Гәдоуҭа инхо ахаҵа ауаҩшьразы 9 шықәса аҭакра иқәҵоуп
14:05 23.06.2026 (ирҿыцуп: 16:21 23.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 23 — Sputnik. Гәдоуҭа инхо Осман Шамба зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы 9 шықәса аҭакра иқәҵоуп.
Иара Станислав Агәмаа ишьразы ахара идҵоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Аӡбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, 2025 шықәса цәыббра 7 ахәылбыҽха, Гәдоуҭа Афырхацәеи Маани амҩақәа реихысырҭаҿы Шамбеи Агәмааи ирыбжьалаз аимак иахҟьаны аисрахь ииасит.
Убри аан Шамба Агәмаа иуаҭәа адаԥшь иахьаҵанакуа иалакьакьо-иԥызҟо маҭәарла ааха ииҭеит. Агәмаа иоуз ахәра иахҟьаны Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.