https://sputnik-abkhazia.info/20250923/asni-shamtylei-ishiashou-mshynla-aimadara-bzhaarazy-iou-alsharaa-aakhoit-1057730797.html
Аԥсни Шьамтәылеи ишиашоу мшынла аимадара рыбжьаҵаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит
Аԥсни Шьамтәылеи ишиашоу мшынла аимадара рыбжьаҵаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи рыбжьара ишиашоу амшынтә мҩангагаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика... 23.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-23T09:48+0300
2025-09-23T09:48+0300
2025-09-23T10:35+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1e/1056546363_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b46df8d53deeca0f61f85a409293af72.jpg
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи рыбжьара ишиашоу амшынтә мҩангагаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб.Амқәаб иазгәеиҭеит, аԥсуа делегациа шалахәыз 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа, уаҟа дара Шьамтәыла аекономикеи ахәаахәҭреи рминистри, акультуреи атуризмеи рминистри дареи аусутә еилацәажәарақәа шымҩаԥыргаз. Лаҵара 29 2018 шықәсазы Шьамтәыла официалла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1e/1056546363_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_28f08065a49c38d6d762ed20b98e5835.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсни Шьамтәылеи ишиашоу мшынла аимадара рыбжьаҵаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит
09:48 23.09.2025 (ирҿыцуп: 10:35 23.09.2025) АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылатәи абаӷәазақәеи рыбжьара ишиашоу амшынтә мҩангагаразы иҟоу алшарақәа ҭҵаахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб.
"Шьамтәылеи ҳареи имаҷымкәа аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп, уажәазы атранспорт-логистикатә зҵаарақәа ҳралацәажәоит. Мшынла аимадара ҳабжьаҵара аҩ-ҳәынҭқаррак ҳзы ифеидоуп", — иҳәеит иара ТАСС аинтервиу аҭо.
Амқәаб иазгәеиҭеит, аԥсуа делегациа шалахәыз 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа, уаҟа дара Шьамтәыла аекономикеи ахәаахәҭреи рминистри, акультуреи атуризмеи рминистри дареи аусутә еилацәажәарақәа шымҩаԥыргаз.
Лаҵара 29 2018 шықәсазы Шьамтәыла официалла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит.