https://sputnik-abkhazia.info/20250624/rusgidro-aazatsa-gal-araion-any-akhyat-fymtsastantsiaa-yraaueit-1055530530.html
"РусГидро" аҟазацәа Гал араион аҟны аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа ҭырҵаауеит
"РусГидро" аҟазацәа Гал араион аҟны аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа ҭырҵаауеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Урыстәылатәи аспециалистцәа Гал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа инарҭбааны рыҭҵаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ажурналистцәа... 24.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-24T14:19+0300
2025-06-24T14:19+0300
2025-06-24T17:10+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны аенергетика апроблемақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/02/1032134791_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_16886c8cd90914e1ceebb44beee6d461.jpg
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Урыстәылатәи аспециалистцәа Гал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа инарҭбааны рыҭҵаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. Иацы ареспубликахь иааит аиҿкаара ду "РусГидро" аҟынтәи аҟазацәа ҳәа азгәеиҭеит иара. Дара ҷыдала ахшыҩзышьҭра рырҭоит агидротехника, агеофизика, агеологиа рҭагылазаашьа азҵаарақәа, абетонтә еиҿартәышьақәа ахәшьара рыҭара. Аԥснытәи аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа зегьы "Амшынеиқәафымцамч" абаланс аҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит аминистр.
https://sputnik-abkhazia.info/20250622/asny-synta-egryges-aynti-eiany-afymtsamch-akhy-ianarkheit-1055478013.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/02/1032134791_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_ec0a15b7cbcbcc8e47528f35a79716e7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсны аенергетика апроблемақәа
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсны аенергетика апроблемақәа
"РусГидро" аҟазацәа Гал араион аҟны аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа ҭырҵаауеит
14:19 24.06.2025 (ирҿыцуп: 17:10 24.06.2025) АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Урыстәылатәи аспециалистцәа Гал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа инарҭбааны рыҭҵаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Иацы ареспубликахь иааит аиҿкаара ду "РусГидро" аҟынтәи аҟазацәа ҳәа азгәеиҭеит иара. Дара ҷыдала ахшыҩзышьҭра рырҭоит агидротехника, агеофизика, агеологиа рҭагылазаашьа азҵаарақәа, абетонтә еиҿартәышьақәа ахәшьара рыҭара.
"Аҭҵаарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны, ҳара иазгәаҳҭоит аобиектқәа рҭагылазаашьазы инарҭбаау адыррақәа риура, насгьы урҭ реиҭашьақәыргылареи ахархәара рыҭареи рзы анаҩстәи лшарақәас иҟоу", — иҳәеит Мышәба.
Аԥснытәи аӡхыҽҽатә фымцастанциақәа зегьы "Амшынеиқәафымцамч" абаланс аҿы иҟоуп ҳәа иҳәеит аминистр.