https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14226
Лавров Украинатәи аиҿагылара иазкны ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз "аишәа гьежь" аҿы дықәгылеит
Лавров Украинатәи аиҿагылара иазкны ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз "аишәа гьежь" аҿы дықәгылеит
Sputnik Аҧсны
Ари аусмҩаԥгатә иара убасгьы далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. 11.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-11T13:33+0300
2025-12-11T13:33+0300
2025-12-11T14:15+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
сергеи лавров
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/02/1043916087_0:149:3113:1900_1920x0_80_0_0_02f93c8b08eeeabd193fc3754fd660d4.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Украина аимак-аиҿак аӡбара иазкны ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз "аишәа гьежь" аҿы дықәгылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла шықәсырацәалатәи аҭынчра ашьақәыргыларазы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы ишықәгыло. Украина Арбџьармчқәа ацәыӡқәа рхыԥхьаӡара миллионҩык инареиҳаны ишыҟоу, урҭ рхыԥхьаӡара ишеизҳауа. Урыстәыла Киев 11000 инареиҳаны иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа шанаҭахьоу, уи аҭакс Урыстәыла 201-ы рыԥсыбаҩқәа шаиуз.
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/02/1043916087_191:0:2922:2048_1920x0_80_0_0_0d14f306600e0e61852510dabc7dffce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина, сергеи лавров
ажәабжьқәа, украина, сергеи лавров
Лавров Украинатәи аиҿагылара иазкны ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз "аишәа гьежь" аҿы дықәгылеит
13:33 11.12.2025 (ирҿыцуп: 14:15 11.12.2025) Ари аусмҩаԥгатә иара убасгьы далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Украина аимак-аиҿак аӡбара иазкны ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз "аишәа гьежь" аҿы дықәгылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла шықәсырацәалатәи аҭынчра ашьақәыргыларазы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы ишықәгыло. Украина Арбџьармчқәа ацәыӡқәа рхыԥхьаӡара миллионҩык инареиҳаны ишыҟоу, урҭ рхыԥхьаӡара ишеизҳауа. Урыстәыла Киев 11000 инареиҳаны иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа шанаҭахьоу, уи аҭакс Урыстәыла 201-ы рыԥсыбаҩқәа шаиуз.
"Ааигәа, Америка ахада Трамп иҷыдоу ихаҭарнак Стивен Уиткофф Урыстәыла ахада Путини иареи реиԥылара ашьҭахь, аҩганкгьы, урыстәылатәии америкатәии, Алиаска иҟалаз аилибакаара шьақәдырӷәӷәеит... Абарҭ аилибакаарақәа рҵакы – Украина аблок иалам, инеитралтәу, аиадер змам аҳәынҭқарратә шьаҭақәа рахь ихынҳәыроуп ҳәа ауп", - ҳәа азгәеиҭеит адипломат.