Онишьенко: ЕАА абиобџьарқәа рхархәара ааныркылом, Трамп урҭ рҭыжьра афакт мап шацәикуагьы
21:17 15.05.2026 (ирҿыцуп: 23:52 15.05.2026)

© Sputnik / Владимир Трефилов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 15 — Sputnik. Еиду Америкатәи Аштатқәа абиобџьарқәа рхархәара ааныркылом, Трамп урҭ рҭыжьра афакт мап шацәикуагьы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, аҳақьым-аепидемиолог Геннади Онишьенко.
Иара иҳәеит Америкатәи ахада иҳаҩсыз ашықәс азы "Абиологиатә ҭҵаарақәа ршәарҭадара реиҳатәреи реиӷьтәреи азы" аусԥҟа инапы шаҵеиҩыз.
Онишьенко иазгәеиҭеит, адокумент аиҿартәашьа аамҭагара шалнаршо, апрограмма еиҧынкылан акәымкәа, ахәҭақәак шаланарҵәо.
"Аусҧҟа иаҧнарҟәҟәааӡом абиолабораториақәа, ЕАА абиуџьет иаҵанакуа урҭ рфинанстә цхыраара, мамзаргьы алшарақәа рырӷәӷәара ԥкра амаӡа", — азгәеиҭеит аексперт.