿиамҭақәа ирыԥхьоит, еилдыргоит, нас ауп агазеҭқәеи ажурналқәеи, хазы аколлективтә шәҟәқәеи рахь иандәықәырҵо.
Ахра Анқәаб инаимданы аиԥылараҿы дықәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы, апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Вахтанг Аԥҳазоу.
Иара дазааҭгылеит сынтәа 90 шықәса зхыҵуа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҭоурых, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы уа хадацәас аус зуаз ашәҟәыҩҩцәа рџьабаа, рырҿиамҭақәа, аидгыла иалшаз аҿар реиҵааӡараҿы, урҭ ҳлитературахь агәыбылра рыркраҿы, асахьаркыратә литература аҭыжьраҿы, иара убасгьы хашҭра зқәым алитературатә еиԥыларақәа, аиубилеиқәа, ашәҟәқәа рӡыргарақәа. Хаз ҷыдала дырзааҭгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуа ажурналқәа "Алашареи", "Амцабзи", агазеҭ "Аамҭеи" русура атәы, урҭ аԥхьаҩцәа рҿы ишнеиуа, наҟ-ааҟ ирыбжьоу аимадара, уа иркьыԥхьуа арҿиамҭақәа, иарбан жанру еиҳа аԥыжәара змоу, еиҳа еиҵахоу, ацхыраара зҭаху…
Вахтанг Аԥҳазоу далацәажәеит уи аҽны зӡыргара ыҟаз ашәҟәқәа ҳаԥсуа литератураҿы рҿахәы шырҳәахьоу, акыр абиԥара шырааӡахьоу… Қьаазым Агәмаа поетк иаҳасабалагьы, прозаикк иаҳасабалагьы даара акыр шыҟаиҵахьаз, аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аџьамыӷәа ӷәӷәа шихигазгьы, зегьы акоуп, уи ҳажәлар ргәаҿы иаанхашаз ажәеинраала ссирқәа иҩит. Вахтанг Аԥҳазоу уи ахәылԥа бзиаҿ даԥхьеит Қьаазым Агәмаа Аибашьра Ду анҵәамҭазы 1945 шықәса рзы ииҩыз иахьа ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ирацәаҩны ҿырҳәала ирдыруа аҩымҭа "Сҩыза". Иаҳгәалаҳаршәап уи ажәеинраала алагамҭа:
Сзааӡаз сымш, сықалақь Аҟәа!
Сгәаҿы иԥхьакны уара убзиара,
Сара унсыжьуеит иахьа абраҟа.
Сыԥсадгьыл сыԥхьоит, гәаҟрак амоуп,
Сангьы илысҭеит са сҭоуба!
Иара убасгьы ари аиԥылараҿы дықәгылеит Ауниверситет афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь. Уи иааркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит ауниверситет аҿ еиҿкаау алитературатә кружок аусушьа, имҩаԥырго аиԥыларақәа, абаҩхатәра злоу аҿар рыхьӡқәа, иара убасгьы Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи дареи реимадарақәа ртәы.
Анаҩс ажәа лырҭеит ҳаҳәшьа еиҳаб, Абаза жәлар рпоет Лариса Шебзухова. Уи дазааҭгылеит абаза жәлари аԥсуа жәлари рыиашьара, дрылацәажәеит шаҟа еизааигәоу рбызшәа, рлитературақәа, аханатә аахысгьы ишыҟоу алитературатә еимадара бзиаӡақәа, урҭ иахьагьы ҿыц аус шрыдулатәу, ҳара жәларык раҳасабала ҳаиқәзырхо ҳбызшәа мырӡӡакәа иахьааҳго азы шакәу…
Аҵыхәтәан апоет дрыԥхьеит абаза бызшәалеи аурыс бызшәалеи лажәеинраалақәа.
Анаҩс ажәа рырҭеит афилологиатә факультет астудентцәа, урҭ исахьаркны ирыԥхьеит ҳаԥсуа классикцәа ражәеинраалақәа. Зегь раҵкыс иалкаахаз иреиуоуп: И. Ҳаразиаԥҳа, А. Кәакәасқьырԥҳа, И. Беридов, Л. Сақаниаԥҳа, Л. Чхеиӡеԥҳа, С. Агрба.
Лажәеинраалақәеи лпародиақәеи дрыԥхьеит апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:
Дгьыли жәҩани ӡы рахәыцла еибаркуп,
Дгьыли жәҩани мза шәахәацла еибаркуп!
Урҭ даҽа лахьынҵак рызхәыцуп, даҽакы,
Бла иазгәамҭо, гәы ианыруа даҽакы.
Рымаӡа амҩа са сыԥсаҵаҟа иҵәахуп,
Са дыздыруеит урҭ рыбзиабара анцәахәы.
Дара рымшра - сара сгәыӷра, сынцәахәы,
Дгьыли жәҩани срахәыц хәыцрыла еибаркуп,
Дгьыли жәҩани сара сгәыӷра рыбжьакуп.
Ажәа ирҭеит уажәшьҭа ҳаԥсуа ԥхьаҩы ибзиан иидыруа апоет-ажурналист Алхас Чхамалиа. Уи дрыԥхьеит баҩхатәра бзиала иҩу ажәеинраалақәа, иара убасгьы ахәылԥаз иалахәыз ргәы ирхааит илаф бзиақәа рыла.
Аҵыхәтәан дықәгылеит апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гунда Сақаниаԥҳа. Уи дрыԥхьеит афилософиатәи, алирикатәи, аграждантәи жәеинраалақәеи, апародиақәеи.
Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:
Ҳагәқәа даҽазнык ҳарныԥшылап,
Аҟәардә ҩежь нхоит иҭацәны,
Мышьҭабзиала, аԥсуа поезиахь зшьаҿа еихызго аҿар, мышьҭабзиала, ажәа ҵаулак, ажәа ԥшӡак азыҳәан аҵыхқәа аккаҳәа изыршо аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Шәара насыԥ аншәымоу, шәара иреиӷьӡоу шәышәҟәқәа ишрыԥхьо ианааԥсалак, ацәа ианрымнахлак, уаҵә хымԥада иацаҳҵоит ҳәа зыхчы иаҵаҵаны ицәо анырацәаҩхалак ауп!..