https://sputnik-abkhazia.info/20250923/1057736630.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Цәыббра 30 рзы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша... 23.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-23T13:01+0300
2025-09-23T13:01+0300
2025-09-23T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/17/1057736464_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a1f58a981e7e17cde7226db132891b67.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Цәыббра 30 рзы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, арратә маҵзурауаа злахәу аныҳәатә мҩанысреи арратә техника апаради мҩаԥысуеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ақалақь ахақәиҭтәра Амш азгәаҭаразы иҷыдоу апрограмма шырхиоу азы адырра ҟаиҵеит.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба аныҳәақәа реиҿкааразы аусбарҭақәа зегьы русура аишьаршәалара азиуразы анапынҵа ииҭеит.
Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи рыбжьара ишиашоу амшынтә мҩангагаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб."Шьамтәылеи ҳареи имаҷымкәа аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп, уажәазы атранспорт-логистикатә зҵаарақәа ҳралацәажәоит. Мшынла аимадара ҳабжьаҵара аҩ-ҳәынҭқаррак ҳзы ифеидоуп", — иҳәеит иара ТАСС аинтервиу аҭо.
Ӡыгәҭа ақыҭан атранспорттә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирыцҵоуп.Амшцәгьа иахҟьаны Кирова, Речнаиа, Шаумиана, Вавилов, Зеленаиа, Синоптәи аиҩхаа рымҩақәа, иара убас ацҳахь инеиуа амҩагьы ԥхасҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.Уи анапхгаҩы Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, амҩадуқәак рҿы аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, аха апроблема инагӡаны аӡбаразы мҽхакыҭбаалатәи аусурақәеи афинанстә цхыраареи рҭахуп.Араион ахадара аргыларатә маҭәахәқәа рзоунажьуеит еиҳа ааха зауз Подгорнаиа, Вавилов, Синоптәи аиҩхаа рымҩадуқәа рремонт азы.
Ареспубликатә аекологиатә рыцқьарақәа (субботник- азгә.) мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 26 рзы.Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.Адокумент инақәыршәаны Аԥсны аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа ирыдҵоуп:Ауааԥсыреи аусбарҭақәа русзуҩцәеи ареспубликатә рыцқьарақәа рылахәхара аиҿкаара,арыцқьарақәа рзы аҵакырақәа алкааны реихшара,агәамсам ақәгаразы иахәҭоу амаругақәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи рыла аиқәыршәара.Акциа аԥшьгоуп Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара аламҭалаз.
Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит иахьа, цәыббрамза 23 аҽны.Аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" ишаанацҳауа ала, аремонттә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 20:00 рҟынӡа ӡыда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ешбеи Семерџьиеви рымҩақәа, иара убас авокзал араион.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра амши рызгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Цәыббра 30 рзы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь, арратә маҵзурауаа злахәу аныҳәатә мҩанысреи арратә техника апаради мҩаԥысуеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ақалақь ахақәиҭтәра Амш азгәаҭаразы иҷыдоу апрограмма шырхиоу азы адырра ҟаиҵеит.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба аныҳәақәа реиҿкааразы аусбарҭақәа зегьы русура аишьаршәалара азиуразы анапынҵа ииҭеит. Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи рыбжьара ишиашоу амшынтә мҩангагаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб."Шьамтәылеи ҳареи имаҷымкәа аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп, уажәазы атранспорт-логистикатә зҵаарақәа ҳралацәажәоит. Мшынла аимадара ҳабжьаҵара аҩ-ҳәынҭқаррак ҳзы ифеидоуп", — иҳәеит иара ТАСС аинтервиу аҭо. Ӡыгәҭа ақыҭан атранспорттә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирыцҵоуп.Амшцәгьа иахҟьаны Кирова, Речнаиа, Шаумиана, Вавилов, Зеленаиа, Синоптәи аиҩхаа рымҩақәа, иара убас ацҳахь инеиуа амҩагьы ԥхасҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.Уи анапхгаҩы Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, амҩадуқәак рҿы аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, аха апроблема инагӡаны аӡбаразы мҽхакыҭбаалатәи аусурақәеи афинанстә цхыраареи рҭахуп.Араион ахадара аргыларатә маҭәахәқәа рзоунажьуеит еиҳа ааха зауз Подгорнаиа, Вавилов, Синоптәи аиҩхаа рымҩадуқәа рремонт азы. Ареспубликатә аекологиатә рыцқьарақәа (субботник- азгә.) мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 26 рзы.Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.Адокумент инақәыршәаны Аԥсны аҭыԥантәи анапхгараҭаратә усбарҭақәа ирыдҵоуп:Ауааԥсыреи аусбарҭақәа русзуҩцәеи ареспубликатә рыцқьарақәа рылахәхара аиҿкаара,арыцқьарақәа рзы аҵакырақәа алкааны реихшара,агәамсам ақәгаразы иахәҭоу амаругақәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи рыла аиқәыршәара.Акциа аԥшьгоуп Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара аламҭалаз. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит иахьа, цәыббрамза 23 аҽны.Аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" ишаанацҳауа ала, аремонттә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 20:00 рҟынӡа ӡыда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ешбеи Семерџьиеви рымҩақәа, иара убас авокзал араион.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/17/1057736464_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8077e47ffb9fa8dc9dc5cdf6d5ad3be3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио