Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 45 ҭадырхеит
09:18 07.04.2026 (ирҿыцуп: 10:25 07.04.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 45 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
19 — Лененградтәи аобласт аҿы,
11 — Воронежтәи аобласт аҿы,
7 — Белгородтәи аобласт аҿы,
3 — Владимиртәи аобласт аҿы,
1-1 — Бриансктәи, Волгоградтәи, Пензатәи аобластқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Амшын еиқәа инахыкни.
