Амашьынаныҟәцаҩцәа ааԥхьара рырҭоит льготла аныҟәцаратә гәраргагақәа роура рҽахьырыгӡарц
13:51 29.10.2025 (ирҿыцуп: 14:14 29.10.2025)

© Sputnik / Максим Блинов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа ааԥхьара рырҭоит льготла урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа роура рҽахьырыгӡарц.
Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба ареспублика ауааԥсыра иргәалаиршәеит — Урыстәыла аҵакыраҿы закәанла аныҟәаразы урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа аиура шхымԥадатәиу. Иара иажәақәа рыла, аԥышәара ҿыц аҭара аҭахым, агәраргагақәа ҿыц аԥсуа зиншәҟәқәа шьаҭас иҟаҵаны ирырҭоит.
Уаанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змоу, мамзаргьы анхаразы азин змоу Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи амашьынаныҟәцаратә шәҟәқәа раиуразы ирмариоу аԥҟара шьақәыргылазарц Владимир Путин Аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан. Аусԥҟа азинмч амоуп мшаԥымза 1 2026 шықәсанӡа.
Мшаԥымза 14 2025 шықәса раахыс Аԥсны ирыҭоуп 11 нызқь цыра урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа.