Гәынба иҳәеит афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" зымҽхак ҭбаау хҭыскп ҳәа
13:19 04.04.2026 (ирҿыцуп: 15:47 04.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" зымҽхак ҭбаау хҭысхеит, абри атәы иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
Аиԥш зеиԥшу ауснагӡатәқәа 2008 шықәса раахыс имҩаԥгаӡамызт, — Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеижьҭеи ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
"Знапы рыҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ҵҩа рымам, урҭ баша аусеицуразы агәҭакы акәӡам, урҭ иалкаау проектқәоуп, иалкаау усқәоуп, урҭ аекономикатә хьыԥшымреи, аекономикатә рбагақәеи реиӷьтәра иазырхоуп", —азгәеиҭеит ахада.
Имҩаԥгаз аусура иалнаршоит аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәеи ашәахтәшәарақәа зықәҵахо ашьаҭеи раԥҵара. Уи адагьы, урыстәылатәи арегионқәеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит.