Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Новыи Донбасс ақыҭа ахы иақәиҭыртәит
12:22 16.06.2026 (ирҿыцуп: 18:20 16.06.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Новыи Донбасс ақыҭа ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Атактикатә авиациа, ажәыларатә дронқәа, аракетатә мчқәа, артиллериа рыла Украина Арбџьармчқәа Урыстәыла аенергетикеи атранспорттә инфраструктуреи ааха рырҭоит. Иҳаҩсыз уахыки ҽнаки ирылагӡан аҳаирхьчаратә мчқәа имҩақәҵагоу аҳауатә ртҟәацгақәа 12, ҩ-ракетак "Фламинго", 491 дрон ҭадырхеит.
Зынӡа АОҶ иалагеижьҭеи: 671 аҳаирплан, 284 вертолиот, 163145 дрон, 662 азенит ракетатә комплексқәа, 29,803 атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә системақәеи, 1 736 аибашьыгатә машьынаа, 35 375 адәнытә артиллериатә мыругақәеи аминаршәгеи, 64 190 ак иҷыдоу арратә техникеи ҭархоуп.