Анаркотикқәа реикәыршаразы Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иԥсадгьыл ахь дрыҭоуп
17:29 17.03.2026 (ирҿыцуп: 23:05 17.03.2026)

© Sputnik / Виталий Белоусов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршаразы Урыстәыла зус ӡбоу Аԥсны атәылауаҩ иԥсадгьыл ахь дрыҭоуп анаҩстәи ашьауӷа ихигарц ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Бениа Д.Д. аӡбарҭа иқәнаҵаз ашьауӷа ареспублика абахҭаҟны ихигоит.
Аиагара усмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2015 шықәса лаҵара 28 рзы зус ӡбоу ауаа рыҭаразы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иара убас ареспублика Ашьаус-процессуалтә закәанеидкыла анормақәа инарықәыршәаны.
Ашьауӷа ахгаразы зус ӡбоу зтәылауаҩра иаҵанакуа аҳәынҭқаррахь риагара мҩаԥысуеит урҭ рсоциалтә реабилитациеи, рсоциалтә еимадарақәа реиқәырхареи, анаҩс рхы рақәиҭтәра ашьҭахь ауаажәларра рыларҵәареи хықәкыс иҟаҵаны