Афонҿыцтәи аҳәынҭдачаҿы апальмақәа реиқәырхара аус иацхраарц аҳәара ҟарҵоит
16:54 24.02.2026 (ирҿыцуп: 17:20 24.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Афонҿыцтәи аҳәынҭқарратә дачаҿы апальмақәа реиқәырхара аус иацхраарц Гәдоуҭа араион аиҳабыра Аԥсны аекологиазы аҳәынҭеилаки Аҳәынҭқарратә дачақәа рнапхгареи рахь аҳәара ҟарҵоит.
Адача аҵакыраҿы 200 рҟынӡа пальма ирызҳауан, урҭ рыхәҭак аԥынҵахәхәа-хәаҷа иахҟьаны иҭахеит, егьи ахәҭак ахәышәтәра рҭахуп.
"Ари апроблема иааиԥмырҟьаӡакәа, аамҭа-аамҭала аӡбара аҭахуп. Ҳара аспециалистцәа ааҳаԥхьахьеит, ҳрацәажәахьеит, урҭи ҳареи хымз рахь знык иадамхаргьы ахәышәтәра шымҩаԥгатәу ҳазааиит", — еиҭеиҳәеит ақалақь ахада Ҭемыр Оҭырба.
Иара иҳәеит ахәшәқәа шыҟоу, ауадаҩрақәа цәырҵуеит урҭ рхархәараан, избанзар зны-зынла цәыкәбарла ахәшә аҵла иалагалатәуп, ма адронқәа ахархәара рыҭатәуп.