https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13243
Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Михалков иҟазарҭа "12" иацны Кырӷысҭан иқәгылоит
Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Михалков иҟазарҭа "12" иацны Кырӷысҭан иқәгылоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Никита Михалков иҟазарҭа "12" иацны аспектакль "12" ықәнаргылеит Кырӷысҭан, абри атәы Sputnik... 29.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-29T19:05+0300
2025-10-29T19:05+0300
2025-10-29T19:13+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102291/43/1022914370_0:54:1024:630_1920x0_80_0_0_b55017b66d3d6f5a1093e9cbec384e38.jpg
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Никита Михалков иҟазарҭа "12" иацны аспектакль "12" ықәнаргылеит Кырӷысҭан, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.Иара иажәақәа рыла, ансамбль акәашацәеи Михалкови хәышықәса раахыс аус еицыруеит. Арҭ ашықәсқәа ирҭагӡаны дара агастроль ҳасабала урыстәылатәи ақалақьқәеи аҳәаанырцәи ирҭаахьеит. "Иахьа Бишкекҟа ҳԥыруеит, уаҟа ҩымш Урыстәыла акультура амшқәа Кырӷысҭан амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны аспектакль дырбахоит", — иҳәеит Марыхәба.Апроект нагӡоуп Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала, аиҿкааҩцәа — РОСКОНЦЕРТ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102291/43/1022914370_57:0:968:683_1920x0_80_0_0_2a57ab6d1b33e11575a23bf9f011c43c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Михалков иҟазарҭа "12" иацны Кырӷысҭан иқәгылоит
19:05 29.10.2025 (ирҿыцуп: 19:13 29.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Ахәыҷтәи акәашаратә ансамбль "Амцабз" Никита Михалков иҟазарҭа "12" иацны аспектакль "12" ықәнаргылеит Кырӷысҭан, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.
Иара иажәақәа рыла, ансамбль акәашацәеи Михалкови хәышықәса раахыс аус еицыруеит. Арҭ ашықәсқәа ирҭагӡаны дара агастроль ҳасабала урыстәылатәи ақалақьқәеи аҳәаанырцәи ирҭаахьеит.
"Иахьа Бишкекҟа ҳԥыруеит, уаҟа ҩымш Урыстәыла акультура амшқәа Кырӷысҭан амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны аспектакль дырбахоит", — иҳәеит Марыхәба.
Апроект нагӡоуп Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала, аиҿкааҩцәа — РОСКОНЦЕРТ.