Аҳәынҭавтоинспекциа аҟны амаҵзурамҩаԥгара ахаҭабзиареи алеишәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит
13:37 29.10.2025 (ирҿыцуп: 14:04 29.10.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа анапхгараҿы амаҵзурамҩаԥгара ахаҭабзиареи алеишәеи рызҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, Аҳәынҭавтоинспекциа анапхгаҩцәа, араионтә ҟәшақәеи аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә ҭыԥқәеи рнапхгаҩцәа, абри атәы аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иазгәеиҭеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара аизҳареи, аномерқәа рыда амашьынақәа рныҟәареи рхыԥхьаӡара шырацәахаз.
"Аномерқәа рыда иныҟәо амашьынақәа зегьы аанкыланы, ирымхлатәуп", — иҳәеит иара.
Уи адагьы, аусзуҩцәа зегьы хаҭалатәи ахылаԥшреи ралахәреи шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
"Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа зегьы, рықәра иахьмырԥшӡакәа, ареидқәа ирылахәхалароуп. Сара хаҭала уи ахылаԥшра асҭоит. Аҳәынҭавтоинспекциа зегьы, анапхгаҩцәа зегьы русурахь инеины, ишахәҭоу ала иҷаԥшьалароуп. Аӡәгьы изы иарбанызаалак ԥыжәара ыҟамзароуп ", — иҳәеит аминистр.