https://sputnik-abkhazia.info/20251223/1059978428.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иааиуа ашықәс азы Аминистрцәа рхеилак ахыбра аҟазацәа иҭырҵаауеит. Уи хымԥада иаҭахуп уаанӡа Аԥсны ахада дызлацәажәахьаз аицлабразы атехникатә дҵа аҩразы... 23.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-23T18:01+0300
2025-12-23T18:01+0300
2025-12-23T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059978262_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3d9f7031c4eaf9aa7f76169b7ace7985.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иааиуа ашықәс азы Аминистрцәа рхеилак ахыбра аҟазацәа иҭырҵаауеит. Уи хымԥада иаҭахуп уаанӡа Аԥсны ахада дызлацәажәахьаз аицлабразы атехникатә дҵа аҩразы. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, ахыбра ҩынтә игәарҭахьеит, аексперттә лкаақәа еиҿагылоит азы даҽакгьы мҩаԥгатәуп."Алицензиа змоу афирмақәа ҩба зынӡа еиуеиԥшым ҩ-лкаак ҟарҵеит. Акы иаҳәоит ахыбра асеисмоҭышәынтәалара шамам, убри аҟынтә еимыхтәуп ҳәа. Аҩбатәи аҿы иаҳәоит ахыбра афбатәи аихагылаҟынӡа иааныжьны аҩда иҟоу аихагылақәа шықәгатәу", — иҳәеит иара.
Акциа "Ашанаҵла" ахыркәшаратә хәҭа мҩаԥысит Аҟәа аплатформа "Гәыма" аҟны. Аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиҳабыра алахәылацәа, агәыҳалалцәа. Афондқәа "Кьараз", "Ашана" зхылаԥшуа аҳамҭақәа рзыршеит, асааҭ 16:00 рзы аплатформахь иааит "Ашықәсҿыцазтәи адәыӷба" Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аманы. Аслан Џьынџьал, Вильсон Каленџьиан, Сабина Кәыҵниаԥҳа, Баҭал Сыҷынаа рысалам шәҟәқәа рҿы ирҩит Аԥсны ахада иабадырра ишазгәышьуа. Бадра Гәынба ахәыҷқәа ргәазыҳәара наигӡеит, ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа риҭеит. Лиза Бигәааԥҳа лакәзар, лаб ихьӡ зыхьӡу, атәыла ахада ихаҭыԥуаҩи лареи реибадырра дазгәышьуан. Лгәаҳәарагьы наӡеит.Беслан Бигәаа иара убас Аԥсны инхо аҽа ӡӷаб қәыԥшк, Даниелла Аииԥҳа лгәазыҳәара наигӡеит, уи ҳамҭас илиҭеит ачамгәыр.Акциа "Аԥснытәи аихамҩақәа", аплатформа "Гәыма", Гагра, Гуәдауҭа, Афон ҿыц рхадарақәа ркультуратә ҟәшақәеи "Аҟәатәи аниматорцәа" ргәыԥ рыцхыраарала еиҿкаауп.
Аҟәа еиҭашьақәдыргылоит ажәытә атроллеибустә маршрутқәа. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба апресс-конференциаҟны иҳәеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи азы аҳәара шыҟарҵоз. Аусура иалагараны иҟоуп ашықәс актәи аԥшьбаразы.Иара еиҭеиҳәеит Санкт-Петербург ақалақь ахадара аԥснытәи аҳҭнықалақь ҳамҭас ишарҭаз атроллеибусқәа 10. Урҭ жьҭаарамзазы Аҟәаҟа иааргар акәын. Аагара аус еиҵахеит ашәҟәбгьыцқәа рыуадаҩрақәеи атранспорт еихамҩала аагара ахьзалмыршахази ирыхҟьаны.
Ашықәсҿыцазтәи адәыӷба Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аманы Гәдоуҭаҟа иааит. Алакә персонажцәа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит, ирыцыхәмарит, ашәа рҳәеит, икәашеит. Аныҳәа еиҿкаан акциа "Ашанаҵла" аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультура-устә платформа "Гәыма", акультура-гәыҳалалратә еиҿкаарақәа "Ашана", "Кьараз" рыбзоурала. Алакә дәыӷба уаанӡа Гагра аангыларҭа "Гагрыԥшь" иаангылахьан. Иара убас, Афон ҿыци Аҟәеи иааҭгылоит.
