Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу атәылауаҩшәҟәы роур рылшоит Урыстәыла
19:55 06.02.2026 (ирҿыцуп: 22:21 06.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 6— Sputnik. Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра змоу аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы роур рылшоит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҵакыратә усбарҭақәа рҿы, ареспубликаҿы аусшәҟәқәа рыдкыларҭатә ҭыԥқәа ахьадаркыз инамаданы.
Урыстәыла азеиԥш атәылауаҩшәҟәа рыҭареи аусшәҟәқәа реизгареи рзы уаанӡа Аԥсныҟа иаашьҭыз Амиграциатә маҵзура аспециалистцәа ргәыԥи, уи иадҳәалоу аиқәыршәагақәеи дырхынҳәит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Колбаиа.
Убри инамаданы, Аҟәа, Очамчыра, Гагра уҳәа ареспублика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Апаспорттә усбарҭа ашьаҭала иаԥҵаз ашәҟәусқәа рыдкыларҭатә ҭыԥқәа аркхоит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Уаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәеи аныҟәцаратә зини ахьрырҭо аҭыԥқәа русура шаанкылоу "аԥсуа политикатә усзуҩцәа, Жәла Реизара адепутатцәагьы налаҵаны хыхь зыӡбахә ҳәоу азиншьаҭа шамоу азы агәыҩбара шрымоу".