00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Еишьцәахеит": Зосим Гәбаз иҭоурых

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәЗосим Гәбаз
Зосим Гәбаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2025
Анапаҵаҩра
Иҟоуп ахҭысқәа, ҭаацәала аҭоурыхтә маҟәмабрақәа зхызгаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи уи аԥхьаҟа иҟаз аполитикатә репрессиақәеи рныԥшит иахьа зыӡбахә сымоу Гәбазаа рҭаацәа. Сажәабжь афырхаҵа Зосим Гәбаз, аполитикатә ҭагылазаашьа ирыцҳанатәыз рԥысхеит. Иара иҭоурых анҵоуп иашьа иԥа Алик Гәбаз иажәақәа рыла.
Аамҭала Мгәыӡырхәа ақыҭанхаҩы Рашьыҭ Гәбаз акулак ҳәа дыԥхьаӡаны дҭадырхахьан. Иара иԥацәа ракәзаргьы, рразҟы цәгьахеит. Аиҳабы Мсураҭ захьӡыз 37-тәи ашықәсқәа раан, ихәыҷқәа дырхыганы харада ахара идҵаны ддырӡит. Георги ҳәа иҟаз, амилициа аҟәшаҿы аус шиуазгьы ацәгьаҳәаҩцәа ирхырҟьаны 16 шықәса аҭакра иқәырҵоит. Кәымҷаҷ атиф дагоит. Зегьы иреиҵбыз Зосим 30-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы Қарҭ атеатралтә ҵараиурҭа дҭан. Арԥыс иашьцәа политикатә баандаҩцәан аҟнытә, иаргьы ишьҭашәарацо иалагеит.
Џыр Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Аԥсны
"Х-ҭоурыхтә хҭыск": аибашьра Ду аветеран Џыр Чыкәбар изкны
"Сара сабду Мсураҭ дандырӡ, Георги данҭарк, санду Шьамина Дашьелиаԥҳа иаразнак лҽазылшәеит лабхәанда еиҵбы иеиқәырхара. Ана-ара иҟаҵатәуи иламкьысырц ҳәа дҵаауа даналага, илабжьаргеит Анџьапариӡе зыжәлаз, Гәдоуҭа НКВД аиҳабы аԥара идылгаларц. Убасҟан хатәгәаԥхарала аибашьра дцеит ҳәа аус еиҿыркаауеит ҳәа ларҳәеит. Урҭ ашықәсқәа рзы финтәи аибашьра ацара иаҿын. Санду даалаган, Гагра ирымаз анхарҭа ҭыԥ ҭины, Зосим дҿылхит", - иҭаацәаратә ҭоурых еиҭеиҳәоит Алик Гәбаз.
Зосим финтәи аибашьрантә Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду дналагылоит. Уи нахыс уаҳа аҩныҟа дзымааӡеит.
Шьамина Дашьелиаԥҳа лхала илааӡеит хәҩык ахшара, ԥшьҩык лара лхатәқәеи лабхәанда Георги иԥҳаи. Ахәыҷы лан, лыԥшәма аҭакра аниқәырҵа лхы лгәаӷьит…
"Аибашьра анеилга, Мас Канџьариа ҳәа Дәрыԥшьтәи хаҵак ҳашҭа дааҭалеит. Иара ҳҭаацәа ирзеиҭеиҳәеит Ленинград азааигәара Зосими иареи шеибадыраз. Еишьцәас ишышьҭибахаз. 1942 шықәсазы, қалақь хәыҷык анҭадырцәуаз, ӷәӷәала аиҿахысрақәа ишрықәшәаз. Хаха-хымш ицоз аиҿыхарақәа рышьҭахь ишеицәыӡыз. Мас адәаҟны ишьны ишьҭаз аԥсцәа ҩымш дышрылаз Зосим диԥшаауеит ҳәа. Аха иааԥсарақәа шлыҵшәадахаз", - иажәа иациҵоит Алик.
Мас ицәыуадыҩын, аха имҳәар ауамызт ишьыз асолдаҭцәа рхы-рҿқәа удыруа ишыҟамыз, абжаҩык рымаха-рышьахагьы шрымамыз, убри аҟнытә Зосим џьара диԥыхьашәазаргьы дизымдырызар шауа.
Шықәсқәак раԥхьа, Гәбазаа рҭаацәа рҽазыршәеит Зосим иҭоурых аилкаара. Иагьрықәманшәалахеит. Арԥыс ибаҩ амадоуп Ленинград иацәыхарамкәа Лиубан ҳәа иҟоу қалақь хәыҷык азеиԥш ԥсыжырҭаҟны. Абаҟаҿы еиқәыԥхьаӡоу ахьӡқәеи ажәлақәеи ирылубаауеит "Зосим Гәбаз - артиллериатә архәҭа адҵаҟаҵаҩ" ҳәа аҩыра.
Кәына Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2024
Аԥсны
"Аҭакԥхықәра шәышықәса днанагеит": аибашьра Ду аветеран Кәына Гыцба инысымҩа
Ԥсуаҵасла ишахәҭаз еиԥш, Аԥснынтәи анышә ганы Зосим ибаҟа аԥхьа ишьҭаҵан. Гәбазаа устәи иангьежьуазгьы, анышә ааганы аамҭала аҩны зхагылаз аҭаца ду Шьамина лнышәынҭра иқәырԥсеит. Лара лыԥсы анҭаз лмаҭа Алик диҳәахьазаарын, "сбаҟа анышьақәшәыргыло, уабдуи Зосими рфотосахьақәа наҟ-ааҟ исываргыланы иҟаҵа" ҳәа.
Зосим иԥсыжырҭантәи игьыжьыз игәакьацәа аҩны ианааи, ауаса шьны аиныхра ҟарцеит. Мас Канџьариа ари ахҭыс дахаанымхеит, аха аԥсхәрахьы ааԥхьара рыман иара ихшара.
Аполитикатә ӡыблара ирыцҳанатәыз Зосим Гәбаз, акыр шықәса шҵхьоугьы, ихатә хшара шимамзгьы дызхамшҭуа игәакьацәа рацәаҩуп. Аибашьҩы иахьагьы лаӷырӡыла ауп иӡбахә шырҳәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0