Ниу-Иорк иаатит Асовинформбиуро 85 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа
09:01 29.05.2026 (ирҿыцуп: 10:49 29.05.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
Анапаҵаҩра
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аштаб-квартираҿы ацәыргақәҵа – ари аҳәаанырцәтәи атәылақәак рҿы онлаин еиԥш оффлаингьы имҩаԥысраны иҟоу, зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи апроект ахацыркра ауп иаанаго.
АҞӘА, лаҵара 29 — Sputnik. Ниу-Иорк ақалақь аҿы иҟоу Еидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара ахыбраҿы иаатит ацәыргақәҵа "Асовинформбиуро 85 шықәса ахыҵит. Зыԥсы ҭоу аҭоурых. Хашҭра зқәым аамҭа".
Уаҟа ицәыргоуп амедиагәыԥ "Россия сегодня" архив аҟынтәи 1940-тәи ашықәсқәа инаркны 2020 шықәсанӡа иҭыху здаҟам 30 фотосахьа. Урҭ рыбжьара иҟоуп 1945 шықәсазы имҩаԥысыз Аиааира апарад, Иури Гагарин раԥхьаӡа акосмос ахь иԥырра, Москвеи, Шәачеи, Милани имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа уҳәа афотоҭыхымҭақәа.

Аҭыхымҭақәа равторцәа – зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьоу афотоҭыхыҩцәеи афронттә фотокорреспондентцәеи Георги Зельма, Евгени Халдеи, Владимир Гребнев, Михаил Озерски, Игор Костин уҳәа егьырҭгьы.
Ацәыргақәҵа мультимедиатәуп, аҭааҩцәа астатикатә сахьақәа рыдагьы аныҟәареи, амимикеи, аракурсқәа рыԥсахра рбоит.

1/3
© telegram sputnik_apsny_info
Асоветтә аинформациатә биуро 85 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аҟнытә

2/3
© telegram sputnik_apsny_info
Асоветтә аинформациатә биуро 85 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аҟнытә

3/3

Ицәыргоу аматериалқәа 1941 шықәсазы иаԥҵаз Совинформбиуро аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аамҭақәак рышьҭахь Абиуро еиҭакын Акьыԥхь амаҵзура "Новости" (АПН) ҳәа, анаҩс – РИА Новости ҳәа. Уи атрадициақәа иахьа ирыцнаҵоит амедиагәыԥ "Россия сегодня".
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ари аҭынха ҳаҭыр ақәҵара. Ацәыргақәҵа афотожурналистика аветеранцәа пату рықәҵара адагьы ахәаԥшҩы даанаԥхьоит – ииашоу, ацәаныррақәа зныԥшуа, иҵаулоу арепортаж атрадициақәа иахьагьы ишынхо ибарц. Ҳара ҳазгәдууп арҭ акадрқәа адунеитә еилазаара дырбара ахьалшо", – ҳәа азгәеиҭеит амедиагәыԥ адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Горностаев.
ЕАР аштаб-квартираҿы ацәыргақәҵа – ари зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи апроект ахацыркра ауп иаанаго. Илегендартәу Асовет информбиуро аиубилеи амш, рашәарамза 24 инаркни анаҩстәи амшқәеи рзы аекспозициа аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы рҿы онлаин-формат еиԥш аклассикатә експозициақәа раҳасабалагьы имҩаԥгахоит.