Гәынба Путини табуп ҳәа иеиҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартраз адгылара ахьидикылаз азы
20:30 09.05.2026 (ирҿыцуп: 21:18 09.05.2026)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 9 — Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәеи ареспублика аекономикатә ҿиареи иҵегьы амч рынаҭеит ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба Владимир Путини иареи реиԥылараҿы.
Аԥсны ахада урыстәылатәи аԥыза ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартраз адгылара ахьидикылаз азы.
Иара убас Гәынба иазгәеиҭеит, урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа аԥснытәи рколлегацәа аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны иҟарҵаз ацхыраареи асанитартә-епидемиологиатә лабораториа аартреи рзы.
Аԥсны ахада иара убас, Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит 14 шықәсанӡа зхыҵуа Урыстәыла атәылауаа аиразы аршаҳаҭгатә шәҟәқәа рыла аҳәаа ахысра азин ахьриҭаз азы, уи ареспублика атуризм аизырҳара иацхраауеит ҳәа азгәеиҭеит.
"Ҳҳәынҭқаррақәа реимадараҿы хаҭала иҟашәҵо азҿлымҳареи активла шәалахәреи рзы даара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", — ҳәа иҳәеит Гәынба.