https://sputnik-abkhazia.info/20250331/sputnik-amchybzh-gynba-ria-iazaara-ayrraa-aara-rzouzhra-umniki-i-umnitsy-aiaaira-1054278312.html
Sputnik амчыбжь: Гәынба Риҵа иҟазаара, аԥыррақәа аԥара рзоужьра, "Умники и Умницы" аиааира
Sputnik амчыбжь: Гәынба Риҵа иҟазаара, аԥыррақәа аԥара рзоужьра, "Умники и Умницы" аиааира
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 24-30 рыҩныҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ажәабжьқәа рыхҳәаа. 31.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-31T09:00+0300
2025-03-31T09:00+0300
2025-03-31T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
ахҭысқәа
аполитика
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1d/1054271075_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_fed0548207f5e2d852a0d58c10b2752b.jpg
Аԥсны ахада и.н. Бадра Гәынба Риҵатәи апарк аҿыиҟалаз аҿыбгарразы иҟаиҵаз анапынҵақәа, Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь аԥырразы аԥаразоужьра, уаанӡатәи Аԥсны акультура аминистр заҟа шықәса иқәырҵаз, ахәыҷқәа рдиспансеризациа шымҩаԥысуа Sputnik аматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит.Атеатр амши Ураза-БаирамиХәажәкыра 27 аҽны атеатр аусзуҩцәа иазгәарҭеит рзанааҭтә ныҳәа – Атеатр амш. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атеатр аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьа ареспубликаҿы қәҿиарала аус зуа атеатрқәа ԥшьба шыҟоу, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр, РУСДРАМ, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр."Шәара аԥсуа хәаԥшҩы иестетикатәи иморалтәи ааӡараҿы шәлагала дууп, шәҟазара агәацԥыҳәара ҳазцәырнагоит, ҳархәыцуеит, аԥшӡара абареи аҟазара аилкаареи ҳнарҵоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.Иара убасгьы Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа амҽышаҽны иазгәарҭеит Ураза-Баирам. Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәеи аҧсылман тәылақәа рҟны инхо ҳџьынџьуааи Ураза-баирам рыдиныҳәалеит Атәыла ахада ин.н. Бадра Гунба.Гәынба иазгәеиҭеит ареспублика ажәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз, еиуеиԥшым аконфессиақәа рхаҭарнакцәа еимабзиарыла ишынхоз.Риҵатәи апарк аҿы аҿыбгаррақәа ҟалеитАӡиа Риҵа ахахьы, Ауадҳараҟа узго амҩа бгеит хәажәкырамза 15-16 руха. Апарк даҭааит ахада и.н. Бадра Гәынба."Амҩа ҩ-цәаҳәак рыла ишьақәгылоуп. Цәаҳәак амҩанысра ҟалоит, аха ашәарҭара ӷәӷәа ацуп. Абри амҩахәҭа бгар иҿахҵәахоит Ауадҳареи, амашьынақәа ргыларҭеи, аҳәынҭдачеи, ҳара ҳфымцеихшарҭеит, ҳкоммуналтә усбарҭақәеи рахь анеира", — иҳәеит амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.Ашәарҭара зцу амҩахәҭа аркӡам, аха иахәҭоу адыргақәа рыла икәаршоуп.Гәынба адҵа ҟаиҵеит акурорттә аамҭа аиаанӡа азҵаара рыӡбарц, аусурақәа ирылагарц азы анапынҵа риҭеит Риҵатәи апарк анапхгареи Акапиталтә ргылараз Аилаки. Иҳәеит аусурақәа аԥара рыхшәаараҿы аҳәынҭқарра иаҭаху зегь шыҟанаҵо.Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо амҩаду аҿы иԥсыҽу аҭыԥқәа рырӷәӷәареи, иара убас аӡиа Риҵа акәша-мыкәша аинфраструктура аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа аздырхиарц адҵа ҟаиҵеит.Аҳаиртә реисқәа аԥара рзоужьраНижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа аԥарақәа рзоужьра иалагеит ҳәа Telegram-канал аҿы иҩуеит ақалақь ахада Шалабаев Иури."Ҳгәы иҭоуп иааиуа акурорттә сезон азы аҳаирмҩангарақәа рымҩаԥгара. Уажәы иманшәалоу аԥыррақәа рымҩаԥгара иазхиоу амҩангаҩцәа рҟынтәи ажәалагалақәа ҳарзыԥшуп", — иҩуеит иара.Амчратә усбарҭақәа РассоциациаИаԥҵоуп "Амчратә усбарҭақәа Рассоциациа" Аилазаара иаҵанакуеит: Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҳәынҭқарра хьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи Аусқәа рминистрреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рхаҭарнакцәа.Аиҿкаара ахықәкы хада — ашәарҭадаратә мчрақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рахь агәрагара аиҭашьақәыргылара ауп иҳәеит ассоциациа ахантәаҩы Баҭал Агрба."Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаҳбоит зны-зынла азинеиҿкаареи ашәарҭадареи зыхьчо ауаа рыхьӡ-рыԥша ҵаҵӷәыда иҵызшәаауа аҭагылазаашьақәа. Аԥсны аҭоурых иахыԥхьаӡалоуп — ҳамчратә усбарҭақәа русзуҩцәа рфырхаҵарақәагьы", — иҳәеит Агрба.Аԥарашәарақәеи абаҟақәа реиҭашьақәыргылареиАԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа изныктәу аԥарашәарақәа роуеит.Абри аҩыза ажәалагала ҟанаҵеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ ин.н. Џьансыхә Нанба хантәаҩыс дызмоу Аиааира Ду агара 80 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа разыҟаҵаразы аҳәынҭқарратә комиссиа.Акомиссиа лаҵара 9 рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аплан шьақәнарӷәӷәеит.Арахь иаҵанакуеит: Аҟәа ақалақь аҿы Аиааира апаради аконцерти, лаҵара 8-9 рзы Дәрыԥшь ақыҭан аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа рымҩаԥысра, ашколқәа рҿы аицлабрақәеи Ареспубликатә Спартакиадеи, аспорт афестивали Аԥснытәи раԥхьаӡатәи апрофессионалтә ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳаи ахԥатәи апулемиоттә рота аполитнапхгаҩы Александра Наӡаӡеԥҳаи ирызку агәалашәаратә хәылԥази.Аԥсны Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд апрограммала Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәеи Аԥсны афырхацәеи рбаҟақәа реиҭашьақәыргылараз аусурақәа хацыркхеит.Убас, Маҷара ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рбаҟақәа активла реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аҭыԥқәа рҿы агәамсами аҵиаақәеи рҟынтәи идрыцқьоит, абаҟақәа еиҭашьақәдыргылоит, иӡыз ахәҭақәеи иԥхасҭахаз ахаҳәҟьаԥсқәеи рыԥсахуеит.Ишәгәалаҳаршәоит жәабранмза анҵәамҭазы ари ақыҭа Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд аҟынтәи афинанстә цхыраара шаиоуз. Ари апрограмма инақәыршәаны, Аԥсны иахьабалак имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа реиҭашьақәыргылара. Арҭ аԥарақәа амемориалтә комплексқәа реиҭашьақәыргылареи аибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку аҭыԥқәа рырҽеиреи рзы ицхыраагӡахоит.АдиспансеризациаУрыстәылатәи аҳақьымцәа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ргәаҭарала иалагеит Аԥсны адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны.Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит ареспублика ахәыҷбаҳчақәа зегьы рҟны.Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит амедицинатә гәаҭарақәа рыҩаӡара шыҳараку.Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит жәабран 12 рзы, ихыркәшахоит лаҵарамзазы.Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥгаразы амҩаԥгара алыршахеит."Аԥсны акоманда"Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа сааҭки бжаки рырҭоит дистанциала анапхгараҭаразы ирымоу алшарақәа рԥышәаразы.Аԥышәара ахатә аккаунтқәа рҿы ахархәарахь инеихьеит, иара аамҭала иԥку хә-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп.Адҵақәа нагӡатәуп хәажәкыра 30 асааҭ 11:59 рзынӡа.Аицлабра актәи аетап иахысит 591-ҩык, зынӡа 3293-ҩык арзаҳалқәа нарышьҭит. Арзаҳалқәа рыдкылара хдыркәшеит хәажәкыра 21 рзы.Аиҳараҩык алахәылацәа 18 - 25 шықәса рхыҵуеит (47%), 26 - 35 шықәса — 28%, 36 - 45 шықәса — 18%, 46 шықәса еиҳу— 7%.Аиҩызареи аилибакаареи рзы АмеморандумАҟәа Ақалақьтә Еизареи Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакреи, аполитикатә партиақәа "Insieme Liberi", "Vita", Триест амуниципалтә депутати аиҩызареи аилибакаареи рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.Анапы зҵаҩыз адокумент ӡыригеит онлаин имҩаԥгаз аиԥылараҿы Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.Аиқәшаҳаҭра иазгәанаҭоит Аҟәа Ақалақьтә Еизареи Триестои рыбжьара акультуратә еимадарақәа рыбжьаҵара.Аӡбарҭеи ашьаусқәеиԤыхьатәи Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба Аҟәа ақалақь аӡбарҭа ала хәы-шықәса аҭакра иқәҵоуп арежим ӷәӷәала ахгара, имазара имхра нацҵаны.Агрба имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аԥара ихатәитәит ҳәа ахара идырҵоит. Аусҭҵаара аматериалқәа рыла, Надир Џьинали иареи 27,8 миллион мааҭ рыхә амаругақәа раахәаразы аилаӡарақәа ҩба рыбжьарҵеит.Урҭ рҟынтәи Џьинал 14,3 миллион мааҭ Агрба ииҭеит, ихазы инижьит 4,6 миллион мааҭ, иаанхаз 8,9 миллион мааҭ рыхә рхы иадырхәахьаз алашаратәи абыжьтәи хархәагақәа ааихәеит. Агрба аӡбарҭатә зал аҟынтәи дҭаркит. Ашьауӷа аҿҳәара ԥхьаӡахоит 2025 шықәса хәажәкыра 28 инаркны, абахҭаҿы арбаандаҩреи аҩнытә ҭакреи рыла ихигаз аамҭеи хшыҩзышьҭра рҭаны.Џьинал арлашаратә еиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәара иадҳәалаз ахҭыс азы ахараҟынтә ихы дақәиҭыртәит. Абжьырдугатә еиқәыршәагақәа раахәаразы аиқәшаҳаҭра инамаданы, уи ахара идҵан, имазара имхра ацҵаны, азеиԥш режим змоу абахҭаҿы фышықәса ҭакрада иқәҵоуп.Иара аӡбарҭа азал аҿы ихы дақәиҭыртәит абахҭаҿы иихигаз аамҭеи аҩнытә ҭакра аамҭеи иқәырҵаз иаҵанакуан азы.2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Апарламент аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа дхәын.Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьақәа рҿы ацәгьоуратә ҟазшьақәа ыҟоуп ҳәа алкаа ҟанаҵеит.Зыӡбахә ҳәоу Аԥсны ашьаустә закщанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭаҿы иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа роуп – изакәанымкәа абџьар аахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, мамзаргьы аныҟәгара.Константин Белозиоров ицәеижь ааха аиура инамаданы ашьаус аартуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, хәажәкыра 13 асааҭ 15:30 рзы Гагра ақалақь Арӡынба имҩаду аҿы зхаҭара шьақәыргылам аӡәы "ацәымӷра зҵоу аизыҟазаашьақәа ирыхырҟьаны" Белозиоров диехсны аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.Белозиоров Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган иарма шьапгәацә акылааратә хәра аманы, иармашьаргәыцәбаҩ хәыҷы иаарту аԥҵәара аманы, иармашьаргәыцәбаҩ хәыҷы анерви армарахьтәи адаԥшьи ааха рыманы.Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша аусеилыргара иалагеит хәажәкыра 15 рзы, аматериалқәа хәажәкыра 24 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргаратә ҟәшахьы инарышьҭит.Аиааира, арҿиаратә еиԥылара, ацәыргақәҵаАҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Нестор Ҭарба ателеолимпиада "Умницы и умники" даиааит.Аицлабра атема — "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс".Аԥсны аҵара аминистрра ԥшьышықәса ҵуеит ателеолимпиада алахәхаразы ашколхәыҷқәа азыҟарҵоижьҭеи.Гәдоуҭатәи жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьардаа" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль-еицлабра "Ахатә стиль" иалауреатхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Алхас Џьынџьал..Аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ иқәгылеит. Дара аҟьаԥҟьаԥ кны аӡӷабцәа рыкәашара, анхацәа рыкәашара, аԥсуа чара кәашара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит.Афестиваль мҩаԥысуан хәажәкыра 23 инаркны 26 рҟынӡа, Урыстәыла, Аԥсны, Ермантәыла рҟынтәи шәҩык рҟынӡа аколлективқәа алахәын.Аҟәатәи ашколқәа ҩба рҿи Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿи урыстәылатәи ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Елена Велена лырҿиаратә еиԥыларақәа мҩаԥысит.Урҭ еиҿнакааит Спиридон Тримифунттәи ихьӡ зху Акультуратә усеицуразы ацентр, аԥхьара аларҵәареи ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыдгылареи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.Велена иӡырылгеит лышәҟәқәа рсериа "Акрызҵазымкуа аусқәа рзы алакә ҳалалқәа", аԥхьаҩцәа дрыҿцәажәеит.Ахәыҷтәы рҿиаратә центр "Аинари" Липецктәи асахьаҭыхратә школи рҵаҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа.Уи аҟны ицәыргоуп 60 усумҭа, еиҳарак урҭ пеизажқәоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250329/30-mln-maa-aakhkhoit-aia-riakh-itso-ama-aiashayrgylarazy-1054270860.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250212/iamal-aaa-ishiashou-iaaua-aairplant-eimadara-aikaarazy-alsharaa-iryzkhytsueit-1053726169.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250326/lou-ayan-ayntylat-eibashra-du-ialakhyz-rbaa-aiashayrgylara-ialageit-1054242700.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250314/asny-70-ya-inareiany-abaaa-reiashayrgylarazy-urystyla-aynti-aaraa-roueit--1054125609.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250320/arazia-ashkolkhya-rgabziara-agaarazy-mchyla-agy-dgaraom-1054179850.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250315/khra-zlou-akhysa-gabunia-aitslabra-asny-akomanda-iazkny-1054097539.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250328/ykhati-asny-akultura-aministr-gdisa-agrba-khy-shysa-aakra-ioup--1054267023.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250327/ireiaou-abara-adeputat-adgyr-arazia-ikhymagasha-atsgourat-azshaa-aman-1054257775.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250329/aati-abati-abzharat-shkol-aay--ateleolimpiada-umnitsy-i-umniki-daiaait-1054275726.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1d/1054271075_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_2d8016e42403aedb7be494f3723e2756.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, ахҭысқәа, аполитика, агәабзиара
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, ахҭысқәа, аполитика, агәабзиара
Аԥсны ахада и.н. Бадра Гәынба Риҵатәи апарк аҿыиҟалаз аҿыбгарразы иҟаиҵаз анапынҵақәа, Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь аԥырразы аԥаразоужьра, уаанӡатәи Аԥсны акультура аминистр заҟа шықәса иқәырҵаз, ахәыҷқәа рдиспансеризациа шымҩаԥысуа Sputnik аматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит.
Атеатр амши Ураза-Баирами
Хәажәкыра 27 аҽны атеатр аусзуҩцәа иазгәарҭеит рзанааҭтә ныҳәа – Атеатр амш. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атеатр аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьа ареспубликаҿы қәҿиарала аус зуа атеатрқәа ԥшьба шыҟоу, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр, РУСДРАМ, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр.
"Шәара аԥсуа хәаԥшҩы иестетикатәи иморалтәи ааӡараҿы шәлагала дууп, шәҟазара агәацԥыҳәара ҳазцәырнагоит, ҳархәыцуеит, аԥшӡара абареи аҟазара аилкаареи ҳнарҵоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Иара убасгьы Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа амҽышаҽны иазгәарҭеит Ураза-Баирам. Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәеи аҧсылман тәылақәа рҟны инхо ҳџьынџьуааи Ураза-баирам рыдиныҳәалеит Атәыла ахада ин.н. Бадра Гунба.
