00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳаҟьеи, аԥхныгеи, нас аџьыкеи: аџьыкахразы иманшәалоу аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызкны

© Sputnik / Томас Тхайцук Традиционный праздник урожая прошел на исторической поляне в селе Лыхны с участием представителей всех сел Гудаутского района и Нового Афона в воскресенье 30 октября
Традиционный праздник урожая прошел на исторической поляне в селе Лыхны с участием представителей всех сел Гудаутского района и Нового Афона в воскресенье 30 октября  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2026
Анапаҵаҩра
Ицаҳәцаҳәуа аԥсуа џьыка злархуа аҳаҟьеи аԥхныгеи ирызку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Угәы зырхаауа аԥсуа милаҭтә фатәқәа: аҟәыдыршьшьы, аҟәыдеилыршәшәа, ачаԥа, абҳәаса сыӡбал, арашых, акәты еилыршәшәа уҳәа зегьы еидызкыло – урҭ аныҟарҵо ирыларҵо апарпылца иалху, аԥсуаа инарҭбааны рхы иадырхәо апырпыл џьыка ауп.
"Лпарпыл џьыка, лхәыл, лџыш, лџьымшьы – дарбаныз иамеилаҳарыз, ргьама зымбацыз! Дкәалкәало зегьы дрышьҭан, ацәгьеи-абзиеи лыҽрыглырхомызт. Лышҭа-хкаара ибзарыбзаруа кәытгәарҭак лызҭан…" - абас ажәала аԥсуа ԥхәыс лсахьа ҭихуеит арҿиаҩы Сергеи Кәыҵниа ироман "Набжьоутәи ахҭысқәа" рҿы.
Аҷандара ақыҭа аџьыка аҟаҵара - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2016
Ицаҳәцаҳәо аԥсуа "ахәша"
Жәаҳәарада, акыр шықәсақәа раԥхьа аԥҳәыс лыкҿаҩра аиҿкаара, афатә аҟаҵара лцәыуадаҩхон ахаҳәтә маҭәарқәа – аҳаҟьеи аԥхныгеи лымамызҭгьы. Аџьабаа закәу здыруаз аԥсуа ҳәсақәа рнапқәа аҳаҟьа ҟьаҟьа инықәырхәмаруа, ԥхныгала апырпылца рҟәыцуа, архаагақәа налаԥсо амцеиԥш еилҟьоу апырпыл џьыка рхуан.
Ҳаамҭазы аҳаҟьеи аԥхныгеи зыԥсахыз афымца хыгақәа аларҵәара ӷәӷәа шрымоугьы, иҟоуп аҳәсақәа жәытәла аџьыка зхуа, ус еиҳа агьама еиӷьуп ҳәа азгәаҭаны.

Аритуалқәа

Аԥсуаа жәытәла имҩаԥыргоз аритуалқәа рҿы инарылукаартә иҟоуп ҷыдала аԥсабаратә цәырҵрақәа рырҭынчра, рҭышәныртәалара иазку. Иаагозар, аԥшасра ианалага, шьҭа иханарҟьацәоума уҳәо ианыҟало арҭынчразы имҩаԥыргоз аритуал иахьӡын "аԥшаҿаҳәара".
Иҟан аԥхныга ала аԥша анҿарҳәоз. "Аҩны аԥшәма ԥхәыс лоуп иҟазҵо. Аԥхныга аашьҭыхны "абри ашәа ухьанҭахааит!" ҳәа хынтә илҳәоит, нас ахәшҭаара ааигәара џьара ишьҭалҵоит".(Ахыҵхырҭа: Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали".)
Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Мчыбжьык ахьтә ҩымш "ишьатәу" мышқәаны иалырхуеит. "Афольклорист Цира Габниаԥҳа ланҵамҭақәа рҿы илыҩуеит Џьгьарда ақыҭан инхо Багаԥшьаа мышшьарас ирымоу сабшоуп. Асабша аҽны аҳаҟьа акгьы ықәҵаны ирхӡомызт, аԥстәы, аԥсаатә ахәда хырҵәаӡомызт" ҳәа.
Дорога, затопленная во время прохождения урагана Дориан во Фрипорте, Багамы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2023
Аԥсны
Агәыблаа, аԥхныга, алагьан, нас акасы: ижәытәу аԥшаҿаҳәара ақьабз иазкны

Жәлар рҳәамҭак

Ҳмилаҭ рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа беиаӡоуп. Уаныргәылаԥшлак, узыхцәажәар иуҭаху иарбан темазаалак иашьашәалоу ҳәамҭак "ахы унамырдырыр" залшом. "Иԥшаауа еснагь ииҭаху иԥшаауеит" рымҳәои.
"Аҳаҟьа, аԥхныга, аӡаӡ, аҳәынаԥ, ахәарҭа - ҳәа хәҩык аишьцәа ыҟазаарын. Арҭ ахәҩыкгьы еисит. Игәаан, хаз-хазы итәеит.
– Уара еиҳа улшоит, аӡаӡ, ашьапымаҭәа хар иуӡахуеит. Ахәарҭа, уара ашә ҟарҵар иуҭарҵоит, аҳаҟьа уаргьы умаҭәахәуп, сара соуп акгьы злымшо, есымша сышдыркәаталеиуаз, сыршьит, – аҳәеит аԥхныга.
– Ҳаи, уара саргьы егьсылшом, иҟасҵарызеи? – аҳәеит аҳәынаԥ.
Ажәеи ажәеи еихҳәаауа - досу ирылшо ԥыршәарц рыӡбеит.
Аԥхныга неины ашәхымс иқәлеит, аӡаӡ аҟәардә иалалеит, аҳаҟьа ахәыблы иқәлеит, аҳәынаԥ ахәшҭаара иҽҳәалеит, ахәарҭа акәзар аҭуан ихалеит.
Ауаҩы дааит, иҿиҭит, иҿиҭит, аха аӡәгьы ддәылҵуам. Аҩны данааҩнала, ашәхымс аҿы аԥхныга дахҟьашеит, аҟәардә даннықәтәа, ишьҭахь аӡаӡ алалеит. Ҳаи, ҳәа данҩаҵҟьа, ахәыблы ихы лаҵасын, аԥхныга алыҩрит, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха ахәшҭаарахьы даныҩеиха, аҳәынаԥ иҿаԥалеит. Аҩны ддәылҵырц даналага, ахәарҭа алыбган ихы иҭаԥеит".(Ахыҵхырҭа:"Аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәак". Аҟәа – 2004.)
Абасала, аицлабра ҵызгаз амаҭәарқәа ауаҩы аарла иԥсы рцәигеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0