00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа ралагаларазы иҟоу аԥшьгамҭа иадгылеит

CC0 / / Ученики в классе
Ученики в классе - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратә школ арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа ралагаларазы иҟоу аԥшьгамҭа иадгылеит.
Ари ашкол араион аҿы ираԥхьатәиу, аԥшьгамҭа адгылара азҭаз школуп.
"Арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа — арҵаҩцәа ирыцхраауеит рааӡаратә усураҿы мацара акәымкәа, ҳаԥсуа культуреи атрадициақәеи рырҵараҿгьы. Сара сзы, аҭоурых арҵаҩы иаҳасабала, уи даара акраҵанакуеит. Ахәыҷқәа Аԥсуара рылааӡара алнаршоит. Аҭаацәарақәа рҿы ари, ҳәарад, иалацәажәоит, ашкол аҿгьы ишьаҭадыркуеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҭоурых арҵагашәҟәқәа рҿы мацара иуԥыло аԥсуа жәлар ртрадициа ссирқәа рыԥсы рхалап ҳәа сақәгәыӷуеит, ахәыҷқәа рааӡара иҵегьы ахшыҩзышьҭра азаҳҭар ҳалшогьы ҳҟалоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит ашкол адиректор ихаҭыԥуаҩ Мактина Габуниаԥҳа.
Ашкол апроект алахәхаразы азыҳәа ҟанаҵахьеит, акандидат дықәнаргылахьеит. Габуниаԥҳа лажәақәа рыла, акандидат иалхраҿы ихадан — аԥсуа бызшәа адырра.
Аҭаацәа рхаҭарнак Виталина Ферызԥҳа апроект дадгыло илҳәеит: "Ахәыҷқәа рпатриоттә гәазыҳәара арӷәӷәареи, ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа бзиақәа рылааӡареи, амилаҭтә традициақәа раҳаҭырқәҵара аизырҳареи рҿы ацхыраара ҟанаҵоит арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа ралагалара" ҳәа.
Уажәы аҵарадырра аминистрраҟны ироуз азыҳәақәа ирыхәаԥшуеит. Акандидатцәа агәаҭарақәа, аиҿцәажәарақәа, аҽазыҟаҵаратә курсқәа ирхысуеит, анаҩс, урҭ атәыла аҵараиурҭақәа рахь инарышьҭуеит.
Апроект "Навигаторы детства" Очамчыра араион ашколқәа рҟынгьы адгылара аиуит.
Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҵарадырра ахырхарҭаҿы русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ашколқәа рҿы аҵарадырратә усура арӷәӷәара, иара убасгьы аҭоурыхтә, акультуратә, атрадициатә хәҭақәа аҵарадырратә процесс ралагалара хықәкыс иамоуп. Ахәыҷқәа рааӡараҿы абжьгаҩцәа зегьы есымза 40 000 мааҭ шәарацҵак ҳасабала ироуеит.
Аиҿкааҩцәа - Аԥсни Урыстәылеи рҵарадырратә министррақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0