"Агәра згоит, ҳреспубликаҿы инхо аԥсылманцәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи аныҳәа лаша Ураза-баирам аҽны Аҧсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҟаларц рныҳәахьыӡ ишалоу", — аҳәоит адныҳәалараҟны.
Гәынба иазгәеиҭеит ареспублика ажәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз, еиуеиԥшым аконфессиақәа рхаҭарнакцәа еимабзиарыла ишынхоз.
Риҵатәи апарк аҿы аҿыбгаррақәа ҟалеит
Аӡиа Риҵа ахахьы, Ауадҳараҟа узго амҩа бгеит хәажәкырамза 15-16 руха. Апарк даҭааит ахада и.н. Бадра Гәынба.
"Амҩа ҩ-цәаҳәак рыла ишьақәгылоуп. Цәаҳәак амҩанысра ҟалоит, аха ашәарҭара ӷәӷәа ацуп. Абри амҩахәҭа бгар иҿахҵәахоит Ауадҳареи, амашьынақәа ргыларҭеи, аҳәынҭдачеи, ҳара ҳфымцеихшарҭеит, ҳкоммуналтә усбарҭақәеи рахь анеира", — иҳәеит амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Ашәарҭара зцу амҩахәҭа аркӡам, аха иахәҭоу адыргақәа рыла икәаршоуп.
Гәынба адҵа ҟаиҵеит акурорттә аамҭа аиаанӡа азҵаара рыӡбарц, аусурақәа ирылагарц азы анапынҵа риҭеит Риҵатәи апарк анапхгареи Акапиталтә ргылараз Аилаки. Иҳәеит аусурақәа аԥара рыхшәаараҿы аҳәынҭқарра иаҭаху зегь шыҟанаҵо.
Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо амҩаду аҿы иԥсыҽу аҭыԥқәа рырӷәӷәареи, иара убас аӡиа Риҵа акәша-мыкәша аинфраструктура аиӷьтәреи рзы ажәалагалақәа аздырхиарц адҵа ҟаиҵеит.
Аҳаиртә реисқәа аԥара рзоужьра
Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа аԥарақәа рзоужьра иалагеит ҳәа Telegram-канал аҿы иҩуеит ақалақь ахада Шалабаев Иури.
"Ҳгәы иҭоуп иааиуа акурорттә сезон азы аҳаирмҩангарақәа рымҩаԥгара. Уажәы иманшәалоу аԥыррақәа рымҩаԥгара иазхиоу амҩангаҩцәа рҟынтәи ажәалагалақәа ҳарзыԥшуп", — иҩуеит иара.
Амчратә усбарҭақәа Рассоциациа
Иаԥҵоуп "Амчратә усбарҭақәа Рассоциациа" Аилазаара иаҵанакуеит: Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҳәынҭқарра хьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи Аусқәа рминистрреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рхаҭарнакцәа.
Аиҿкаара ахықәкы хада — ашәарҭадаратә мчрақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рахь агәрагара аиҭашьақәыргылара ауп иҳәеит ассоциациа ахантәаҩы Баҭал Агрба.
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаҳбоит зны-зынла азинеиҿкаареи ашәарҭадареи зыхьчо ауаа рыхьӡ-рыԥша ҵаҵӷәыда иҵызшәаауа аҭагылазаашьақәа. Аԥсны аҭоурых иахыԥхьаӡалоуп — ҳамчратә усбарҭақәа русзуҩцәа рфырхаҵарақәагьы", — иҳәеит Агрба.
Аԥарашәарақәеи абаҟақәа реиҭашьақәыргылареи
Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа изныктәу аԥарашәарақәа роуеит.
Абри аҩыза ажәалагала ҟанаҵеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ ин.н. Џьансыхә Нанба хантәаҩыс дызмоу Аиааира Ду агара 80 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа разыҟаҵаразы аҳәынҭқарратә комиссиа.
Акомиссиа лаҵара 9 рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аплан шьақәнарӷәӷәеит.
Арахь иаҵанакуеит: Аҟәа ақалақь аҿы Аиааира апаради аконцерти, лаҵара 8-9 рзы Дәрыԥшь ақыҭан аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа рымҩаԥысра, ашколқәа рҿы аицлабрақәеи Ареспубликатә Спартакиадеи, аспорт афестивали Аԥснытәи раԥхьаӡатәи апрофессионалтә ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳаи ахԥатәи апулемиоттә рота аполитнапхгаҩы Александра Наӡаӡеԥҳаи ирызку агәалашәаратә хәылԥази.
Аԥсны Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд апрограммала Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәеи Аԥсны афырхацәеи рбаҟақәа реиҭашьақәыргылараз аусурақәа хацыркхеит.
Убас, Маҷара ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рбаҟақәа активла реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Аҭыԥқәа рҿы агәамсами аҵиаақәеи рҟынтәи идрыцқьоит, абаҟақәа еиҭашьақәдыргылоит, иӡыз ахәҭақәеи иԥхасҭахаз ахаҳәҟьаԥсқәеи рыԥсахуеит.
Ишәгәалаҳаршәоит жәабранмза анҵәамҭазы ари ақыҭа Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд аҟынтәи афинанстә цхыраара шаиоуз. Ари апрограмма инақәыршәаны, Аԥсны иахьабалак имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟақәа реиҭашьақәыргылара. Арҭ аԥарақәа амемориалтә комплексқәа реиҭашьақәыргылареи аибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку аҭыԥқәа рырҽеиреи рзы ицхыраагӡахоит.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ргәаҭарала иалагеит Аԥсны адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит ареспублика ахәыҷбаҳчақәа зегьы рҟны.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит амедицинатә гәаҭарақәа рыҩаӡара шыҳараку.
"Амедгәаҭарақәа мап рцәызкыз аҭаацәарақәагьы ыҟоуп, ари ахырхарҭалагьы аус аауеит", — иҳәеит Быҭәба.
Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит жәабран 12 рзы, ихыркәшахоит лаҵарамзазы.
Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥгаразы амҩаԥгара алыршахеит.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа сааҭки бжаки рырҭоит дистанциала анапхгараҭаразы ирымоу алшарақәа рԥышәаразы.
Аԥышәара ахатә аккаунтқәа рҿы ахархәарахь инеихьеит, иара аамҭала иԥку хә-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп.
Адҵақәа нагӡатәуп хәажәкыра 30 асааҭ 11:59 рзынӡа.
Аицлабра актәи аетап иахысит 591-ҩык, зынӡа 3293-ҩык арзаҳалқәа нарышьҭит. Арзаҳалқәа рыдкылара хдыркәшеит хәажәкыра 21 рзы.
Аиҳараҩык алахәылацәа 18 - 25 шықәса рхыҵуеит (47%), 26 - 35 шықәса — 28%, 36 - 45 шықәса — 18%, 46 шықәса еиҳу— 7%.
Аиҩызареи аилибакаареи рзы Амеморандум
Аҟәа Ақалақьтә Еизареи Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакреи, аполитикатә партиақәа "Insieme Liberi", "Vita", Триест амуниципалтә депутати аиҩызареи аилибакаареи рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
Анапы зҵаҩыз адокумент ӡыригеит онлаин имҩаԥгаз аиԥылараҿы Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Аиқәшаҳаҭра иазгәанаҭоит Аҟәа Ақалақьтә Еизареи Триестои рыбжьара акультуратә еимадарақәа рыбжьаҵара.
Ԥыхьатәи Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба Аҟәа ақалақь аӡбарҭа ала хәы-шықәса аҭакра иқәҵоуп арежим ӷәӷәала ахгара, имазара имхра нацҵаны.
Агрба имаҵураҭыԥ ихы иархәаны аԥара ихатәитәит ҳәа ахара идырҵоит. Аусҭҵаара аматериалқәа рыла, Надир Џьинали иареи 27,8 миллион мааҭ рыхә амаругақәа раахәаразы аилаӡарақәа ҩба рыбжьарҵеит.