Иааиуа ашықәс азы Аминистрцәа рхеилак ахыбра аҟазацәа иҭырҵаауеит. Уи хымԥада иаҭахуп уаанӡа Аԥсны ахада дызлацәажәахьаз аицлабразы атехникатә дҵа аҩразы. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, ахыбра ҩынтә игәарҭахьеит, аексперттә лкаақәа еиҿагылоит азы даҽакгьы мҩаԥгатәуп."Алицензиа змоу афирмақәа ҩба зынӡа еиуеиԥшым ҩ-лкаак ҟарҵеит. Акы иаҳәоит ахыбра асеисмоҭышәынтәалара шамам, убри аҟынтә еимыхтәуп ҳәа. Аҩбатәи аҿы иаҳәоит ахыбра афбатәи аихагылаҟынӡа иааныжьны аҩда иҟоу аихагылақәа шықәгатәу", — иҳәеит иара. Акциа "Ашанаҵла" ахыркәшаратә хәҭа мҩаԥысит Аҟәа аплатформа "Гәыма" аҟны. Аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиҳабыра алахәылацәа, агәыҳалалцәа. Афондқәа "Кьараз", "Ашана" зхылаԥшуа аҳамҭақәа рзыршеит, асааҭ 16:00 рзы аплатформахь иааит "Ашықәсҿыцазтәи адәыӷба" Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аманы. Аслан Џьынџьал, Вильсон Каленџьиан, Сабина Кәыҵниаԥҳа, Баҭал Сыҷынаа рысалам шәҟәқәа рҿы ирҩит Аԥсны ахада иабадырра ишазгәышьуа. Бадра Гәынба ахәыҷқәа ргәазыҳәара наигӡеит, ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа риҭеит. Лиза Бигәааԥҳа лакәзар, лаб ихьӡ зыхьӡу, атәыла ахада ихаҭыԥуаҩи лареи реибадырра дазгәышьуан. Лгәаҳәарагьы наӡеит.Беслан Бигәаа иара убас Аԥсны инхо аҽа ӡӷаб қәыԥшк, Даниелла Аииԥҳа лгәазыҳәара наигӡеит, уи ҳамҭас илиҭеит ачамгәыр.Акциа "Аԥснытәи аихамҩақәа", аплатформа "Гәыма", Гагра, Гуәдауҭа, Афон ҿыц рхадарақәа ркультуратә ҟәшақәеи "Аҟәатәи аниматорцәа" ргәыԥ рыцхыраарала еиҿкаауп.Аҟәа еиҭашьақәдыргылоит ажәытә атроллеибустә маршрутқәа. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба апресс-конференциаҟны иҳәеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра уи азы аҳәара шыҟарҵоз. Аусура иалагараны иҟоуп ашықәс актәи аԥшьбаразы.Иара еиҭеиҳәеит Санкт-Петербург ақалақь ахадара аԥснытәи аҳҭнықалақь ҳамҭас ишарҭаз атроллеибусқәа 10. Урҭ жьҭаарамзазы Аҟәаҟа иааргар акәын. Аагара аус еиҵахеит ашәҟәбгьыцқәа рыуадаҩрақәеи атранспорт еихамҩала аагара ахьзалмыршахази ирыхҟьаны.Ашықәсҿыцазтәи адәыӷба Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аманы Гәдоуҭаҟа иааит. Алакә персонажцәа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит, ирыцыхәмарит, ашәа рҳәеит, икәашеит. Аныҳәа еиҿкаан акциа "Ашанаҵла" аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультура-устә платформа "Гәыма", акультура-гәыҳалалратә еиҿкаарақәа "Ашана", "Кьараз" рыбзоурала. Алакә дәыӷба уаанӡа Гагра аангыларҭа "Гагрыԥшь" иаангылахьан. Иара убас, Афон ҿыци Аҟәеи иааҭгылоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059978262_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_e94a1e82a6ac1746c19a5c98a9c5bed4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио