00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Ҩыџьа ахьцаз аӡә дхынҳәит": аишьцәа Жьиаа ирызкны

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәГригори Жьиба
Григори Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2025
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду аан, фырхаҵарала рырратә уалԥшьақәа нарыгӡон Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵыз ҩыџьа аишьцәа, Григории Виктори Жьиаа. Дара раб Мамсыр, усҟантәи аамҭазы аҵарақәа дирҵахьан. Дгәыӷуан, ауаҩра злихыз иԥацәа рыԥсҭазаара рыжәлар рымаҵ аура ишазыркуа. Аха аҷкәынцәа рразҟы ҽакала ишьақәгылеит. Аишьцәа Жьиаа рҭоурых анҵоуп Григори имаҭа Инал Жьиба иажәақәа рыла.
Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду ианалага, Мгәыӡырхәантәи афронт ахь ицеит 700-ҩык рҟынӡа ақыҭауаа. Урҭ рахьтә 106-ҩык уахьынтәи ихнымҳәит.
Артимоми Грышьеи Жьиаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2025
Аиааира Ду – 80
"Абиԥарак ашҭа инҭыӡӡааит": аишьцәа Жьиаа ирызкны
Мгәыӡырхәа ақыҭан, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз анхаҩы Мамсыр Жьиба акраура дацәаашьомызт. Ажь ааӡара инапы алакын. Тоннала аҩы ҭаиҭәон. Иҳаԥшьақәа шәагала иоура иаҩсуан. Иахьа изларгәалашәо ала, 15 ҳаԥшьа инарзынаԥшуа адгьыл изыҵан. Мамсыр хәҩык ахшара иман, ҩыџьа аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Аб иԥацәа ианыхәыҷыз инаркны рхы иҭагалны ираиҳәон аҵара шҵатәу, ажәлар рымаҵ ауразы азанааҭқәа ишрызхьаԥштәу.
"Сара сабду Григори ихьӡын. Иара ихшыҩ бзиан. Ашкол даналга, Қарҭ атехнолог изанааҭ иоуоит. Аҵара ҵаны Аԥсныҟа данаалак, аусура дрыдыркылоит Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Украина". Убраҟа адиректор ихаҭыԥуаҩс аус шиуаз ауп аибашьра ишалаго", - иҳәоит амаҭа Инал Жьиба.
Григори 1940 шықәсазы аҭаацәара далалоит. Динасыԥхоит Кама Барцыцԥҳа. Аибашьра ианалага диихьан рԥа Ремиз.
Григори Ԥкьын - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2025
Аиааира Ду – 80
"Ҭаацәала афронт ахь ицеит": аишьцәа Ԥкьынаа ирызкны
Григори Жьиба иеибашьратә мҩа алагоит Керчынтәи. Уаҟа деибашьуан 1943 шықәсанӡа. Дрылахәын ишьаарҵәыраз ажәыларақәа жәпакы. Руак аан, акантузиа иоуоит. Акраамҭагьы агоспиталь дышьҭахоит. Аҵыхәтәаны, Аԥсны аганахь иаауаз апаром даҭаны даарышьҭуеит. Маҷк игәабзиара анышьақәгыла, атыл дацхраауа далагеит. Иказармаҟны ашьҭаҵарҭа еиҿкаан. Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, ачашыла, ашьақар, ахәша уҳәа архәҭақәеи имчымхаз ақыҭауааи ирзишон.
"Сабду иашьа Виктор иакәзар, 1942 шықәсазоуп аррақәра данаҵанак. Дахәҭакын ахԥатәи агвардиатә кавалериатә корпус, 23-тәи агвардиатә кавалериатә архәҭа, афбатәи агвардиатә кавалериатә дивизиа. Иеибашьратә мҩа Сталинград ала иалагоит, иара убраҟагьы иҿахҵәеит. Дҭахеит аҭоурых иадыруа ишьаарҵәыраз аиҿагылараҿы. Аҷкәын дҭаацәараӡамызт. 1970 шықәсанӡа, хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡан. Аԥшаарақәа мҩаԥызгоз апионертә еиҿкаара абзоурала еилкаахеит, Сталинград азеиԥш ԥсыжырҭаҟны ибаҩ шамадоу", - иажәа иациҵоит Инал.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәВиктор Жьиба
Виктор Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2025
Виктор Жьиба
Аибашьра ашьҭахь, Григории Камеи даҽа ԥшьҩык ахшара рхылҵит. Анхамҩа аныҟәгара иацәымаашьоз аҭаацәа, рыхшара ак рыгмыжькәа ирааӡеит.
Григори аибашьра ашьҭахь изанааҭ ала акраура далагоит. Аколнхара иатәыз ажьааӡарҭа дахагылоит, иара ихатәгьы иман. Ажәакала иаб иус иациҵоит.
1992-1993 шықәсқәа раан, Григори иԥацәа Фазлыбеи Иуреи ақырҭуа фашизм иаҿагылоит. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, шьхала, Нхыҵ-Кавказынтәи абџьар аазгоз дрылан Фазлыбеи. Аԥа, аб иҿырԥштәы ала изҳауеит рҳәоит. Уи ус шакәу егьараан агәра ҳгахьеит. Ари анҵамҭагьы уи ауп иҳанаҳәо.
аишьцәа Қаԥшьаа азеиԥш ҳаҭгәын аҟны - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2025
Аиааира Ду – 80
"Аразҟы цәгьа": аишьцәа Қаԥшьаа ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0