Урҭ рҟынтәи Џьинал 14,3 миллион мааҭ Агрба ииҭеит, ихазы инижьит 4,6 миллион мааҭ, иаанхаз 8,9 миллион мааҭ рыхә рхы иадырхәахьаз алашаратәи абыжьтәи хархәагақәа ааихәеит. Агрба аӡбарҭатә зал аҟынтәи дҭаркит. Ашьауӷа аҿҳәара ԥхьаӡахоит 2025 шықәса хәажәкыра 28 инаркны, абахҭаҿы арбаандаҩреи аҩнытә ҭакреи рыла ихигаз аамҭеи хшыҩзышьҭра рҭаны.
Џьинал арлашаратә еиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәара иадҳәалаз ахҭыс азы ахараҟынтә ихы дақәиҭыртәит. Абжьырдугатә еиқәыршәагақәа раахәаразы аиқәшаҳаҭра инамаданы, уи ахара идҵан, имазара имхра ацҵаны, азеиԥш режим змоу абахҭаҿы фышықәса ҭакрада иқәҵоуп.
Иара аӡбарҭа азал аҿы ихы дақәиҭыртәит абахҭаҿы иихигаз аамҭеи аҩнытә ҭакра аамҭеи иқәырҵаз иаҵанакуан азы.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Апарламент аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа дхәын.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьақәа рҿы ацәгьоуратә ҟазшьақәа ыҟоуп ҳәа алкаа ҟанаҵеит.
Зыӡбахә ҳәоу Аԥсны ашьаустә закщанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭаҿы иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа роуп – изакәанымкәа абџьар аахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, мамзаргьы аныҟәгара.
Константин Белозиоров ицәеижь ааха аиура инамаданы ашьаус аартуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, хәажәкыра 13 асааҭ 15:30 рзы Гагра ақалақь Арӡынба имҩаду аҿы зхаҭара шьақәыргылам аӡәы "ацәымӷра зҵоу аизыҟазаашьақәа ирыхырҟьаны" Белозиоров диехсны аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Белозиоров Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган иарма шьапгәацә акылааратә хәра аманы, иармашьаргәыцәбаҩ хәыҷы иаарту аԥҵәара аманы, иармашьаргәыцәбаҩ хәыҷы анерви армарахьтәи адаԥшьи ааха рыманы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә ҟәша аусеилыргара иалагеит хәажәкыра 15 рзы, аматериалқәа хәажәкыра 24 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргаратә ҟәшахьы инарышьҭит.
Аиааира, арҿиаратә еиԥылара, ацәыргақәҵа
Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Нестор Ҭарба ателеолимпиада "Умницы и умники" даиааит.
Аицлабра атема — "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс".
Аԥсны аҵара аминистрра ԥшьышықәса ҵуеит ателеолимпиада алахәхаразы ашколхәыҷқәа азыҟарҵоижьҭеи.
Гәдоуҭатәи жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьардаа" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль-еицлабра "Ахатә стиль" иалауреатхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Алхас Џьынџьал..
Аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ иқәгылеит. Дара аҟьаԥҟьаԥ кны аӡӷабцәа рыкәашара, анхацәа рыкәашара, аԥсуа чара кәашара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит.
Афестиваль мҩаԥысуан хәажәкыра 23 инаркны 26 рҟынӡа, Урыстәыла, Аԥсны, Ермантәыла рҟынтәи шәҩык рҟынӡа аколлективқәа алахәын.
Аҟәатәи ашколқәа ҩба рҿи Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿи урыстәылатәи ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Елена Велена лырҿиаратә еиԥыларақәа мҩаԥысит.
Урҭ еиҿнакааит Спиридон Тримифунттәи ихьӡ зху Акультуратә усеицуразы ацентр, аԥхьара аларҵәареи ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыдгылареи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Велена иӡырылгеит лышәҟәқәа рсериа "Акрызҵазымкуа аусқәа рзы алакә ҳалалқәа", аԥхьаҩцәа дрыҿцәажәеит.
Ахәыҷтәы рҿиаратә центр "Аинари" Липецктәи асахьаҭыхратә школи рҵаҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Уи аҟны ицәыргоуп 60 усумҭа, еиҳарак урҭ пеизажқәоуп.