Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 215 ҭадырхеит
09:31 02.05.2026 (ирҿыцуп: 11:56 02.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 2 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 215 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Новгородтәи, Смоленсктәи, Ростовтәи, Псковтәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Подмосковиеи, Ҟрыми, Азовтәи амшыни Амшын еиқәеи рқәыԥшылараҿи.