Аԥсны урыстәылаа аԥхынтәи рыԥсшьаразы зегь раасҭа ибиуџьеттәу хырхарҭаны иҟалеит
17:55 23.06.2026 (ирҿыцуп: 18:11 23.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 23 — Sputnik. Аԥсны урыстәылаа аԥхынтәи рыԥсшьаразы зегь раасҭа ибиуџьеттәу аҳәаанырцәтәи хырхарҭаны иҟалеит.
Ԥхынгәымзазы ареспубликахь атурқәа рыхәԥса иалагоит (шьыжьхьа зцу жәамш рыҟазааразы) 70-80 нызқь мааҭ инаркны. Асистема "Зегь аҵанакуеит" аҿырԥшқәа рыла 180 нызқь мааҭ инаркны ирықәхарџьхоит ҳәа аҳәоит АТОР адыррақәа.
Еиҿҳарԥшуазар, Ҭырқәтәылеи Мсреи аиԥш зеиԥшу аамҭазы ҩыџьа рзы аԥсшьара 130-140 нызқь мааҭ инаркны иаԥсоуп, китаитәи адгьылбжьаха Ҳаинан ахь ацара – 140-150 нызқь мааҭ инаркны. Аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа рҿы акәзар, иаҳҳәап Азербаиџьан, шьыжьхьафара ацны 210-220 нызқь мааҭ инаркны уԥсы ушьар ҟалоит ҳәа азгәарҭоит ассоциациаҿы.
Ишиашоу атранспорттә еимадара аҟазаара традициала атуристтә хырхарҭақәа рҭаххара аизҳара иацхраауеит. Аҟазацәа ргәаанагарала, ишиашоу ицо ареисқәа ирылшоит аԥсшьацәа раара 30% рҟынӡа аизырҳара ҳәа рҳәоит АТОР аҿы.