00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Дабиԥазаҵәын, аха афронт ахь дцеит": Родион Ажьиба изкны

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәРодион Ажьиба
Родион Ажьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2025
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан, зықәра аҵанамкуа афронт ахь идәықәырҵоз абиԥазаҵәқәа маҷҩымзт. Убас иӡбахә уҳәар ауеит Рожден Сума-иԥа Ажьибагьы. Иара иеибашьратә шьаҿақәа еихигеит Баҭым ала. Иҩныҟа фышықәса рышьҭахь ауп даныхынҳә. Ажәабжь анҵоуп Родион иԥҳа Гәында лажәақәа рыла.
Родион Ажьиба дшыхәыҷӡаз иан диԥхеит. Иара аиаҳәшьагьы диман. Аамҭак ашьҭахь раб Сума, ҩаԥхьа аҭаацәара далалеит. Уи нахыс ахәыҷқәа аԥҳәыс лнапы рыгымхеит. Родион Мгәыӡырхәатәи ашкол дҭан, быжькласск данрылга ашьҭахь, махәҿыла иаб дивагыланы акраиуан. Ус ишыҟаз иалагоит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду, усҟан Родион иқәра арра иҵанакуамызт, аха шықәсык ашьҭахь 18 шихымҵӡацызгьы, хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит.
Григори Жьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2025
Аиааира Ду – 80
"Ҩыџьа ахьцаз аӡә дхынҳәит": аишьцәа Жьиаа ирызкны
"Мгәыӡырхәа ақыҭан, 1942 шықәсазы аибашьра ицашаз рышьҭхьан, саб иқәлацәа аӡәык-ҩыџьак роуп инханы иҟаз. Убасҟан иӡбеит хатәгәаԥхарала иҩызцәа ахьыҟаз дцарц. Раԥхьа иара Баҭымҟа дрышьҭуеит, дҭалоит асержанттә школ. Уи ашьҭахь ауп афронт ахь даныршьҭуа. Саб дыԥшыхәҩын", - еиҭалҳәоит аԥҳа Гәында Ажьиԥҳа.
Родион Ажьиба деибашьуан Украинатәи III-IV-тәи афронтқәа рҟны, дыҟан аҟәша адҵаҟаҵаҩс. Ӷәӷәала ахәра иоуит Одесса ақалақь аҟны. Арԥыс дҭахаз џьышьа, аԥсышьҭаҵарҭахь днаргеит. Убра аԥсцәа анеилдыргоз, амедиаҳәшьа машәыршәа иԥсахәа шҭаз лбеит. Аибашьҩы Астрахантәи агоспиталь ахь дыргоит. Родион игәабзиара аиҭашьақәыргылара аамҭа рацәа агеит. Ишьапы днанаго даналага, ҩаԥхьа афронт ахь дыршьҭуеит. Ԥхьаҟагьы изныкымкәа ахәрақәа иоуоит. Деибашьуан I-тәи Прибалтикатәи фронт аҟны, иара убас Румыниа, Венгриа.
1945 шықәсазы Родион аӷа диҿагылан Чехословакиа ахырхарҭаҟны. Прага ауп Аиааира Ду амшгьы дахьаԥылаз. Аибашьра анеилгагьы, Родион иаразнак аҩныҟа даармышьҭӡеит. Аррамаҵура ихарҭәааны дахысроуп ҳәа азыԥхьаӡаны, III-тәи агәыԥ аинвалидра шимазгьы, даҽа ҩышықәса азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа наигӡар акәхеит.
Артимоми Грышьеи Жьиаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2025
Аиааира Ду – 80
"Абиԥарак ашҭа инҭыӡӡааит": аишьцәа Жьиаа ирызкны
1947 шықәсазоуп Родион Ажьиба Аԥсныҟа данаа. Хара имгакәа аусура далагоит аколнхараҟны. Иныҟәигон анапхгаратә маҵурақәа. Дахагылан даара аҭакԥхықәра здыз аколнхара ашьҭаҵарҭатә ргылара. Наҟ-наҟ динасыԥхоит иқыҭа иатәыз аԥҳәызба Татиана Матуаԥҳа. Ираӡоит быжьҩык ахшара, фҩык аԥҳацәеи аԥеи.
Родион Ажьиба ихәыҷқәа дрыдтәаланы знызаҵәыкгьы аибашьра иадҳәалаз хҭыск еиҭаимҳәацызт. Ианиазҵаалакгьы, "уи аҩыза анцәа ишәимырбааит" иҳәон.

"Саб инырцәымҩа данықәла, даҳааԥхьан иҳаиҳәеит есышықәса, Аиааира Ду амш аҽны, лаҵара 9 рзы аҩны ҳаизаларц. Ихьӡала акы нхаҳҭәаларц. Убри амш иара изы акалашәа игәырԥшааган", - лҳәоит аԥҳа.

Иеибашьратә лшамҭақәа рзы Родион Сума-иԥа Ажьиба ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рацәаны. "Аџьынџьтәылатәи аибашьра" аорден I-тәи аҩаӡара, "Аиаҵәа ҟаԥшь" аорден, "Германиа агаразы" амедал, Сталин иҟнытә аџьшьара шәҟәқәа 18 уҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0