Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 356 ҭадырхеит
09:14 28.07.2026 (ирҿыцуп: 09:51 28.07.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа рдронқәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәылара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 356 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Тулатәи, Ростовтәи, Риазантәи, Смоленсктәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Азовтәи амшын ақәыԥшылараҿы.