Жәаҩык пицундатәи ашколхәыҷқәа Москва "Атомтә мода амчыбжь" ахь ааԥхьара рымоуп
17:00 28.10.2025 (ирҿыцуп: 17:46 28.10.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Пицундатәи ашколқәа рҟынтәи жәаҩык аҵаҩцәа Москва имҩаԥысраны иҟоу "Атомтә мода амчыбжь" ахь ааԥхьара роуит.
Аконцерн "Росенергоатом" аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәеи арегионқәеи аус рыцуразы адепартамент адиректор Светлана Чурилова ашколхәыҷқәа апутиовкақәа рылҭеит.
"Афотопроект – алшарақәа ируакуп. Иҟоуп даҽа ԥшьгамҭақәакгьы, иаҳҳәап, апроект "Пегас", уи ԥшь-хырхарҭак: алитература, асахьаҭыхра, актиортә ҟазара, адизаин еиднакылоит", — лҳәеит лара.
Чурилова лажәақәа рыла, аԥснытәи аҿар Урыстәыла иаԥхьагылоу адизаинерцәа рыҿцаареи аус рыцуреи рзы алшара роуеит "Атомтә мода амчыбжь" амҩаԥысраан.
Атом аусхк 80 шықәса ахыҵра иазку Росатом жәларбжьаратәи апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәыдыҳәҳәалоу" афотосахьақәа рфестиваль мҩаԥысуеит Пицунда.

