Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 371 ҭадырхеит
09:23 31.07.2026 (ирҿыцуп: 10:21 31.07.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 371 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Волгоградтәи, Курстәи, Ростовтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Даӷьсҭан, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Азовтәи амшыни Амшын еиқәа рқәыԥшылараҿы.